Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аламыс, апату, аԥсуара: аԥсуаа имҩаԥырго аҵас-қьабзқәа рзы ажәақәак

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский фестиваль "Апсны"
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.11.2021
Анапаҵаҩра
Апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа Sputnik Аԥсны аҟны апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо дазааҭгылоит аԥсуаразы игәҭахәыцрақәа. Аԥсуа изы аԥсуара иаанаго уи аҵакы, изықәныҟәатәу аҵаси ақьабзи, абарҭқәа ирызкуп ишәыдаагало аматериал актәи ахәҭа.
Дарбан ԥсыуазаалакгьы, ииашаны дааӡазар, иаԥсуа ҟазшьақәа пату рықәиҵозар, дахьнеилакгьы дацклаԥшуеит уи ижәлар ишынарыгӡо… Шьоукы, ачараҿы инеима, аԥсраҿы инеима, иҳәатәу, иахьынӡауа идырмариоит, шьоукы, инҭырҳәыцааны инарыгӡоит, даҽашьоукых, уи аамҭа иагахьоу акы ауп ҳәа иахәаԥшуеит…
Аха зегьы акоуп, агәаӷь цқьа змоу аԥсуаа, рацәак ргәабзеира иаҵанамкуазаргьы, рабацәа, рабдуцәа иддырбаз нарыгӡарц иалагоит, ирдыруагьы акы агрыжьуам… Еиҭасҳәоит, урҭ рынагӡашьа Аԥсны раионцыԥхьаӡа еиԥшымзар ҟалоит, аха иахьугалакгьы, чароума ԥсроума, рымҩаԥгашьа агәыцә хада акоуп, уи акәша-мыкәша иацәыхараны игылаӡом…
Сара иахьа исҭахуп ҳажәлар ргәырӷьарақәа рҿы, еиҳаракгьы рчарақәа рҿы , сара сыбла ишабаз, сара ишышьҭыскааз, шәсырдырырц, ишәзеиҭасҳәарц, нас, иҟалоит уи шәара ишыжәдыруа иақәымшәозар, еиԥшымзар, шәаргьы џьара ишәкьыԥхьып, ижәҩып, нас, зегьы еилаҵаны, аиаша хаҭаҵәҟьа ҳазааигәахап…
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2021
Аԥсуара иалакҭоу - аԥхашьароуп
Шәышықәсала ҳажәлар имырӡӡакәа иаарго ҳаԥсуа традициақәеи ҳқьабзқәеи иахьауажәраанӡагьы икармыжьырц, иныҟәыргарц, еихарҳарц зҭаху ҳҿар маҷӡам Анцәа иҟынтә. Аха макьана урҭ зегьы еидкыланы, рҵагатә шәҟәык еиԥш аҭыжьра иахьымӡац ҳҵарауаа, ҳетнографцәа, ҳфольклористцәа. Анцәа иҟынтә, иҟоуп алитература имаҷымкәа, аҿар рхы иадырхәаша, уасхырс иҟарҵаша, зхатәы змырӡырц, изыԥшаарц иашьҭоу рзы…
Урҭ авторцәас ирымоуп Ш. Инал-иԥа, Б. Шьынқәба, Иу. Аргәын, Н.Ҳашыг, В. Бигәаа уҳәа имаҷҩымкәа. Аха уадаҩрас иҟоу, аԥсуаа ретнологиа, рқьабз бзиақәа ус иаармарианы иузыҭҵааӡом, ицәқәырԥо инеиуа аӡиас иаҩызоуп, џьара иаӷьуп, џьара иаӷоуп, џьара аа, иахьыҟоу абри ауп ҳара ҳтәыҵәҟьа, ирӡтәым шуҳәо иааумпыҵабоит, уи ажәлар аныҟәгара иахьаҟәыҵхьоу азы.
