Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пицунда ахаҿраԥшӡараз аусурақәа ахыгоуп аԥсабаратә рыцҳарақәа ирхырҟьаны

© Foto / администрация села ЛдзааПоследствия стихии в Гагрском районе
Последствия стихии в Гагрском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2023
Анапаҵаҩра
Гагра араион сынтәа – ԥхынгәи абҵареи амзақәа рзы амшцәгьаӷәӷәақәа аҭыԥ рыман, ауааԥсыра аԥырхага роуит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Пицунда ахаҿраԥшӡараз аусурақәа ахыгоуп аԥсабаратә рыцҳарақәа ирхырҟьаны, абри атәы арадио Sputnik апрограмма "Аԥшьаша хада" аҿы иҳәеит ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Дауҭ Аҩардан.
"Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирхырҟьаны 2023 шықәсазы иазыԥхьагәаҭаз аусурақәа ашықәс анҵәамҭахь ииаган, ирыцҵахоит иааиуа 2024 шықәсазы. Убас, ааигәа Аҷандарҵлақәа раллеиа арԥшӡара ҳалагеит. Аамҭа ала аусурақәа мҩаԥаагон Тополиов имҩаҿгьы", - иҳәеит иара.
Амҩақәа рыҩбагьы роура 500 метра иҟоуп. Ацхыԥқәа рыԥсахуеит, ахаҳәҟьаԥсқәа ықәырҵоит ашьаҟауаа рзы. Уи ашьҭахь иазыԥхьагәаҭоуп амҩа акаҭран ақәҵара. Аусурақәа мҩаԥысуеит Гагра араион абиуџьет аԥарақәа рыла.
Аҩардан иҳәеит аӡхыҵрақәа ирхырҟьаны амчи, аамҭеи, аԥареи рацәаны ишцаз.
Последствия шторма в Пицундо-Мюссерском заповеднике - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.11.2023
Аԥсны
Пицунда амшынцәқәырԥара ду ашьҭахь жәабала аԥсақәа ааха роуит
"Гагра араион ахадара аԥхасҭа зауз 60 млн мааҭ инеиҳаны ирзыршәеит. Иалшоз ала ацхыраара ҟаҳҵеит. Пицунда ахадара хықәкыла уаанӡатәи аԥсаатәааӡарҭа араион иахьаҵанакуаз апроблемақәа рыӡбон. Уа алашара апроблема ыҟан, аха ирласны аҭыԥ иқәаҳҵеит, "Амшынеиқәафымцамч" афилиал ацхыраарала. Иара убасгьы ирыцқьан аӡыршьҭрақәа", - еиҭеиҳәеит иара.
Аӡыршьҭрақәа ррыцқьара ашьҭахь аӡы ԥынгылада амшын ахь инеиуеит. Ари ԥхьаҟагьы аӡхыҵрақәа раан аҭагылазаашьа еиӷьнатәуеит ҳәа азгәеиҭеит Аҩардан.
Ажәабжьқәа зегьы
0