Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазтәи Аԥсны ацәыӡқәа: зыԥсҭазаара иалҵыз ахатәрақәа

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТраурная церемония
Траурная церемония  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.12.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәса иалагӡаны Аԥсны иацәыӡит имаҷҩымкәа еицырдыруаз ауаа – аҵарауаа, аспортсменцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа. Урҭ ирызку аматериал Sputnik адаҟьаҿы.

Тото Аџьапуа

Ашықәс алагамҭа аҩбатәи амш азы Аԥсны Жәлар рартист, СССР акомпозиторцәа Рхеилак алахәыла, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Аибашьра анысымҩа" апремиа алауреат, Леон иорден, "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Тото Аџьапуа иԥсҭазаара далҵит. Иара 84 шықәса ихыҵуан.
Тото Аджапуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Арадио
Аџьапуа еиҭеиҳәеит аԥсуашәа аԥҵара инадҳәыланы иҟоу ауадаҩрақәа
Тото Аџьапуа диит хәажәкыра 23 1939 шықәсазы Отаԥ ақыҭан. 22 шықәса анихыҵуаз иара дҭалоит амузыкатә училишье.
1977 шықәсазы далгеит Қарттәи аконсерваториа акомпозиторра аҟәша. Уа аҵара аниҵоз аԥсуа бызшәа рҵаҩыс Қарҭтәи атеатртә институт аҟны аус иуан.
Қарттәи аконсерваториа далганы Аԥсныҟа даныхынҳә, Аԥсуа аҳәынҭфилармониаҟны ахкынагӡаҩыси, Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭаҟны рҵаҩыси аус иуан. Раԥхьатәи икомпазициа лызкын ианду.
"Сара сзааӡаз санду лоуп раԥхьатәи скомпозициа ззыскызгьы. Борис Гәыргәлиа авторс дызмаз "Иарҳәала ачамгур" (Играй ачамгур) иалхын ҳәа еиҭеиҳәон Тото Аџьапуа. Акомпозитор иаԥҵамҭақәа реиҳарак агәаҟреи афырхаҵареи ирызкуп, аха имоуп абзиабаратә ԥҵамҭақәагьы, иаҳҳәап, "Мрамза"" - иҳәеит Аџьапуа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ахәра ӷәӷәа анаҭеит Тото Аџьапуа иҭаацәа, аибашьраҿы иҭахеит иашьеи, иԥеи. Аибашьра аамҭа иалагӡаны акомпозитор иаԥиҵаз ашәақәа иреиуоуп " Аԥсуа уахьыҟазаалакгьы", "Горец", "Ҳаҳәшьцәа", "Имҩасуам".
Тото Аџьапуа иаԥҵамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп акантатақәа "Аԥсуа ҭыӡ Ду", "Абрыскьыл", "Ефрем Ешба", "Уарбану", ахореографиатә сиуита "Нарҭаа", афлеитеи афортепианои рзы асоната, афортепиано азы авариациақәа ааба, "Аԥсуа литургиатә шәаҳәара", акантатақәа "Ҷлоу", "Отаԥ", "Уарбану", "Аԥсадгьыл азхәыцра", асимфониатә оркестр азы "Аԥсуа лафтә".

Зинаида Шевцова

Жәабран 11 рзы лыԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Зинаида Шевцова. Зинаида Шевцова Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ИЕПиТ аҭҵарадырратә усзуҩын. Аҵарауаҩ хырхарҭа хаданы илыман ауаҩи амаамыни рцәа иалоу авирустә инфекциақәа рыҭҵаара.
Лара лоуп раԥхьаӡа зусумҭақәа рҿы еиҭазҳәаз абарҭ амаамынқәа рчымазарақәа: агеморрагиатә шыӡ, гепатит А, аенцефаломиокардит.
Зинаида Шевцова - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Аԥсны
Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Зинаида Шевцова лыԥсҭазаара далҵит
1998 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Зинаида Шевцова напхгара алҭон ААУ аԥышәаратә биологиеи амедицинеи ркафедра, 2011 шықәса инаркны- рҵаҩыс дыҟан. Зинаида Шевцова 160 ҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭеи арҵагатә цхыраагӡақәа ҩбеи дравторын.

