Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амжәықәхәа ақыҭаҿ аԥша ааха знаҭаз афымцаҳақәа рыԥшаара иаҿуп аенергетикцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукЛинии электропроводов в городе
Линии электропроводов  в городе - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2023
Анапаҵаҩра
Амжәықәхәа ақыҭа ауааԥсыра лашарада ийоуп ԥхынҷкәын 24 раахыс. Аԥшацәгьа ашьҭахь афымцацәаҳәақәа ааха роуит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Амжәықәхәа ақыҭаҿ аԥша ааха знаҭаз афымцаҳақәа рыԥшаара иаҿуп аенергетикцәа, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион "Амшынеиқәафымцамч" афилиал адиректор ихаҭыԥуаҩ Денис Ажьиба.
Ажьиба иажәақәа рыла, апроблема цәырҵит ԥхынҷкәын 23-24 рзы иҟалаз амшцәгьақәа рышьҭахь.
Гәдоуҭа араион аҿы аус зуаз аенергетикцәа русура амҽхак ахьдууз иахҟьаны. дара ари ақыҭаҿы аремонттә усурақәа изрыламгацкәаны иҟан.
"Хымшуп аусурақәа ҳарҿуижьҭеи. Аҭыԥ аҿы аус руеит Гәдоуҭеи Аҟәеи рҟынтәи абригадақәа, аха макьаназ аиԥҟьаратә ҭыԥқәа аарԥшым. Аҭыԥ арелиеф цәгьоуп, афымцацәаҳәа ахәқәеи аҭҳәашқәеи ирыбжьыгоуп", - иҳәеит иара.
Ԥхынҷкәын 23-24 рзы аԥшаӷәӷәа аҵлақәа канажьит, аихшаратә ҳақәа аԥхасҭа рнаҭеит, ареспубликатә мҩаду анаркит. Иаашаанӡа аусурақәа шцозгьы инагӡаны афымцалашара аужьразы аамҭа аҭаххеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0