Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: амшцәгьа, атурсезон аихшьаалақәа, Маргарита Симониан ллекциа

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШторм в Сочи
Шторм в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит абҵара 27 инаркны ԥхынҷкәын 3-нӡа есымчыбжьатәи иалкаау ахҭысқәа рыхҳәаа.
Амшынцәқәырԥара ахҟьаԥҟьақәа, аԥхынтәи аамҭазы атәыла заҟаҩ атуристцәа аҭааз, аҵарауаа Аҟәа амшынқәыԥшылараҿ ирԥшаауа, Аҟәа 2024 шықәсазтәи абиуџьет уҳәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Ашықәс амшынцәқәырԥара

Абҵара 26 - 27 рзы зеиԥш ҟамлацыз амшынцәқәырԥақәа Урыстәыла арегионқәаки Аԥсны ақалақьқәа Гагреи Аҟәеи ааха рынаҭеит.
Ареспубликаҿ аиҳарак аԥхасҭа ҟалеит Гагра араион аҿы. Ара аҽазныкгьы ахатәыҩнқәа, аӡыҭгагақәа, аенергетикатә инфраструктура аӡы рыҵалеит. Уи инадҳәаланы Гагра ауааԥсыра хымш ӡыда иҟан.
Последствия после потопа в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.11.2023
Аԥсны
Гагра иҟаз аԥшасра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраз аусурақәа 200-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра алахәуп
Аҭыԥантәи акоммуналтә нхамҩақәа еиҿыркааит ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара. Аԥхасҭа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иадԥхьалан 200-ҩык рҟынӡа ауаа.
Пицунда акәзар аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа аӡы рыҵалеит, афымцацәаҳәақәа ԥҵәеит, аҵлақәа каҳаит. Ацәқәырԥақәа Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарраҟны 30 ԥсаҵла рдацқәа аадырԥшит.
"Аԥсабаратә рыцҳара аиҳарак амшын аԥшаҳәа аҵанакит. Ароуп иахьрызҳауа пицундатәи аԥсақәа. Бжьаратәла, ҳдыррақәа рыла, 80-100 шықәса зхыҵуаз аҵлақәа хәба каҳаит, даҽа хә-ҵлак рдацқәа аӡы иҵнаӡәӡәааит. 20 ԥсаҵла, зықәра маҷқәаз, еизҳап ҳәагьы ҳзықәгәыӷуаз, зынӡа иҭахеит", - ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра аҭҵаарадырразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Сабина Лобода.
Лобода лажәақәа рыла, ааха аиуит Ашәҟәы ҟаԥшь иану, панкрациа захьӡу ашәҭхкы. Зеиԥш маҷу ари аҵиаа абжак аӡы иагеит, иаанхаз ашьаҭақәа адгьыл иалаԥсны иркуп.
Последствия шторма в Пицундо-Мюссерском заповеднике - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Аԥсны
Пицунда амшынцәқәырԥара ду ашьҭахь жәабала аԥсақәа ааха роуит
Алаҳаӡы ақыҭаҿы аӡы рыҵалеит 15 хатәыҩны, асассаирҭақәа хәба, ааха рыҭоуп аԥхынтәи акаҳуажәырҭақәа быжьба, ахәҳаахәҭратә ҭыԥқәа жәаба.
Аҟәа, Алашарбага аҳаблан ҩ-ҩнык аӡы рыҩналеит. Урҭ руак уаҩ дахӡам. Гагра араиони Аҟәеи рҿы аусурақәа мҩаԥыргон ареспублика АҶА.