Игор Ҵнариа

Мшаԥымза алагамҭазы 85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аиҳабы Ҵнариа Игор.
Игор Ҵнариа Кәтолтәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Далгеит А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт абиолого-географиатә факультет.
1968 шықәса раахыс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут археологиа аҟәша аусзуҩыс, анаҩс аҟәша аиҳабыс дыҟан.
Игорь Цвинария. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2023
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит археолог, аҵарауаҩ Игор Ҵнариа
1982 шықәсазы ихьчеит адиссертациа "Аԥсны аенолити заанаҵтәи аџьазаамҭеи ркультурақәа реизыҟазаашьа" атемала. Аиҳарактәи иҭҵаарадырратә хырхарҭақәа абри аамҭа иазкын. Напхгара риҭон Гәандра (Афон Ҿыц) аенеолити еиланхарҭаҿтәи ажрақәа, Хәаԥи Оҭҳареи рмегалиттә ргыларатә комплексқәа рҿы ажрақәа.
Игор Ҵнариа иара убасгьы имҩаԥигон ихаҭа иааирԥшыз Афон Ҿыц, Аԥсар аҿыгҳарацәатә еиланхарҭатә баҟа аҟны ажрақәа. Раԥхьаӡа акәны ишьақәиргылеит ажәытә аԥсуа нхарҭақәа рҟазшьа, иааирԥшит адольмен акромлех, ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазтәи ан-ашьаҭаркҩы ахаҳә иалху лыскульптура ааирԥшит.
Игор Ҵнариа иҵарауаҩра адагьы дырҿиарауаҩын. Жәабала ажәеинраалақәеи ашәақәеи дравторын.
Далахәын аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, еицырдыруа Аԥсуаа рышәҟәы авторцәа дреиуан, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, 2004 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада иусԥҟала "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара иаанашьан.
Џьопуа аҵарауаҩ Игор Ҵнариа изы: ибжьы хаан, иуаҩышьа бзиан, илаф ыҟан - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2023
Арадио
Џьопуа аҵарауаҩ Игор Ҵнариа изы: ибжьы хаан, иуаҩышьа бзиан, илаф ыҟан

Филипп Артиух

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Филипп Артиух шәышықәса дышрықәыз идунеи иԥсахит мшаԥы 13 рзы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз Филипп Артиух 17 шықәса ихыҵуан. Усҟан иара Краснодар атәылаҿацә Изомаевскаиа астаницаҿы дынхон. Арԥыс қәыԥш аԥсадгьыл ахьчараз афронтахь дцеит, ддәықәарҵеит Ҟабарда-Балкариаҟа.
Владикавказ ааигәара аидыслараан Филипп Артиух ишьапы рхәит. Ихәрақәа анӷьа, Амшынеиқәатәи аихамҩа аргылараз Аԥсныҟа даауеит, анаҩс иарӷьажәҩа Аҟәа диԥшааит, нхара дагьаангылеит.

Сенер Гогәуа

Мшаԥы 17 рзы акыраамҭатәи ихьуаз ичымазара иахҟьаны, москватәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара адепутат Сенер Гогәуа.
Зегь раасҭа ианыуадаҩыз аамҭаз Сенер Гогәуа абџьар шьҭыхны Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи дшазықәԥаз. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ҳтәыла аекономика ашьҭыхраҿ илшоз зегь шыҟаиҵаз, иара ишымҩаԥигоз агәыҳалалратә цхыраарақәа, амеценатра.
Сонер Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2023
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит Сенер Гогәуа
Сенер Гогәуа диит нанҳәа 19 1971 шықәсазы Ҭырқәтәыла аԥсуа мҳаџьырқәа рҭаацәараҿы. 1990 шықәсазы дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи азанааҭ ала.
1992-1993 шықәсқәа рзын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп "Агәымшәараз" амедали "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡареи.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Сенер Гогәуа аус иуан Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахәҳаахәҭра-аагалыхратә палата азин мчы змоу ахаҭарнакс, ААП ахада ихаҭыԥуаҩс.
2007 шықәсазы Аԥсны Жәлар реизара депутатс далхын. 2016 шықәсазы далырхоит Жәларбжьаратәи Афонд "Аԥсны" ахадас.
Ҷкотуа Сенер Гогәуа изы: иара дахьыҟаз аԥсҭазаара ыҟан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2023
Арадио
Ҷкотуа Сенер Гогәуа изы: иара дахьыҟаз аԥсҭазаара ыҟан

Ахиллес Маврофиди

Мшаԥы 18 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, аканое аӡырҳәыԥи рыла аӡсаразы Урыстәыла апараолимпиатә команда азыҟаҵаҩ, Урыстәыла аинвалидцәа Реидгыла аспорт аҟәша анапхгаҩы Ахиллес Маврофиди.
Ахиллес Маврофиди диит 1957 шықәсазы Аҟәа. 1958 шықәсазы ихигеит аполиомиелит. Ус шакәызгьы анышьҵшьраҿ ақәҿиарақәа иоуит, Қырҭтәыла еизго акоманда далахәын, ақәыԥшцәа реицлабраҿы аԥхьахәқәа ианашьан.
Зыҟаҵаҩыс даныҟала ашьҭахь еиҵеиааӡеит хыԥхьаӡара рацәала аԥснытәии урыстәылатәии аспортсменцәа. Маврофиди иԥсҭазаара далҵит 66 шықәса дшырҭагылаз.

