00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Анқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәа аӡымҩангагақәа рыԥсахра шаҟа аамҭа аҭаххо атәы

Анқәаб еиҭеиҳәеит Аҟәа аӡымҩангагақәа рыԥсахра шаҟа аамҭа аҭаххо атәы
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит ԥхынҷкәын 7 рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳаит "Аҟәатәи аӡыршьҭра". Аӡоужьра аанкылазаауеит асааҭ 18:00 рҟынӡа: Аҳабла ҿыц, Гәымсҭа аиланхарҭа, Ешба имҩа, Ажәытә ҳабла, авокзал, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, ВИЕМ, аџьармыкьа, Алашарбага аҳабла рҿы. Арҭ аусурақәа планла иарбазу, еиԥҟьарақәак ирыхҟьану изымҩаԥысуа, аӡымҩангагақәа рҟынтәи аҳҭнықалақь аҟны шаҟа ԥсаху, иҵегьы шаҟа аамҭа аҭаххо егьырҭ рыԥсахразы - абарҭ азҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит "Аҟәатәи аӡыршьҭра" аиҳабы Мераб Анқәаб.
"Ақалақь зегьы аҟны шаҟа ҳаԥсахыз ҳәа иҭҵааны исымаӡам, аха сгәаанагарала, 10% ԥсахзар ҟалап, ма усҟак ыҟамзаргьы. Ақалақь агәыҟны 3-4 мҩаду рҟны иҳаԥсаххьеит акәымзар, егьи зегьы ажәытә ӡымҩангагақәа роуп иҵоу", - иҳәеит Анқәаб.
Иара иажәақәа рыла, аӡымҩангагақәа рыԥсахра рнапы алакуижьҭеи жәабаҟа шықәса ҵуеит. Аусура ажәабатәи ахәҭак ауп макьаназы инагӡоу.
"Аӡымҩангагақәа аҭыџь иалхуп, 80-90 шықәса рхыҵуеит. Ихьанҭоу атехниказы иазгәарымҭаӡеит. Дара иҵауланы 2,5 метра иҵоуп, аха амашьына дуқәа 40-45 тонна иҟоу адгьыл дырҵысуеит. Аӡымҩангагақәа ахьеибарку идырҵысуеит. Аҩнқәа рахь инеиуа аӡымҩангагақәа зегьы аиха иалхуп, урҭ иаҳа ирласны ибаауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Анқәаб.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0