Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҵаа Бабаду иахь асалам шәҟәы": ақалақьтә еиҭакра ҿыцқәа ҳашрызгәырӷьогь…

© Sputnik / Томас ТхайцукНовый год в столице
Новый год в столице  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.01.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақалақьқәа рхаҿра иаҳа-иаҳа идырԥшӡоит, убри аан урҭ аԥсуа колорит ахьынӡарныԥшуа аҳәара уадаҩуп. Абри азҵааразы лгәаанагара ҳацеиҩылшоит уи згәы иҵхо Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.
Аԥсны араионқәа зегьы рҿы еиҳа-еиҳа убла хызкуа, узыргәырӷьо аиҭакрақәа, арҿыцрақәа убоит. Аиҳаракгьы аныҳәамшқәа рзы ақалақьқәа рырхиашьа еилаарцыруа алашарбагақәа рыла адәқәа хҟьаны. Ҳәарада, хәыҷи-дуи рыбла иабо аԥшӡара иеигәырӷьоит, ргәалаҟара шьҭнахуеит.
Аха абраҟа аӡбахә сҳәар сҭахуп ақалақьқәа рхаҿра аарԥшышьаҿы аԥсуа колорит ахьынӡеиқәырхоу, ацәыргашьа зеиԥшроу. Убас, ҳауаажәлар рыбжьара агәынамӡарақәа цәырнагеит Очамчыра ақалақь аԥшаҳәаҿы иӡыргаз Ген Ерген ҳәа хьыӡшьарас измоу искульптура. "Ажәеиԥшьаа" ҳәа хьӡыс изауз уи аскульптура зынӡаск аԥсуа мифологиаҿы ари аперсонаж иаарԥшышьа иагьазааигәам, аха ҳаамҭазтәи аҟаза ҳәа зхы зыԥхьаӡо ус ибла иабазар?.. Уи ахәшьара азҭаша ҟалашт...
Набережная города Очамчыра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2023
Аԥсны
Аскульптура "Ажәеиԥшьаа" аадыртит Очамчыра
Зны-зынла абас убла иабо арҿыцрақәа рҿы аԥсуа цәаҩа зхоу анрыбжьаӡуа ыҟоуп. Мап, уи аԥсуа цәаҩа зынӡаск иҟаӡам ҳҳәаӡом, аха убасҟак имаҷуп, егьырҭ ацәырҵрақәа ирылаӡны, ҳалаԥш ианыҵамшәо ыҟоуп. Дәқьанк, ма қьафурҭак аҿы ԥсыуа хьӡынҩыларак ҳбаргьы, Анцәа имҭоуп акы ахьаҳбаз ҳәа ҳаигәырӷьоит. Аҩырақәа ртәы изныкымкәа аӡбахә ҳҳәахьеит, сышьҭрақәлом ара, уи досу аԥшәма иазнеишьа акәхап иааирԥшуа… Аха ақалақьтә баҳчақәа, ауаажәларратә ҭыԥқәа, апаркқәа рҟны иҟарҵо аргыларақәа рҿы аԥсуа цәаҩа зхоу еиҳазар залыршамхо иҟоума?!
Шықәсқәак раԥхьа аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа ақалақьтә субкультураҿы аарԥшышьа иаазыркьаҿны сазааҭгыло, аӡбахә сыҩуан, (усҟан зырҿыцра иалагарц ргәы иҭаз), Аҟәа ақалақь апарк "Сказка" (шьҭа Тарас Шамба ихьӡ зхырҵаз) аҟны аԥсуа лакәқәа рфырхацәа аарԥшызар шԥабзиаз ҳәа, иара ахьӡ шыҟоу инақәыршәаны.
