Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Очамчыра араион аҿы амаининг-ферма ду аарԥшын

© Sputnik / Евгений КозыревСтойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области
Стойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 5 инаркны 8 рҟынӡа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зынӡа ирылган 136 маининг шьақәгыла.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Очамчыра араион Кәтол ақыҭан акриптоԥара арҳаразы 96 шьақәгыла ахьаҿакыз амаининг-ферма ду аарԥшын, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҩАР апресс-маҵзура.
Аферма афымцамч ахархәара 124 кВт⋅ч инаӡоит. Аԥшәма Ҭеимыр Кекелиа административтә хараԥса иқәҵоуп. Ахархәагақәа ықәганы аусбарҭа аҵәахырҭа ҷыдахь инаргеит.
Очамчыра араион Аҭара ақыҭан Артур Зеитуниан акриптоԥара арҳаразы изықәгылан 10 аппаратк. Аҟәа, Арцах амҩаҟны инхо Денис Ахба инхарҭаҟны иԥшаауп 11 аппарат. Гагра иаарԥшын ф-аппаратк, аԥшәма Артур Головин. Ахархәагақәа имхуп. Пицунда иаарԥшуп Асҭамыр Шамба имаининг-ферма.
Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2020 шықәсазы. Уи ашьҭахь акырынтә аҿҳәара инахахьан. Уажәы 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара шьақәыргылоуп.
2021 шықәса хәажәкырамзазы Апарламент закәаншьаҭада афымцамч ахархәараз ахарадҵара арӷәӷәеит.
Афымцамч закәаншьаҭада ахархәаразы атәылауаа, ахаланаплакыҩцәа, аиурист хаҿқәа административтә хара рықәырҵоит киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы хышәаҵышәала ҩажәантә ишьҭыхны дыршәара.
Амаҵзурауаа киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы зқьынтә ишьҭыху ахышәаҵышәала ашәара рықәырҵоит.
Иаку аоператор инапаҵаҟа иҟоу афымцацәаҳәақәа аҽрыԥшьразы, ахархәара азакәаншьаҭа амамзар, аиурист хаҿқәеи ахаланаплакыҩцәеи ирықәырҵоит киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 40-нтә ишьҭыху ахышәаҵышәала дыршәара.
Иара убри аумҭазы амаҵзурауаа киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 3000-нтә ишьҭыху ахышәаҵышәала дыршәара рықәырҵоит.
Аиҭаҽаԥшьраан административтә хара рхарарҵоит: ахаланаплакыҩцәеи аиурист хаҿқәеи атәылауааи - киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 50-нтә ишьҭыху хышәаҵышәала дыршәара, иара убасгьы акриптавалиута арҳаразы аҽаԥшьраан амаининг хархәагақәа ықәыргоит, аконфискациа рзыруеит.
Амаҵзурауаа – киловатт-сааҭк азы иреиҵаӡоу ауалафахәы 5000-нтә ишьҭыху ахышәаҵышәала дыршәара рықәырҵоит.
Рмаҵзуратә мчра рхы иархәаны абри аумҭа мҩаԥызго ахаҿқәа шықәсык инаркны хышықәсанӡа рықәырҵоит, шықәсык инаркны ҩышықәсанӡа амаҵзуратә ҭыԥ аанкылара азингьы рымамкәа.
Стойка с асиками на одной из майнинговых ферм в Иркутской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2023
Аԥсны
Аԥсны амаининг хархәагақәа рымхра азин ҟарҵар ҟалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0