Иван Цәышба

Лаҵара 9 азы иԥсҭазаара далҵит Иван Цәышба – аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ Урыстәылеи аҳәаанырцә тәылақәеи рҭоурых акафедра адоцент.
Иван Цәышба аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ианашьан. Еиуеиԥшымыз аамҭақәа рзы аус иуан Ареспубликатә еиҿкаара "Знание" амаӡаныҟәгаҩыс, Аԥснытәи апартиа аобком ареферентс, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ареферент еиҳабыс.
1995 - 2013 шықәсқәа рзы Иван Цәышба Аԥсны ахада иҟны Аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыҭараз аҟәша ареферентс дыҟан.
1981 шықәса раахыс Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апартиа аҭоурых акафедра арҵаҩыс дыҟан, 1994 раахыс – Урыстәылеи аҳәаанырцә тәылақәеи рҭоурых акафедра адоцентс.
Иван Цәышба авторс дрыман амонографиақәа: "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны хатәгәаԥхарала еибашьуаз аԥснаа", "Амилаҭқәа ма ажәларқәа ахатәхалаҳәаақәҵараз рзини Аԥсны ахьыԥшымра апроблемақәеи", аочеркқәа реизга "Урыстәыла амилаҭтә зҵаара".
 Иван Цушба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2023
Аԥсны
Аҭоурыхҭҵааҩ Иван Цәышба лаҵара 12 рзы аҵыхәтәантәи имҩа дықәырҵоит

Лиудмила Аҩӡԥҳа

Лаҵара 14 рзы, 76 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит ԥыхьа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс иҟаз Лиудмила Аҩӡԥҳа.
Лиудмила Аҩӡԥҳа диит ԥхынгәы 10 1946 шықәсазы Афон ҿыц ақалақь аҟны. 1968 шықәсазы далгеит Москватәи амедицина астоматологиатә институт.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус луан аҳақьым-стоматологс Афонҿыцтәи ахәшәтәырҭа-поликлиникатә еилазаара аҟны, Ареспубликатә хәыҷтәы стоматологиатә поликлиникаҿ аҳақьым хадас, агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩс, агәабзиарахьчара аминистрс.
Людмила Авидзба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Лыԥсҭазаара далҵит ԥыхьа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрс иҟаз Лиудмила Аҩӡԥҳа

Валери Ҷолариа

Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист, ажурналист, апублицист Валери Ҷолариа иԥсҭазаара далҵит амҽыша, лаҵара 14 рзы.
Валери Ҷолариа диит ԥхынгәы 25 1947 шықәсазы Очамчыра араион Агәыбедиа ақыҭан.
Иара дравторуп Аԥсны акультура ашәаҳәареи-акәашареи русзуҩцәа ирызку акыр ашәҟәқәа "Акәымжәы акамуфлиаж ала иԥсахны", "Акәашареи аԥси", "Акомпозитор Чепелиански", "Акәашараз ииз", "Аҟазара амаҵ азура", "Ашәаҳәаҩ Закан Ҳалуашь".
Отключение электричества  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2023
Аԥсны
Идунеи иԥсахит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Валери Ҷолариа

Александр Скаков

Рашәара 28 рзы иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ Александр Скаков, илаҽыз ачымазараҟынтәи.
Скаков Александр Иури-иԥа диит абҵара 29 1971 шықәса рзы Москва. 1993 шықәса рзы далгеит М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет.
1997 шықәса рзы – Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Археологиа аинститут аспирантура.
1998 шықәса рзы ихьчеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҩаӡара аԥсахаразы адиссертациа "Кобано-колхидские топоры как исторический источник".
Скаков Александр Юрьевич, кандидат исторических наук, координатор рабочей группы Центра изучения Центральной Азии и Кавказа Института востоковедения РАН, сотрудник Института археологии РАН.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2023
Аԥсназы ацәыӡ ду: иԥсҭазаара далҵит археолог Александр Скаков
Иара авторс дрымоуп археологиа иазку 77 ҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭа, Кавказ аполитологиеи аконфликтологиеи ирызку 30 ҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭа, урҭ реиҳарак зызку ҳаамҭазтәи Аԥсни иааидкыланы Кавкази рпроблематика.

