Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Багаҭелиа Риҵа арҭ амшқәа рзы: ауаҩы алакә ҭыԥ дақәшәазшәа иҟоуп

Багаҭелиа Риҵа арҭ амшқәа рзы: ауаҩы алакә ҭыԥ дақәшәазшәа иҟоуп
Анапаҵаҩра
Ашықәс ҿыц аныҳәа Риҵа ишаԥыло, арҭ амшқәа рзы уахь аҭыԥантәи ауааԥсыра халома, иҟоума атуристцәа, еиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра атуризми аекскурсиақәеи рыҟәша аиҳабы Етлан Багаҭелиа.
Сынтәа идыргылаз аԥсаӡ ҵыԥхтәи аасҭа метрак еиҳауп, аура 9 метрак инаӡоит. Уи аҟаза ирԥшӡаны илырхиеит, хәылбыҽхала ауаа рпатреҭқәа ҭырхырц ихалоит, арлашагақәа анаку, иҳәеит Багаҭелиа.
Багаҭелиа иазгәеиҭеит, сынтәа аныҳәазы Риҵа аԥсаӡ акәшамыкәша ирҩычан, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ирԥшӡан ҳәа. Ауадҳара акәзар, асы 2-2,5 метра шьҭоуп, уахь аӡын аусзуҩцәа роуп ихало, аҭааҩцәа рыдыркылартә иҟам, амҩа аркуп, асыԥсақәа леилоит, иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0