Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ААИ: ареспубликатә мҩаду хада аҟны атранспорт ныҟәараз уадаҩра ыҟам

© Sputnik / Томас Тхайцук Первый снег в столице Абхазии
Первый снег в столице Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.01.2024
Анапаҵаҩра
Иаха Аԥсны раионқәак рыҟны асы ауит. Асы ӷәӷәаны илеит аӡиа Риҵа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 14 - Sputnik. Ареспубликатә мҩаду хада Ԥсоу-Егры аҟны атранспорт ныҟәараз аԥкрақәа ҳәа акагьы ыҟаӡам. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭаниа.
"Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәеи "Аԥсныавтомҩеи" ажьырныҳәа 13-14 руха аҵх зегьы аус руан. Аҵх мҩасит машәырда. Амҩахада аҟны амашьынақәа рныҟәараз уадаҩра ҳәа акагь ыҟаӡамзт. Гәдоуҭа араион аҟны асы еимагылан иауан, аха ирлас иӡҭит", - иҳәеит Ҭаниа.
Заснеженные пейзажи озера Рица  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2024
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә парк: амашьынақәа аӡиахь рнеиразы уадаҩра ыҟаӡам
Ажәабжьқәа зегьы
0