Виачеслав Ешба

Нанҳәа 26 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы Виачеслав Ешба.
Виачеслав Аҳмеҭ-иԥа Ешба диит 1949 шықәсазы.
1970 шықәсазы далгеит Москватәи аобласт аҿы иҟоу Егориевсктәи авиациа-техникатә ҵараиурҭа, 1973 шықәсазы - Кременчугтәи аԥырратә ҵараиурҭа.
1983 шықәсазы аграждантә авиациазы Ленинградтәи академиа. "Аҳауатә транспорт арныҟәцаразы анџьныри, "атранспорттә авиациазы актәи акласс змоу аԥырҩи" азаанаҭқәа иоуит. Аус иуан аграждантә ҳаирпланқәа рҟны аԥырҩыс, Аҟәатәи аԥырҩцәа ргәыԥ акомандирс дыҟан.
Вячеслав Эшба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Афырхаҵа Виачеслав Ешба
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иара инапхгарала еиҿкаан арра-ҳаиртә мчқәа. Аибашьраан Виачеслав Ешба 80 инарзынаԥшуа аԥыррақәа наигӡеит. Иааирԥшыз алшамҭақәа рзы ихҵан Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы.
1993-2003 шықәсқәа рзы Виачеслав Ешба Аԥсны Арра-ҳаиртә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩс дыҟан, 2003-2005 шықәсқәа рзы - Атәылахьчара аминистрс.
Ианашьан асоветтә орден "Аџьазы Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара, Аԥсни Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгылеи рорденқәеи рмедалқәа жәпакы, Авиациаҿи акосмонавтикаҿи ауаҩы ипроблемақәа жәларбжьаратәи ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылас дыҟан. Аинрал-маиор ԥхьатәа. Иара ихьӡ ануп "Авиациа ахаҿқәа ренциклопедиа".

Иури Логәуа

Нанҳәа 26 рзы 67 шықәса дшырҭагылаз Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти зҽаԥсазтәыз русзуҩ, Ареспубликатә хәыҷтәы-спорттә школ аиҳабы Иури Логәуа иԥсҭазаара далҵит.
Иури Логәуа диит мшаԥы 29 1957 шықәса рзы. Иара аспорт инапы алеикит дышқәыԥшӡаз, 15 шықәса анихыҵуаз Қырҭтәылатәи ССР ачемпионат аҿы дыхәмаруан Очамчыра акоманда "Амирани" далахәыланы. 1973 шықәсазы ашьапылампыласҩы даарыԥхьеит аҟәатәи "Динамо" ахь, уа иара дыхәмаруан 1987 шықәсанӡа.
Юрий Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2023
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ашьапылампыл азыҟаҵаҩ Иури Логәуа
Иури Логәуа 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. Аибашьра анеилга ашьҭахь иара аус иуан Ареспубликатә хәыҷтәы-спорттә школ аҟны ашьапылампыл азыҟаҵаҩс, 2005 - 2014 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс.

Иван Шамба

Абҵарамзазы иԥсҭазаара далҵит адирижиор, аҵарауаҩ-афольклорист, амузыкант, ахормеистр, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьаз Иуана Шамба.
Иуана Шамба диит ажьырныҳәа 17 1950 шықәсазы Гәдоуҭа араион Абгархықә ақыҭан.
Иван Шамба - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.11.2023
Аԥсны
Аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба иԥсҭазаара далҵит
Акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Аҳәынҭқарратә ансамбль дирижиорс дыҟан, ансамбль "Риҵа" асахьаркыратә напхгаҩыс, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ансамбль "Уарада" еиҿикааит.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Гәымсҭатәи афронт аҿы акультуреи аҟазареи русзуҩцәа рывзвод акомандаҟаҵаҩыс дыҟан.
Иуана Шамба Аԥсны амузыка-фольклортәи аетнографиатәи аматериалқәа рыҭҵаара, реиқәырхара, рыҿиара аус илагала ду алоуп.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Кәарҷиа аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.11.2023
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Кәарҷиа аҵарауаҩ-афольклорист Иуана Шамба изкны

