Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Абга ахәыц злоу ашәҟәы" - амулетқәеи аталисманқәеи аԥсуаа рҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукАжьырныхуа в селе Эшера.
Ажьырныхуа в селе Эшера. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2024
Анапаҵаҩра
Аманшәалареи алаԥш цәгьа аҽацәыхьчареи ирызку амулетқәеи аталисманқәеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Амулетқәеи аталисманқәеи ахархәара ҭбаа рыманы иҟамзаргьы Аԥсны, уеизгьы-уеизгьы ана-ара улаԥш иҵашәоит, еиҳаракгьы анхамҩатә бзазараҿы. Урҭ лаԥшы цәгьеи ҿаԥшы цәгьеи рҽырцәыхьчара ауп изызку.
Плющ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2019
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо
Аԥсуаа рынхамҩатә бзазараҿы иуԥыло амулетқәеи аталисманқәеи иреиуоуп:
Алакәымҳа – амхы иаладыргылоит, ма ауҭра, х-еимҿаԥарсҭак амоуп, агәҭа хагьежьааны иҟаҵоуп, агьежь аҩнуҵҟа аџьар асахьа змоу алабыҵәқәа алагылоуп, амхурсҭақәа аҩсҭаа иҟынтәи, ма алаҧш цәгьа аҟынтәи иахьчоит ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аҽхыбаҩ – аригьы амхы иаладыргылон аҵәы, ма ақәыц иахаҵаны, мамзаргьы агәашә аҟны ихыршьуан. Зылаԥш цәгьоу илаԥш аԥхьа аҽхыбаҩ иаахоит ҳәа иршьон, уи имчқәа зегьы алнацәцәаауеит, уинахыс илаԥш акы иаахаргьы ԥырхага ҟанаҵом.
Аҽеимаа – амшьҭа бзиоуп ҳәа иазгәарҭоит. Агәашәқәа рҿы, ма аҩнашә аҿы ихыршьуеит. Аҩны аԥшәмацәа русқәа арманшәалоит, алаԥш цәгьа аҟынтәи иахьчоит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Ахаҳә кылҵәа – ахаҳә кылҵәа талисманк аҳасабала арахәыц бырса, ма ашашәа иаҵданы рыхәда ихыршьуан. Амышьҭа бзиоуп, аманшәалара узаанагоит ҳәа иазгәаҭан ирыман. Акылҵәара змоу ахаҳәқәа ашьхаӡиасқәа рҟәараҟноуп иахьырԥшаауаз, иара аӡы ахаҭоуп уиаҩыза аформагьы азҭо (аӡы иацәуеит). Ахаҳә кылҵәа иара убас, аҩны алыӷәра аҵаҟа, аца, абоура уҳәа реиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҟны ихыршьуеит. Ахаҳә кылҵәара дуқәа ацаҟьарақәа рҟны иамоуп. Ажәытәан ахшаа дызмауаз аҧҳәыс абас иҟаз ахаҳә кылҵәара дыҵыргон, уинахыс деиқәшәоит ҳәа иазгәаҭан ирыман. Ас еиԥш ахаҳә кылҵәарақәа Хәаџьал ду аҟны иамоуп ҳәа иазгәарҭоит аҵарауаа.
Ашәҟәы – алаԥш аҽацәыхьчаразы, иара убас ачымазарақәа зчычоу ауаҩы изы иҟаҵаны (аиҳарак ахәыҷқәа) ицәа иадырҵоит: имаҭәа иҭарӡахуеит, ма арахәыц ҟаԥшь иахшьны ихәда ихыршьуеит, уаҩ илаԥш иҵамшәаратәы ирҵәахуеит. Иара убас аҩны аҭӡамц ианаларҵогьы ыҟоуп. Ус еиԥш иҟоу ашәҟәы ҭаӡах ҳалаԥш иҵашәеит Ԥақәашь, Вальтер Ԥачлиа иҩнаҭаҿы. Иара иҳәеит ари аҩнаҭа иалахәу зегьы ирызкуп, аманшәалара рзаанагарц иҟаҵоуп ҳәа.
Иҭоузеи "ашәҟәы", изакәузеи "ашәҟәы" ҳәа изышьҭоу? Ашәҟәы ахкәакь аформа аҭаны цаха ҟаԥшьла ихырҷоуп, рахәыц ҟаԥшьла иӡахуп. Ашәҟәы ҳәа захьӡу – уи ахәаџьа дақәцәажәаны иҟаиҵон, мамзаргьы ақьаад хәыҷы ажәақәак нанҵаны иагәыларҵоит (ари аҵыхәтәантәи ааскьатәи аамҭақәа рзы). Ажәытәан "ашәҟәы" иҭарӡахуан абга ахәыц, мамзаргьы ала ахәыц. Абга ахәыц злаз ашәҟәы ныҟәызгоз ашәарыцацәа ракәын. Ауаа иныҟәыргоз адагьы, "ашәҟәы" рзыҟарҵон арахәгьы, ауахьад рзгьы ачымазарақәа рацәыхьчаразы. Аха иҟоуп даҽа ганкгьы: аӡәы иҭаацәара анхыбгало, ма ачымазара дакны дҵыкәкәа данцо, "ашәҟәы изыҟарҵеит" ҳәа анырҳәогьы – "ашәҟәы" абзиара акәымкәа ацәгьара иазыркыргьы ҟалоит.
Хыхь ишазгәаҳҭаз еиҧш, аԥсуаа амулетқәеи аталисманқәеи ирызгаганы иҟаӡам, аха ара еиқәаҳаԥхьаӡаз ақыҭанхамҩаҿы иахьагьы ана-ара улаԥш иҵашәоит, аԥацхақәа, амаҵурҭақәа, ацақәпа рҿы икыдкнаҳаланы. Урҭ аманшәалара, алаԥш цәгьа аҽацәыхьчара роуп изызку.
Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2019
Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла
Ажәабжьқәа зегьы
0