Фонтан в парке на набережной махаджиров. - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.07.2020
Жәлар рҳәамҭақәа бренд ҳасабла: аԥсуа колорит ақалақьтә субкультураҿы ацәыргара
Исыздыруам усҟантәи санҵамҭа ақалақь ахадара иусбарҭаҿ иаԥхьаз ыҟазу, мамзаргьы даргьы уи иазхәыцхьаны ҳгәазыҳәара еиқәшәоу, аха абар ассиргьы ҟалеит - ҳгәазыҳәара наӡарц егьагым, апарк аиҭашьақәыргылара цоит, есааира ахаҿра ԥшӡахоит, иааган иқәдыргылеит ҳгәы ззыҳәоз, ахәыҷқәа рыбла зеигәырӷьаша алакәтә персонажцәагьы…
Аха… Исызцәырҵит "аха"…
Шьоҭа Ҷкадуа иҳәахьан еиԥш "Аха" - гәынамӡароуп, иҳамҳәаргьы ауам. Иабаҟоу аԥсуа лакә афырхацәа? Кәтаӷьцәахылԥа, Анҷакәынҷа, адауы, ҟәаҟәацәахых уҳәа рхаҭыԥан иаақәгылеит атәым милаҭ рперсонажцәа. Ари апарк аҿы ицәыргоу аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ртәы ҳҳәом, аха, мшәан аџьнышҵәҟьагь даԥсуаӡам! Иараби аԥсуа хәыҷы дызҭаауа апарк аҟны аԥсуа гьама злаилаҳааӡаша, аԥсуа идунеи злаиҳарбаша рыла иҩычазар, аҭаацәа ҳзынгьы ишԥацхыраахоз… Аԥсны иаланхо егьырҭ амилаҭқәагьы лассы-лассы иаҳҭаауа асасцәагьы иаҳџьыршьарын, аԥсуа лакә иаҭаазшәа иҟаларын… Асасгьы дызҭааз амилаҭ ирыдҳәалоу, иара иҿыцны изаатуа культурак ами иибарц ииҭаху, иибац-иаҳац, иидыруа аасҭа, ҳаргьы Аԥсны анҭыҵ ҳанцо иҳазҿыцу акультура ҳшазҿлымҳахо еиԥш…
Уи сҳәеит ҳәа, апарк ахьӡ ахьаԥсышәам, "Сказка" ҳәа хьӡыс иахьамоу акәзар изхароу аԥсуа лакәтә фырхацәа ахьцәыргам? Уеизгьы Аԥсны аҳҭнықалақь ԥшӡаҿы иахьыҟоу аҳаҭыр аҟынтәигьы ԥсыуа персонажк, аӡәы иадамхаргьы дыҩцәыргахар, ишԥассирхоз ҳхәыҷқәа рзы… (Уи аҟаҵарагь шымариам еилаҳкаауеит, аха изылшаша аҟазацәагьы ҳамамкәа ҳаҟам.)
Парк имени Тараса Шамба в Сухуме открылся после реконструкции - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2023
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аиҭашьақәыргылара ашьҭахь иаадыртит Аҟәа
Макьанагьы апарк ахаҿра арԥшӡаразы аусурақәа цоит, издыруада, хыхь зыӡбахә сымаз аԥсуа лакәтә персонажцәа иреиуоу аӡәы даацәырҵыр ари апарк ԥшӡаҿы. Издыруада ари аҩыза агәазыҳәара даргьы ирымазар, аҟаҵарагьы ргәы иҭазар ари алакәтә парк аҿы?!
Ашықәс ҿыц ассирқәа рыҟалара ацуп, Ашықәс ҿыц азы асалам шәҟәы Аҵаа Бабаду иахь исыҩуазҭгьы, схәыҷра иадҳәалоу, есыуаха Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭара "Шьышь нани" аҟны сыззыԥшыз Кәтаӷьцәахылԥа абри апарк аҟны ибара шысҭаху анысҵон. Издыруада, уи аҩыза ҟаларгьы. Досу ргәы иҭоу ассирқәа ҟалалааит!
Ажәабжьқәа зегьы
0