Валентина Шульгина

Абҵара 12 рзы 102 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина.
Валентина Шульгина - аибашьра ахҭысқәа акыр дырхаануп, Сталинградтәии Курсктәи аибашьрақәа дрылахәын, иланашьоуп Аеҵәа ҟаԥшь аорденқәа ҩба, "Агәымшәараз" амедал, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден II-тәи аҩаӡара.
Шульгина аибашьра зегьы асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩыс дыҟан. Анаҩс лывзвод дәықәҵан Иапониаҟа, уа дыҟан 1953 шықәсанӡа. Иапониа ауп лыԥшәмеи лареи ахьеибадырызгьы.
Ветеран ВОВ Валентина Шульгина - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.11.2023
Аԥсны
Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Валентина Шульгина
Арра аҟынтәи рхы ианақәиҭтәха, 1953 шықәсазы лыԥшәмеи лареи Аԥсныҟа ииасуеит анхара.
Валентина Шульгина диит ажьырныҳәа 22, 1922 шықәсазы. Аибашьра ианалага Валентина ҳақьымс аус луан Томск.
1941 шықәса нанҳәамзазы лара Омск еиҿкааз асанитартә взвод адҵаҟаҵаҩыс дҟарҵеит. Сталинград ахақәиҭтәра ашьҭахь лара лывзвод Курск-Орловтәи ахырхарҭахь ирышьҭит.
Валентина Ефим-иԥҳа аибашьра зегьы дахысит, аиааира даԥылеит Берлин, Реихстаг аҩыра анылҵеит. Сталинград азы аибашьраан иаалырԥшыз афырхаҵаразы лара иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Руслан Ҭаркьыл

Абҵара 15 рзы иԥсҭазаара далҵит атлетика хьанҭазы СССР ачемпион, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза Руслан Ҭаркьыл.
Аштангашьҭыхыҩ, СССР ачемпион, адунеи арекордсмен Руслан Ҭаркьыл диит 1950 шықәса лаҵара 5 рзы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан.
1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Леон иорден ианашьоуп. Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара.
Гвоздики и свечи - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.11.2023
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит атлетика хьанҭазы СССР ачемпион Руслан Ҭаркьыл

Дмитри Статеинов

Абҵара 24 рзы ажурналист, арежиссиор, РИА Новости Аԥсны ахатә корреспондентс иҟаз Дмитри Статеинов 42 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.
Статеинов усутә ныҟәарыла Ростов-на-Дону дыҟан, V Жәларбжьаратәи апатриоттә Форум "Миротворчество поколений в исторической памяти российского государства" далахәын.
Дмитри Статеинов Кавказ азы аибашьра 80 шықәса ахыҵра иазку арра-патриоттә проект "Кавказтәи афронт" авторс дыҟан. 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы апроект Жәларбжьаратәи арра-ҭоурыхтә форум ахь инаган, 2022 шықәса абҵарамзазы инаган Москватәи амилаҭқәа рыҩнаҿы имҩаԥысуаз астол гьежь "Наследники российской воинской Славы" ахь.
Дмитрий Статейнов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.11.2023
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит аԥснытәи ажурналист Дмитри Статеинов

Алықьса Шьониа

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 22 рзы.
Шьониа сынтәа иара 101 шықәса ихыҵра азгәеиҭеит.
Алықьса Шьониа Краснодар иҟаз апулемиоттә-минаршәратә арратә ҵараиурҭа далгеит 1942 шықәсазы. Иара убри ашықәс азы Краснодар, Бақәа, Қарҭ, Биуинакск иҟаз арратә ҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа ақалақь Зверево, Ростовтәи аобласт ахь инашьҭын, Шьониа апулимиоттә взвод акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс даҭан, аамҭақәак рышьҭахь аԥшыхәратә баталион ахь диаган.
Ростов аԥхьатәи ахәра иоуит, анаҩс – Киев. Ихәра анӷьа ашьҭахь Уралтәи арратә о иалыдмыршеит аибашьра ацҵара. 1944 шықәсазы Аԥсныҟа дхынҳәит.
Ҩышықәса аус иуит Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы. 1946 - 1992 шықәсқәа рзы Тҟәарчалтәи ашахтаҿы аус иуан.
Поздравление ветерана Шония - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2023
Аԥсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Алықьса Шьониа иԥсҭазаара далҵит
1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага абџьар шьҭихит. Тҟәарчалҟа инеиуаз амҩақәеи ацҳақәеи аминақәа рыҵеиҵон. Ақалақь ианалахысуаз инапы ахәра аиуит.
Алықьса Шьониа ианашьоуп "Аеҵәа ҟаԥшь" аорден, "Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду" актәии аҩбатәии аҩаӡара змоу аорденқәа, "Ахьӡ-аԥш" аорден аҩбатәи аҩаӡара. Зынӡа ианашьоуп 42 ҳамҭа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иаҭәашьаз "Агәымшәаразы" амедалгьы.
Алықьса Шьониа иааӡеит хҩык аԥацәа. Урҭ иахьа рыԥсҭазаара иалҵхьеит. Быжьҩык амоҭацәеи, урҭ ирыхшаз быжьҩык ахшареи имоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0