Асезон аихшьаалақәа

Аԥсны атуризм аминистрра 2023 шықәсазы атуристтә хыбрақәа русура анализ азнауит абҵара 29 рзы.
Миллионҩык иреиҳаны аԥсшьацәа Аԥсны иаҭааит 2023 шықәсазы ҳәа иҳәеит акурорттә сезон алкаақәа рзыҟаҵара иазкыз апресс-конференциаҿы атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц. Иара иажәақәа рыла, 300 нызқьҩыуаак рыԥсы ршьон асасааирҭақәеи ахатә сектори рҿы. Иҭиу абилеҭқәа рышьаҭала аекскурсиақәа мҩаԥыргеит ҳәа ишьоуп 936 591-ҩык.
Ажьырныҳәа 1 - абҵара 1 рыбжьара атуризм аусхк аҟны ашәахтәшәара 742,8 млн мааҭ инаӡеит.
Риҵатәи амилаҭтә парк иаҭааит 572 737-ҩык, Афон ҿыцтәи аҳаԥы – 385 000 нызқьҩык.
2023 шықәсазы аусура иалагеит атуристтә хырхарҭамҩа ҿыц акруизтә ӷба "Князь Владимир", уи имҩаԥнагеит 1034-ҩык.
Аԥышәаратә режим ала астанциа "Аҟәа" аҟынӡа аныҟәара иалагеит атуристтә дәыӷба "Риҵа".
Сынтәа аусура иалагеит 13 туристтә ргыларақәа.
Пицунда - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.11.2023
Аԥсны
Аџьба еиҭеиҳәеит Пицунда аӡынгьы аԥсшьаҩцәа шаднакыло атәы
Ииасыз амчыбжь азы Аҟәа имҩаԥган Аԥсни Урыстәылеи ртуристтә еилазаара рхаҭарнакцәа реилацәажәара, ареспубликаҿы атуризм аҿиара аналаиз аҭара иазкны.
Аекономика аминистр Кристина Озган иазгәалҭеит атуристтә усура хра аманы аҿиара атәылаз акыршаҵанакуа, уи ареспублика абиуџьет абжеиҳара ахьеиҿнакаауазы.
Ауснагӡатә даҭааит Беларуссиа атуризм аиндустриа Аидгыла ахантәаҩы Филипп Гулыи.
Иара иҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсны иаҭаауа беларуссиатәи атуристцәа рхыԥхьаӡара шырацәахаз.
Гулыи игәаанагарала Аԥсни Беларуссиеи реинырра хра аманы аҟаҵаразы иаҭахуп атуристтә путиовкақәа рыҭира анырра азҭаша аилаӡарақәа, аиқәшаҳаҭрақәа.
Апарламент адепутат Алхас Барцыц иазгәеиҭеит атуризм аҿиара акомплекстә знеишьа шаҭаху.

Амаининг аҿагылара

Аԥсны амаининг аԥырҟәҟәаразы аусурақәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Закәаншьаҭада иҟоу акриптофермақәа раарԥшразы агәаҭарақәа мҩаԥган Очамчыра, Гәылрыԥшь, Гагра араионқәа рҿы. Мчыбжьык аҩнуҵҟа Аԥсны амаининг хархәагақәа шәкы инареиҳаны ауааԥсыра ирылыргеит.
Амаининг хархәагақәа зегьы аамҭалатәи аҵәахырҭақәа рахь инагоуп. Изтәу административтә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп.
Стойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2023
Аԥсны
Мчыбжьык аҩнуҵҟа Аԥсны шәкы инареиҳаны амаининг хархәагақәа рылыргеит

Донбасс ахақәиҭраз иҭахеит

Донбасс иҭахаз ҩыџьа ҳтәылауаа, Шамил Дасаниеи Марзаҟан Ачбеи рыԥсыбаҩқәа Аԥсныҟа иааргеит АҶА аусзуҩцәа.
Аибашьцәа анышә иамардеит Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭаҿи Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭаҿи.
Уаанӡа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥснынтә еснагь Донбасс еибашьуа ҳтәылауаа агуманитартә цхыраара шрырҭои хатәгәаԥхарала еибашьуаз аԥсуаа маҷымкәа ишҭахахьоуи рзы.

Аҳҭнықалақь абиуџьет

Аҟәа ақалақьтә еизара адепутатцәа 2024 шықәсазтәи ақалақь абиуџьет актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.
Алагалақәа реицҵалыҵ милиардки 740 млн 801 нызқьмааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, аныхрақәа реицҵалыҵ милиардки 821 млн 801 нызқьмааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп.
Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абиуџьетбжьаратә трансферқәа рзеиԥш мҽхакы 81 млн мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп.
2024 шықәсазы иазгәаҭоуп Аҟәа абиуџьет алагала 2023 шықәса иаҿырԥшны 220 млн 577 нызқьмааҭ рыла ашьҭыхра.
Иазгәаҭоу аизҳара алагала хадақәа – ахашәалазы ашәахтә, амазаразы ашәахтә, адгьыл азы ашәахтәқәа реизҳара, иара убасгьы ашәахтәқәа реизакра иазырхоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгареи реизгареи алзыршараны иҟоу.

