https://sputnik-abkhazia.info/20231208/amanyzara-anuua-amaa-zeg-uzaatueit-sputnik-asny-airamsh-iazkny-1049341402.html
"Амҩанызара анууа амҩақәа зегь узаатуеит": Sputnik Аԥсны аирамш иазкны
"Амҩанызара анууа амҩақәа зегь узаатуеит": Sputnik Аԥсны аирамш иазкны
Sputnik Аҧсны
2014 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы раԥхьаӡа акәны онлаин ахь ицәырҵит Sputnik Аԥсны. Уи аахыс 9 шықәса ирылагӡаны асаит аџьабаа адырбалахьеит жәаҩыла аредакторцәа... 08.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-08T12:00+0300
2023-12-08T12:00+0300
2023-12-08T12:00+0300
аԥсны
агәаанагара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102909/41/1029094150_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_b8cf1766a2ff42831bfe13242af01a87.jpg
Иара убас уи аусура иузаҟәыҭхом зхатәы автортә нҵамҭақәа ҳзызыҩуа ҳколлегацәа. Урҭ дреиуоуп аԥсуаа рҵас-рқьабз ҳдаҟьаҟны иӡырызго афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа. Лара иахьа иаҳзеиҭалҳәоит Sputnik Аԥсны аус ацушьа зеиԥшроу.Sputnik"Аӡиас амҩа укыр, аҽа мҩак аԥшаауеит" рҳәоит! "Амҩаныза" (Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны - аред.) амҩақәа ракәзар, ажәлар рахь игоуп. 2018 шықәса раахыс амҩанызара уа мҩак сануп саргьы. Занааҭла снапы злаку аус аԥсуа фольклор, лымкаала аԥсуа ҿаԥыцтә мифологиатә жәабжьқәа ранҵареи рыҭҵаареи шакәу ала, исымҩатәны "Амҩанызахь" сымҩахыҵра иманшәалан иҟалеит ҳәа сҳәар ауеит. "Амҩанызахь" сшьаҿа анеихысгозгьы, абри сзанааҭтә хырхарҭала ажәлар рахь аинформациа назгаларц сыӡбеит, амала стематикатә ҳәаа сырҭбааит. Уи аҿы исыцхрааит иара "Амҩаныза" ахаҭа. "Амҩанызазы" атемақәа санрызхәыцуаз, ажәлар еиҳа ирзааигәаз, дара синформантцәа реиҳа ргәы иҵхоз азҵаарақәа, реиҳа лассы-лассы излацәажәоз, рыԥсҭазаара зызку, дара рҿаԥыцтә дыррақәа – абарҭ роуп иӡырызгаӡогьы. Аха дара убарҭ аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә дыррақәагьы аинформациатә цәаҩа ахаҵаны, аԥсуаа ртрадициатә культура дуӡӡа аинтернет аҳәаақәа рҿы, аинформациатә маҵзурала ацәыргаразы акыр исшәоит-исзоит есымша. Иарбан материалзаалакгьы сара сзын ԥсҭазаара дуӡӡоуп, иаҵоу акәамаҵамақәа рацәоуп, иагу-иабзоугьы ҟалашт, аха ахықәкы хада нанагӡоит ҳәа сгәы иаанагоит.Ирацәоуп арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны "Амҩаныза" ала ицәыргаз аԥсуаа рдоуҳа, ртрадициатә культура азҵаара. Иазгәасҭар сҭахуп, дара азҵаарақәа акы аҟынтәи даҽакахьы снеиҭаԥо акәымкәа, иахьынӡалшо ала иԥкаауа, циклла еихшаны сышрылацәажәо. Иаҳҳәап, аԥсуа чараура атрадициа сматериал аназыскуа, уи темак ала ихыркәшаӡам, иара иадҳәалоу азҵаарақәа еихшаны, хаз-хазы ирзааҭгылоуп (уи аҭаца аҩн ду лыҩнагалара, лныҳәара, амаҳә иҭыԥ, амаҳә инашьҭра, ачара аушьа ахаҭа уҳәа жәпакы), аԥсра иадҳәалоу аҵасқәа ракәзаргьы, убас: аншьан закәу, ишыҟарҵоз, аԥсаҭатә, ашьамаҟа закәу, аҭарчеи уҳәа, иара аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа шымҩаԥысуа ртәы. Абас темацыԥхьаӡа ацикл дуқәа зызку зҵаатәқәоуп.Зегь реиҳа иалыскаар сҭахуп "Амҩанызеи" сареи иҳалшаз – аԥсуа ҭҵаарадырраҿы ус хаз-хазы иазку анҵамҭақәа маҷымкәа ишыҟоугьы, аԥсуа жәлар рамзар иазкны иаку аҭҵаамҭа ыҟам. "Амҩанызеи" сареи уи аганахьала акыр аматериал азҳархиеит, аӡын-ааԥынтәи, аԥхын-ҭагалантәи жәлар рамзар иадҳәалоу аныҳәарақәа маҷымкәа ианаҳҵеит. Урҭ зегьы хаҭала ҳарҭааны, афото-авидеоматериал рыла еиқәыршәан.Абасала, "Амҩанызеи" сареи ҳамҩақәа аартуа ҳаауеит, макьанагьы иааҳмыртыц рацәоуп, ҭабара зқәым аӡыхь еиԥш… Ирыдысныҳәалар сҭахуп сҩызцәа амҩанызацәа урҭ рымшныҳәа. "Амҩаныза" иазеиӷьасшьоит ажәлар рахь иаанартуа амҩа, инанаго аинформациа еснагь илашазарц, ҭабара зқәым аӡыхь еиԥш иҵхәраа ицалартә еиԥш!
