https://sputnik-abkhazia.info/20240121/anyaa-aiashayrgylaraa-aualafakhy-gagra-araion-2024-shysazti-ausnagata-1049894412.html
Аныҳәақәа, аиҭашьақәыргыларақәа, ауалафахәы: Гагра араион 2024 шықәсазтәи ауснагӡатәқәа
Аныҳәақәа, аиҭашьақәыргыларақәа, ауалафахәы: Гагра араион 2024 шықәсазтәи ауснагӡатәқәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны 2023 шықәсызтәи аихшьаалақәа ҟаҵо дазааҭгылеит, раԥхьаҟа... 21.01.2024, Sputnik Аҧсны
2024-01-21T09:15+0300
2024-01-21T09:15+0300
2024-01-21T09:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гагра араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/05/1031781474_0:59:1501:903_1920x0_80_0_0_44d645828388f3fd631aa8a372c2c44c.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны 2023 шықәсызтәи аихшьаалақәа ҟаҵо дазааҭгылеит, раԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа ртәгьы.Гәынԥҳа илҳәеит, аусурақәа Гагра араион зегьы шамҽханакыз, урҭ рахьынтәи аиҳарак асоциалтә усхкқәа ишрыдҳәалаз. Ҿырԥштәык аҳасабала иаалгеит Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хада хәҭа-хәҭала аиҭашьақәыргылара, азеиԥшҵараиурҭақәа, Бзыԥ аҳаблан аспортзал аргылара, Лӡаатәи акультура ахан, ашкол акрыфарҭа уҳәа реиҭашьақәыргылара.Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҟны иҟоу ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит 2024 шықәсазы. Аусурақәа ирыцырҵоит Адыгаа рымҩала иҟоу ахәыҷбаҳчеи Пицунда акультура ахани реиҭашьақәыргылараз.Гәынԥҳа илҳәеит, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны ааха зауз Лӡаа ақыҭа анхацәа 60-ҭӡы афинанстә цхыраара аҳасабала 11 миллион мааҭ шырзыршәаз."Ишыжәдыруа еиԥш, 2023 шықәсазы ҳраион хынтә аԥсабаратә рыцҳара иақәшәит. Уи атәы инарҭбаан акырынтә ҳалацәажәахьеит. Ииашаны Лӡаа ақыҭа ӷәӷәала аԥхасҭа аиуит. Араҟа аус дуқәа мҩаԥган амҩақәа реиҭашьақәыргылараз, агәам-сам ақәгараз, иара убас аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭан", - ҳәа лҳәеит лара.Гәынԥҳа лажәақәа рыла, ажьырныҳәа 1 2024 шықәса инаркны аҭыԥантәи абиџьет ахарџьқәа рыла зқьҩыла руалафахәы шьҭыхуп."Иазгәасҭарц сҭахуп, 2024 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраара аиқәшаҳаҭра иаҵанамкуа, 971-ҩык абиуџьет аҟынтәи ауалафахәы зауа аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи руалафахәы ацҵара шазгәаҭоу. Уи 50 миллион мааҭ инареиҳауп", - лҳәеит Гәынԥҳа.Иазгәалҭеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аҵарадырра, акультура, агәабзиарахьчара ахырхарҭала аус зуа, иара убас аҭыԥантәи аусбарҭақәа русзуҩцәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20240120/gagra-araion-fnyzyk-inareiany-aturisttsa-aaait-ashysytsyzti-anyaa-rzy--1049889244.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230731/gagra-araion-any-asabarat-rytsara-iakhany-ialaz-akhasa-60-million-maa-inareiaup-1047239633.html
гагра араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/05/1031781474_0:0:1333:1000_1920x0_80_0_0_28368376b29caa3a0267b027fd15ee9b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион
ажәабжьқәа, аԥсны, гагра араион
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 - Sputnik. Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа
арадио Sputnik аефир аҟны 2023 шықәсызтәи аихшьаалақәа ҟаҵо дазааҭгылеит, раԥхьаҟа ишьҭоу аусқәа ртәгьы.
"Иҳаҩсыз ашықәс даара иуадаҩын. Иҟалап, ҳазхьымӡаз рацәазар, аха ус шакәугьы ари ашықәс злалҳкаауа ыҟоуп, ирацәоуп араион аҟны имҩаԥаагаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Уи абзоурахеит араион абиуџьеит аизҳара", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Гәынԥҳа илҳәеит, аусурақәа Гагра араион зегьы шамҽханакыз, урҭ рахьынтәи аиҳарак асоциалтә усхкқәа ишрыдҳәалаз. Ҿырԥштәык аҳасабала иаалгеит Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хада хәҭа-хәҭала аиҭашьақәыргылара, азеиԥшҵараиурҭақәа, Бзыԥ аҳаблан аспортзал аргылара, Лӡаатәи акультура ахан, ашкол акрыфарҭа уҳәа реиҭашьақәыргылара.
Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҟны иҟоу ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит 2024 шықәсазы. Аусурақәа ирыцырҵоит Адыгаа рымҩала иҟоу ахәыҷбаҳчеи Пицунда акультура ахани реиҭашьақәыргылараз.
Гәынԥҳа илҳәеит, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны ааха зауз Лӡаа ақыҭа анхацәа 60-ҭӡы афинанстә цхыраара аҳасабала 11 миллион мааҭ шырзыршәаз.
"Ишыжәдыруа еиԥш, 2023 шықәсазы ҳраион хынтә аԥсабаратә рыцҳара иақәшәит. Уи атәы инарҭбаан акырынтә ҳалацәажәахьеит. Ииашаны Лӡаа ақыҭа ӷәӷәала аԥхасҭа аиуит. Араҟа аус дуқәа мҩаԥган амҩақәа реиҭашьақәыргылараз, агәам-сам ақәгараз, иара убас аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭан", - ҳәа лҳәеит лара.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, ажьырныҳәа 1 2024 шықәса инаркны аҭыԥантәи абиџьет ахарџьқәа рыла зқьҩыла руалафахәы шьҭыхуп.
"Иазгәасҭарц сҭахуп, 2024 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо ацхыраара аиқәшаҳаҭра иаҵанамкуа, 971-ҩык абиуџьет аҟынтәи ауалафахәы зауа аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи руалафахәы ацҵара шазгәаҭоу. Уи 50 миллион мааҭ инареиҳауп", - лҳәеит Гәынԥҳа.
Иазгәалҭеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аҵарадырра, акультура, агәабзиарахьчара ахырхарҭала аус зуа, иара убас аҭыԥантәи аусбарҭақәа русзуҩцәа.