Аҟәатәи амшынқәыԥшылараҿ аҭҵаара

Аԥсни Урыстәылеи рархеологцәа аӡаҵаҟатәи аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит Аҟәа амшынқәыԥшылара аҟны ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Севастопольтәи ауниверситет акафедра адоцент, Мрагылараҭҵаара аинститут Ҟрыми Амшынбжьареи рҭоурых-археологиатә ҭҵаара Ацентр анапхгаҩы Виктор Лебедински.
Лебедински иажәақәа рыла, уажәы иҭырҵаауеит Диоскуриеи Себастополиси ыҟан ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҭыԥ.
“Ари аҭыԥ аинтерес аҵоуп аӡаҵаҟатәи-археологиатә ҭҵааразы. Раԥхьа иргыланы ара абаӷәаза ыҟан. Араион ахь аӷбақәа рацәаны иааиуан. Ус анакәха иҟазароуп иӡааҟәрылаз аӷбақәа, абаӷәаза ацәынхақәа. Иара убасгьы ҳара иаадыруеит еиҳа ихьшәаз аамҭақәа рзгьы ара иахьазы аӡаҵаҟа ишьҭоу аргыларақәа шыҟоу. Уи аганахьала уаанӡа акыр аԥшаахқәа аарԥшын – амармалташьлых стела. Уи уажәы Аԥснытәи амузеи аҿы иҵәахуп, шаҳаҭра ауеит ажәытә антикатәи ақалақь араҟа џьара ишгылаз", - ҳәа иҳәоит Лебедински.
Уажәы аҵарауаа Басла аӡиас аҿы аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит, ирыԥшаахьеит ахыжәжәарақәа. Аҵарауаҩ ишиҳәо ала, урҭ абаӷәаза иахәҭакзар ҟалоит мамзаргьы ахыхьчагақәа ирыҵаркуазар ҟалоит.

Афиналбжеи аконцертқәеи

Амузыкатә проект "Apsny Star" ахԥатәи асезон афиналбжа мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, абҵара 28 рзы.
Ақәгыларақәа реихшьаалақәа рыла апроект аанрыжьит арҵаҩы Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Кристина Кәыбрааԥҳаи, Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Рената Хаџьиевеи.
Апроект афинал ахь инеит Ильда Кәычбериаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи Иракли Џьумутиеи, Миранда Мархолиаԥҳаи, Лола Колбаиаԥҳаи, Самвел Миракиани.
Фаиа Мархолиаԥҳа лгәыԥ аҟынтәи апроект иацырҵоит Софиа Миаукина, Викториа Лабиаԥҳа, Сариа Аииԥҳа, Аслан Шьакаиа.
"Apsny Star" асуперсезон хыркәшахоит ԥхынҷкәын 22 рзы.
Полуфинал третьего сезона музыкального проекта Apsny Star - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Аԥсны
Шьаҿак аиааираҟынӡа: апроект "Apsny Star" афинал ахь инеиз
Акомпозитор Мураҭ Кабардокови агәыԥ "Клевер-квартети" рконцерт мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы ԥхынҷкәын 1 азы.
Аконцерт аҿы Мураҭ Кабардоков ихатәы ашәақәа, академиатә рҿиамҭақәа, афильмқәа рзы иихәыцыз арҿиамҭақәа наигӡеит. Уи адагьы, ахәылԥаз апрограммаҿы иҟан афольклортә композициақәа, аурыс жәлар рмузыка.
Мураҭ Кабардоков – урыстәылатәи акомпозитор, апианист, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Жәлар рартист, Адыгеиа зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, Урыстәыла Акомпозиторцәа реидгыла алахәыла. Александр Сокуров, Кантемир Балагов, Виктор Алфиоров, Илиа Учитель уҳәа акинорежиссиорцәа аӡәырҩы рфильмқәа рзы амузыка автор.
Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны жәлар рҟазара Ареспубликатә центр аихшьаалатә концерт мҩаԥысит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониаҟны абҵара 30 рзы.
Аконцерт иалахәын 2023 шықәса аҩнуҵҟа Ацентр имҩаԥнагаз аицлабрақәа рлауреатцәа.
Рықәгыларақәа рыла еизаз дыргәырӷьон авокал-инструменталтә ансамбль "Агәыӷра", ансамбльқәа "Аԥхьарца", "Ахьышьҭра", "Кәыдры", Уарада" уҳәа аколлективқәа рацәаны. Уи адагьы афилармониа асценахь ицәырҵит жәлар рыкәашарақәеи ҳаамҭазтәи акәашарақәеи назыгӡо ахәыҷ-қәыԥштә хореографиатә ансамбльқәа.
Зрители - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2023
Аԥсны
Аиашьа иконцерт: Мураҭ Кабардоков Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы дшықәгылаз

Маргарита Симониан ААУ лҭаара

Амедиагәыԥ "Россия сегодня", ателеканал RT аредактор хада Маргарита Симониан аԥсуа студентцәа дырԥылеит ААУ аҟны, амҽышаҽны ԥхынҷкәын 3 рзы.
Еицырдыруа ажурналист Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәеи, аекономика аҿиашьеи уҳәа рзы илырҭоз азҵаарақәа рҭакқәа ҟалҵеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0