Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ажьа шаҟа итәаз аҟара иҩуеит" ҳәа: Есма Ҭодуаԥҳа ииасыз ашықәс еихылшьаалоит

© SputnikЭсма Тодуа
Эсма Тодуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2024
Анапаҵаҩра
Зны иҭышәынтәалан, зны ахыкәлаа еиԥш иузкуамызт ҳәа азгәаҭо, 2023-тәи ашықәс аихшьаалақәа ҟалҵоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
2023-тәи ашықәс шьҭа аҭоурых иатәуп, ажьа ашықәс зны иҭышәынтәалан, зны ахыкәлаа еиԥш иузкуамызт. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ари ашықәс иазкны ирҩыша маҷымкәа иҟалашт аԥхьаҟа анализ азуа. Адунеи аҿы имҩаԥысуа аиҭакрақәа ҳаргьы ҳшынхықәгылаз зегьы иаҳбаратәы иҟоуп, уи ҳаргьы иаҳнымԥшыр ҟалом – асоциалтә, аекономикатә, аполитикатә ԥсҭазаараҿы уҳәа. Ари ашықәс азы иазгәаҭан ҳҭоурых азы акрызҵазкуаз арыцхәқәа. Урҭ раԥхьа игылоуп Аиааира 30 шықәса ахыҵра. Уи анаҩсгьы Аҟәатәи ашьхарыуаа ршкол 160 шықәса ахыҵра, Аҵара аминистраа 100 шықәса ахыҵра уҳәа ирацәаны. Иҟан улахь еиқәызҵозгьы – ари ашықәс азы иҳацәцеит имаҷымкәа ауаа хатәрақәа: Тото Аџьапуа, Игор Ҵнариа, Сенер Гогәуа, Иван Шамба, Инна Ҳашԥҳа уҳәа аӡәырҩы.
Траурная церемония  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2023
Аԥсны
2023 шықәсазтәи Аԥсны ацәыӡқәа: зыԥсҭазаара иалҵыз ахатәрақәа
Сара сзын ари ашықәс иҭышәынтәалан имҩаԥысит. Уаанӡа иаҳхысыз ашықәсқәа ирыцыз аԥкрақәа Covid-19 иснарҵазар ҟалап аҩнынтәи онлаинла аусура, уи салашьцылан сҟалеит, уажәтәи сҭаацәаратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу ала иагьысзыманшәалахеит.
Ари ашықәс азы Sputnik Аԥсны азы иҭсыжьыз аматериалқәа рхыԥхьаӡара рацәам, аха иактуалтәу зҵаарақәан. Ицәырган аԥсуа бызшәа ажәытә шьаҭақәа аазырԥшуа атемақәа: иахьа зхархәара ыӡхьоу архаикатә ажәақәа ирызкны, "амаӡа бызшәа", аныҳәаратә формақәа, алакәқәа рҿы еиуеиԥшым алагамҭатәи анҵәамҭатәи аформулақәа, ацәажәаратә ҟазара уҳәа иреиуоу. Иара убас, ирзааҭгылан атрадициеи аамҭеи ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала.
Празднование дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2023
Аԥсны
Ажәлар рышьаҭамырӡга рбызшәеи рҵарадырреи ауп
Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳагьы еилыскаауа салагеит жәлар рдоуҳатә культура, рҿԥыцтә ҳәамҭақәа амедиаресурсқәа рҿы еиҳагьы ирацәаны раларҵәара шаҭаху. Аԥсҭазаара аҽеиҭанакуеит, аклассикатә знеишьақәа хадароуп хымԥада, аха ҳаамҭазтәи апрогресс уацымныҟәар, уи алшарақәа ухы иаумырхәар, алҵшәақәа маҷхоит. Алҵшәа ҟаларц азы ҳаамҭазтәи ауаҩы изыманшәалахаша амаругақәа рхархәара ҳрызхәыцуазароуп. Уи иахьа ҳаԥсҭазаара иаҳзаҟәымҭхо иҟоуп. Уимоу иԥсабаратәым аинтеллект ҳәа изҿу аларҵәара аиур, иара убрагьы аԥсшәа, аԥсуа традициа шаарԥшахаша уажәнатә ҳазхәыцуазароуп.
Ҳазҭалаз ашықәсгьы адунеи зегь азы аиҭакрақәа ралагалара ишацнаҵо ҩашьом, урҭ аиҭакрақәа ҳаргьы иаҳныруеит адунеи ҳшахәҭакәу ала. Убриаҟнытә аҿыцра ҳацәымшәозароуп, аха ишәаны-изаны.. Досу ҳнапы злаку аус аҿы иҳалшо наҳагӡалар азеиԥш ус иазеиӷьхоит хымԥада!
Ажәабжьқәа зегьы
0