Усеиԥш иҟоу "абырлашқәа" ҳҵасқәа рыҩнуҵҟа даара ирацәоуп, аха ани ииасны ицо "аӡиас", ҳаԥсҭазаара уи ҵаулаӡан аҵанҵәҟьа иахьҭаршәу азы, арахь ахагалара, ацәыргара ԥсҭазаарак анаҭаххо ыҟоуп. Уи шәышықәсыла аҽаԥсахуан, аҽеиҭанакуан, аха иахьатәи аамҭа аҟынӡа еиқәханы иааиз хымԥада амырӡра, уаҵәы игыло аҿар, рабацәеи рабдуцәеи имҩаԥыргоз рҵас-қьабзқәа зегьыҵәҟьа нарыгӡо ирзымҳауазаргьы, тәым блала иахәамԥшуазар ауп, дара ишыртәу, ишрыцииз, ршьа ишалоу рдыруазароуп…
Архивтә фотосахьа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.12.2016
Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп
Икарыжьырц иалагаргьы, ҳаӷеимҽхара, ԥсҭазаарак ныҟәызго, дак шырҟәыԥсаауа рдыруазароуп… Абраҟа иаҵшьны иазгәаҳҭоит, ара еизгоу, ҳатрадициақәа ирызку аматериалқәа, иахьатәи аҿар еиҳа мариала ишьҭыркааша, ацәгьа-абзиа, иахьнеиуа иахьааиуа ирдыруазар, измырԥхашьаша, хьымӡӷ дызмыргаша, раԥсуа-гәаӷь маҷӡак иадамзаргьы изрыӷәӷәаша иреиуоуп. Даҽазнык иаҳҳәоит, арҭ аматериалқәа ҳҭҵаарадырра аусзуҩцәа иаԥырҵахьоуи, иаԥырҵараны иҟоуи ирацлабӡом, арҭ аԥсуа ашьыжь шаанӡа амҩа даннықәло, ҿаҵак иҿамыршәкәа ддәылҵыр, амышьҭацәгьа диԥылар, диҟыр ҳәа дышшәо еиԥш, "ҿаҵа хәыҷуп", аха хымԥада згьама батәу, изцәымшәакәа "илбаадатәу" акоуп!
Ажәакала, иахьа ҳаԥсуа чарақәеи, ҳгәырӷьарақәеи рымҩаԥгашьа сара сыла ишабаз, сара ишышьҭыскааз маҷк сазааҭгылоит, уи ԥҟаԥҵәаӡам, уи закәанӡам, аха аиаша иазааигәаны, ԥыҭҩык ирыхәо иҟалар, рдырратә ҳәаақәа рҿы уасхыр хәыҷык еиԥш ишьҭалар, сгәы абаауеит. Уашьҭантәи сықәгылараҿы сырзааҭгылоит ҳаԥсрақәеи, ҳаԥсхәрақәеи рымҩаԥгашьеи рыршӡашьеи рҿы сара сыбла ишабаз, ишысгәалашәо...

Аԥсуара

Аԥсуа жәлар рыԥсҭазаараҿы, аԥсуа адунеи дшаны данықәнагалаз аахыс, акырӡа аҵанакуеит уи иламыс, ипату, иаԥсуара аныҟәгашьа. Иџьаушьаша, уи анкьагьы, инарҭбааны шәҟәы ианӡамызт, хәыҷи-дуи ирԥыхьашәартә, ирбартә, ираҳартә!.. Аха иара, аԥсуа даниз инаркны ициуан, даныԥсуазгьы ицыԥсуан… Аԥсуа дшаԥсыуоу злоудыруа, уи иламыси, иаԥсуареи, ихаҵгылареи рыла ауп…
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2019
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа
Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба еицырдыруа ироман "Ахрашәа" аҿы баша имҳәаӡеит: — "Аԥсуаа уаҳҿызар, ҳара ҳтәы хазуп, ҳара ҳхазы аҵкыс, ҽаӡә изы ҳразуп!.."
Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы, зқьҩык дрылазаргьы, ахьеиԥш дрылыҷҷоит, дудыруеит иаԥсуарала!.. Уи иаԥсуара есымша аԥхьа иргылоит, иаԥсуара иаҵанамкуа, иаԥсуара лазырҟәуа уи ахаангьы дадгылаӡом… Иахьа аглобализациа адунеи амҽхакра ишаҿугьы, зыламыси, зыпатуи, заԥсуареи еиқәырханы измоу рзы, уи даԥсыуоуп, уи ашьацқьа далҵит, уи ихы иаҭәеимшьо иаԥсуара иатәым ҟаиҵаӡом рҳәоит!
Иахьагьы адунеиаҿы, ацивилизациа дуқәа злоу, инаԥшхьоу-иааԥшхьоу ажәлар иџьаршьоит, ԥшьынҩажәижәаба, ма шәышықәса зхыҵуа абырг иҩны унеир дахьухаӡгыло, ухы дагәӡны, аԥсшәа карҵәаны иуаҳәаны уахьидикыло!.. Иареи уареи шәеицәажәонаҵы, иԥҳа, ма иҭаца даақәгьежьааны уфатә лрыхиоит, акәты узылшьуеит, абысҭа узылуеит, иԥхеиԥхеиуа арыжәтә адлыргылоит!.. Абырг иҷкәын, ма имаҭацәа аӡәыр аҩны дыҟазар, иудтәалоит, ҳаҭыр уқәырҵоит, уимоу, асас дахь даҳҭоуп ҳәа агәылацәа удыргалоит, ачеиџьика бзиа ҟарҵоит!.. Аԥсуа усҟан иагьа дыццакуазаргьы исааҭ дахәаԥшӡом, уи зегьы иреиҳау уалс иԥхьаӡоит исас пату иқәҵара, иахьынӡахәҭоу, иахмырҟьакәа иқьаф аҟаҵара.
Алабашьа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.08.2019
Ахшыҩеилаҵара, аҳаҭырқәҵара, аиашара: аԥсуаа ражәаҳәаратә ҟазара аҷыдарақәа
Иахьатәи аамҭазгьы, аԥсуаа, шамахаӡак ракәымзар, раԥсуара акодекс иахыԥаӡом, еилазго аӡә дҟаларгьы уи ивара игылоу иаразнак иеиҳәоит, уара ушаԥсыуоу ухашҭма, ҳәа?! Уи еиҳау хьымӡӷы ыҟаӡам, аԥсуа иаԥсуара анихашҭ, ианизныҟәымга, пату анизақәымҵа… Шьоукы-шьоукы амилаҭқәа иџьаршьоит, аԥсуа бырг ақалақь аҿы автобус, ма атраллеибус данааҭалалак, ахьышәҭҳәа уи еиҵбацәоу, иқәыԥшӡоу аԥсуаа рхәыҷқәа гыланы дахьдыртәо, пату иқәҵаны, ицхрааны! Абырггьы усҟан игәы иахәаны ҿааиҭуеит, аԥсуара ыҟанаҵы, Анцәа ду уимырӡааит, ҳәа!.. Уи иаанаго, аԥсуара ахаангьы иӡӡом, иӷәӷәоуп, уаргьы хымԥада ақәра ду нуҵуеит ҳәа ауп!