https://sputnik-abkhazia.info/20220525/zhlar-rdoua-oduaa-anaa-nasyla-eisharts-azy-alegendaa-rty-1039244534.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211024/lan-dyryua-lya-dyrgeit--aysaagarei-khaatsarei-ur-irytsu-ashei-1035947880.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190714/Antsaa-Antsarnyara-Khykh-iou---abshra-iatu-anaa-rnya-1027911037.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102909/41/1029094150_158:0:1935:1333_1920x0_80_0_0_631cd5e4bee39f31c6fd7d70c084002a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
агәаанагара
"Амҩанызара анууа амҩақәа зегь узаатуеит": Sputnik Аԥсны аирамш иазкны
Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
2014 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы раԥхьаӡа акәны онлаин ахь ицәырҵит Sputnik Аԥсны. Уи аахыс 9 шықәса ирылагӡаны асаит аџьабаа адырбалахьеит жәаҩыла аредакторцәа, акорреспондентцәа, афото-авидеоҭыхыҩцәа, арадио аусзуҩцәа уҳәа аӡәырҩы.
Иара убас уи аусура иузаҟәыҭхом зхатәы автортә нҵамҭақәа ҳзызыҩуа ҳколлегацәа. Урҭ дреиуоуп аԥсуаа рҵас-рқьабз ҳдаҟьаҟны иӡырызго афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа. Лара иахьа иаҳзеиҭалҳәоит Sputnik Аԥсны аус ацушьа зеиԥшроу.
"Аӡиас амҩа укыр, аҽа мҩак аԥшаауеит" рҳәоит! "Амҩаныза" (Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны - аред.) амҩақәа ракәзар, ажәлар рахь игоуп. 2018 шықәса раахыс амҩанызара уа мҩак сануп саргьы. Занааҭла снапы злаку аус аԥсуа фольклор, лымкаала аԥсуа ҿаԥыцтә мифологиатә жәабжьқәа ранҵареи рыҭҵаареи шакәу ала, исымҩатәны "Амҩанызахь" сымҩахыҵра иманшәалан иҟалеит ҳәа сҳәар ауеит. "Амҩанызахь" сшьаҿа анеихысгозгьы, абри сзанааҭтә хырхарҭала ажәлар рахь аинформациа назгаларц сыӡбеит, амала стематикатә ҳәаа сырҭбааит. Уи аҿы исыцхрааит иара "Амҩаныза" ахаҭа. "Амҩанызазы" атемақәа санрызхәыцуаз, ажәлар еиҳа ирзааигәаз, дара синформантцәа реиҳа ргәы иҵхоз азҵаарақәа, реиҳа лассы-лассы излацәажәоз, рыԥсҭазаара зызку, дара рҿаԥыцтә дыррақәа – абарҭ роуп иӡырызгаӡогьы. Аха дара убарҭ аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә дыррақәагьы аинформациатә цәаҩа ахаҵаны, аԥсуаа ртрадициатә культура дуӡӡа аинтернет аҳәаақәа рҿы, аинформациатә маҵзурала ацәыргаразы акыр исшәоит-исзоит есымша. Иарбан материалзаалакгьы сара сзын ԥсҭазаара дуӡӡоуп, иаҵоу акәамаҵамақәа рацәоуп, иагу-иабзоугьы ҟалашт, аха ахықәкы хада нанагӡоит ҳәа сгәы иаанагоит.
Ирацәоуп арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны "Амҩаныза" ала ицәыргаз аԥсуаа рдоуҳа, ртрадициатә культура азҵаара. Иазгәасҭар сҭахуп, дара азҵаарақәа акы аҟынтәи даҽакахьы снеиҭаԥо акәымкәа, иахьынӡалшо ала иԥкаауа, циклла еихшаны сышрылацәажәо. Иаҳҳәап, аԥсуа чараура атрадициа сматериал аназыскуа, уи темак ала ихыркәшаӡам, иара иадҳәалоу азҵаарақәа еихшаны, хаз-хазы ирзааҭгылоуп (уи аҭаца аҩн ду лыҩнагалара, лныҳәара, амаҳә иҭыԥ, амаҳә инашьҭра, ачара аушьа ахаҭа уҳәа жәпакы), аԥсра иадҳәалоу аҵасқәа ракәзаргьы, убас: аншьан закәу, ишыҟарҵоз, аԥсаҭатә, ашьамаҟа закәу, аҭарчеи уҳәа, иара аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа шымҩаԥысуа ртәы. Абас темацыԥхьаӡа ацикл дуқәа зызку зҵаатәқәоуп.
Зегь реиҳа иалыскаар сҭахуп "Амҩанызеи" сареи иҳалшаз – аԥсуа ҭҵаарадырраҿы ус хаз-хазы иазку анҵамҭақәа маҷымкәа ишыҟоугьы, аԥсуа жәлар рамзар иазкны иаку аҭҵаамҭа ыҟам. "Амҩанызеи" сареи уи аганахьала акыр аматериал азҳархиеит, аӡын-ааԥынтәи, аԥхын-ҭагалантәи жәлар рамзар иадҳәалоу аныҳәарақәа маҷымкәа ианаҳҵеит. Урҭ зегьы хаҭала ҳарҭааны, афото-авидеоматериал рыла еиқәыршәан.
Абасала, "Амҩанызеи" сареи ҳамҩақәа аартуа ҳаауеит, макьанагьы иааҳмыртыц рацәоуп, ҭабара зқәым аӡыхь еиԥш… Ирыдысныҳәалар сҭахуп сҩызцәа амҩанызацәа урҭ рымшныҳәа. "Амҩаныза" иазеиӷьасшьоит ажәлар рахь иаанартуа амҩа, инанаго аинформациа еснагь илашазарц, ҭабара зқәым аӡыхь еиԥш иҵхәраа ицалартә еиԥш!