Аԥсуара аҭҵааразы адунеи ахы- аҵыхәа Аԥсныҟа имаац аҵарауаа маҷуп, иазҿлымҳауп зегьы… Аԥсуара аныҟәгара ус имариаӡам, уи зегь раԥхьа иргылан иныҟәугарц азы, ауаҩы иламыс цқьазароуп, шәышәыра имамзароуп, амц имҳәозар ауп, аиҳаби аиҵби пату рықәиҵозар ауп, аиҳаб иҿгьы, аиҵбы иҿгьы ихы неигозар ауп, ачеиџьыка имазар ауп, ҳаԥсуа традициақәа зегьы идыруазар ауп… Раԥхьа иргыланы асас ипатуқәҵашьа, аԥсреи абзареи рныҟәгашьа, рхаӡгылашьа, ауаҩы агәаҟра данақәшәо ивагылашьа, ицхраашьа, игәы зырӷәӷәаша ажәа аҳәашьа, абзиа данақәшәа ивагылашьа, ирԥшӡашьа…
Аԥсуа ԥацха - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2015
Аԥсуа исасдкылара шьагәыҭс иамоу апатуеиқәҵаратә хымҩаԥгашьоуп
Аԥсуа, зегь раԥхьа иргылан, иаԥсуара дахымԥозар ауп, уи зегьы иреиҳау закәануп ҳара ҳмилаҭ рзы!.. Заԥсуара иахыԥаз, ма еилазгаз, пату иқәӡам аҳаблаҿы, ақыҭаҿы, иара дызланхо ауааԥсыра рҿы… Уи дахьнеиуазаалакгьы блаҵархәыла ихәаԥшлоит, заԥсуара еилазгаз ҳәа дрыԥхьаӡоит, уи еиҳау хьымӡӷы ыҟаӡам…

Аԥсуара ауаҩы дышгароу, данхәыҷу аахыс иларааӡоит… Аԥсуара аныҟәгаразы узхымԥаша уалԥшьақәаны иҟоуп: аҳаҭырқәҵара, аламыс, аиҳаби аиҵби реиҩдыраара, раҳаҭыр абара, амц амҳәара, адымгылара, аиаша азықәԥара, ахьӡи ахьымӡӷи реилкаара, ажәытә ҵасқәа рхамшҭра, ԥсыхәа ахьынӡамоу рынагӡара, ламысла, ԥсыцқьала адәы ақәзаара, аԥсадгьыл абзиабара, ианаҭахха, убла аҷыц еиԥш ахьчара…

Ажәлар рҿы инхеит ажәа: Аԥсуа дахьноугалакгьы дшаԥсыуоу дынхоит, ҳәа. Аԥсуа иԥсырҭа, реиҳа иахьихьуа, игәыӷрақәа зегьы ахьҭаҵәаху, иԥсадгьыли иаԥсуареи рҿы ауп!.. Урҭ аҩбагьы, иԥсы ҭанаҵы, ишьамхы днанагонаҵы, ихақәҵан ихьчоит!

Аламыс

Адунеи иқәынхо ажәларқәа зегьы злеиԥшым рбызшәеи, рқьабзқәеи, рыуаҩышьеи, рыламыси рыла ауп. Аԥсуа ахаангьы иламыс ала адунеи дахыҵәахьан, ажәытәангьы иахьагьы иӡбахә зларҳәо, деицырдырыртә дҟазҵақәаз иреиуоуп… Иҟоуп ажәаԥҟа имԥсуа, имыӡуа: "Аԥсуа иламыс ӷбакы иҭаӡом!" Уи дахьыҟазаалакгьы, зегьы дрылкааны дузырдыруа иламыс ауп… Аԥсуа дахьыҟазаалакгьы, дызҿызаалакгьы, есымша иааицрымшәо ицуп иламыс… Иџьаушьаша, аламыс иара амыцхәгьы далацәажәаӡом, уажәы-уажәы иқьышә иқәкӡам уи аӡбахә, аха иара ихныҟәгашьеи, итәашьеи, игылашьеи, ицәажәашьеи, иааҟаиҵо зегьы ирыцуп… Уи амыцхә убла ихикылаӡом, дцо-даауа далацәажәаӡом, угәы ԥиҵәаӡом, аха ҟазшьа хәыҷык ала иуирбоит, иара дызхымԥо-дызҵымԥо, зегьы иреиҳау иԥсҭазаараҿы акы шыҟоу, уи аламыс шакәу.
Дуаҩуп, даамысҭашәоуп: аԥсуара азҵаарақәак ирызкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2020
"Дуаҩуп, даамысҭашәоуп": аԥсуара азҵаарақәак ирызкны
Аԥсуа иламыс ибызшәеиԥш ициуеит, даныхәаҷу инаркны зехьынџьара ицуп, ицыршәаӡом… Иаҳҳәап, аиҳабы пату иқәҵара, уи иеихырхәара, иаԥхьа аӡыҵәҟьа амжәра, ихаҵгылара, пату иқәҵан еиҳа иахьыԥшӡоу аҭыԥаҿ днаган иртәара, раԥхьа ажәа иара иҭара, ибзианы изыӡҩрра, иара данцәажәалак ашьҭахь ааҭгыларак ныбжьаҵаны, хрыжь-хрыжь аҭак аҳәара. Аԥсуаа ражәа ахаангьы иалан, аиҳабы пату шаҟа иқәуҵо аҟара, убриаҟара уаргьы уқәрахь уаннеилак, уанажәлак, пату уқәырҵоит ҳәа… Убри дазхәыцны, дарбанзаалакгьы аԥсуа, ламысцқьала иааӡоу, ашьацқьа злоу, иҟаиҵо иарбан шьаҿазаалакгьы, ишәоит, изоит, икапануеит, раԥхьа аиҳабацәа рыблала дахәаԥшуеит, уи дамырԥхашьартә иҟазар, аԥсуара иацәтәымымзар, нас ауп ишьаҿа аныҟаиҵо… Зегь рыла ишахәҭоу, уаҩԥс дзавамло ианыҟалалак ауп, аԥсуа ианиҳәо: "Шьҭа сыламысгьы ҭынчуп!.." ҳәа.
Аламыс зызныҟәымгаз аԥсуа ахаангьы пату иқәӡамызт, иара ииашьара рыбжьареиԥш, дызлоу ақыҭаҿгьы, аҳаблаҿгьы, уимоу, иара изааигәаӡоу иҩызцәа гәакьақәа рҿгьы… "Уи иламыс ифахьеит!" — ҳәа ззырҳәаз пату иқәӡамызт, ихаӡгыларагьы иаҟәыҵуан, иабацәа, ма иабдуцәа, мамзаргьы ииашьара раҳаҭыразы аԥсшәа иарҳәон акәымзар…
"Зыламыс зцәыӡыз!" — убригь иаанаго ахьымӡӷ згаз, аԥсуара иахыԥаз, зыуаажәлар рҿы апату зқәым, аԥсуа ихы иаҭәеимшьо зхы иаҭәазшьаз иоуп… Уи ихә, иаҳаҭыр зегьы рҿы иаразнак икаҳауеит, дахьаарԥылоугьы, уаҳа дрымбарц, ма аԥсшәа иарымҳәарц наҟ рҿы надырҳәуеит… Уи зынӡа диеиԥшӡам, ламысла адәы дықәуп ҳәа ззырҳәо… "Ламысла адәы дықәуп!" — еиҳау хәшьара ыҟаӡам аԥсуа изы!.. Уи иҩыза ауаҩы ауаа иаразнак деицгәарҭауеит, итәашьа, игылашьа, инеиааишьа, аиҳаби аиҵби пату рықәҵашьа, рхаҵгылашьа, урҭ зегьы злоу ауаа иаразнак дрылукаауеит. Уи анцәа дигәарԥханы дишеит рҳәоит, дахьнеиз, дсасны дызҭааз аҩнаҭагьы, амшаԥныҳәа мҩахыҵызшәа иеигәырӷьоит!..

"Аԥсуа иԥсырҭа иламыс аҿы иҟоуп!" — иаанаго, уи иламыс уанаӷрагыла зегь раҵкыс даргәаауеит, иԥсадгьыл еиԥш ихьчоит!

Иахьатәи аԥсуа чарақәа

Иахьа аԥсуа жәлар ажәытәтәи аԥсуа чарақәа рқьабзқәа иахьрыцәхьаҵыз даара ирацәоуп. Иҟоуп иканаԥсаз рҟынтәи ибзиақәоугьы маҷымкәа, аха иҟоуп еиқәырхатәызгьы, ҳара ҳажәлар ирыхьчашаз, еиқәдырхашаз… Ҳара араҟа ҳалацәажәаӡом иахьа нагӡашьа змам, усҟан иҟарҵоз рытрадициақәа, уи аамҭа иагеит, иахьатәи ацивилизациатә ԥсҭазаараҿы хнырҳәышьа амаӡам.
Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.05.2019
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа
Иаҳҳәап, ажәытәан аԥсуаа ачара дуқәа рҿы аҵәца хәыҷқәа рыла аҩы ржәуан, рныҳәаҿақәагьы рацәаӡамызт, шамаха быжь-ҵәыцак, ма жәба еиҳаны ирҳәаӡомызт… Мамзаргьы иахьатәи ҳчарақәа реиԥш аашәҩык инадыркны зқьҩык, зқьи хәышәҩык нарԥхьаӡомызт… Инарԥхьон рыуацәа, рҭынхацәа, амаҳә, мамзаргьы ани аби рҩызцәа гәакьақәа, рыжәлантәқәа, рқыҭаҿ пату зқәыз, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз ауаа, рҳабла, ргәылацәа. Аҭаца лҟынтәигьы аҭацаҩыза, ахаҵаҩыза, уаҳа аӡәгьы. Уаанӡа аҭацеи амаҳәи еимырдахьаз анапеимдахьақәа рышьҭахь, шамаха иахдырҟьаӡомызт, абхәеи анхәеи рзы цәамаҭәақәак нарымгозар.
Амала иазгәаҭатәуп, ауаажәларратә ҵакы змоу атрадициатә ҵасқәеи ақьабызқәеи ишрықәныҟәо иахьа Аԥсны ачарақәа зуа аԥсуаа маҷымкәа. Ачара аныруа аламҭалаз ҩымш-хымш шыбжьоу ауа-аҭахы аизара иалагоит, дасу илшо ала ацхыраара ҟаиҵоит, аӡәы ацә дадгылоит, аӡәы аҩы, аӡәы ауатка, даҽаӡәых ԥарала еиқәиршәоит. Аԥшәмагьы заа ичарахь инеиԥхьараны иҟоу ауаа рхыԥхьаӡара идыруеит азы, убри инақәыршәаны ирфаша, иржәша акагмыжькәа еидигалоит.
Иеизоит иаразнак аԥшәма игәылацәа, иуацәа-иҭахцәа, зегьы ирылшо акака иалагоит. Шьоукы абысҭа аура иалагоит, шьоукы акәац, шьоукы акәытқәа ҭаҵаны иржәуеит, шьоукы аишәа хаамыхаала идрыхиоит. Зегь реиҳа ҳмилаҭ ирџьушьаша, ауаҩы ачара анимоу, дасу агәылацәа дара рус рдыруеит, дасу иззыманшәалоу иадгылоит. Амаҵауразы еилоу уаҵәы чараны, ауха цәык шьны, абысҭа уны еилацәажәоит, аҩынаҳацәа инадыркны, ачараҿы мҩаԥгаҩыс, тамадас иалырхуа иҟынӡа, зегьы рыхьӡ рҳәоит, дасу инапы иану ҭакԥхықәрыла дадгыларц!
Абхазская деревня - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2020
"Счеиџьыка уаӷрамгылан": аишәаҿы ахымҩаԥгашьа аетикет
Ажәытәгьы, иахьагьы аԥсуа чарақәа зырԥшӡо уи иалахәу рашәаҳәареи рыкәашареи роуп. Насгьы, асасцәа иалкааны даара пату рықәырҵоит, ачара еиҳабыс иалырхуа, аишәачара зырԥшӡо ауаҩы даара ҟазарыла дцәажәоит, зныҳәаҿақәа ктәу, ҳажәлар рныҳәаҿа инаркны, зывсра ҟамло, ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз инадыркны, ҳаиҳабацәеи, ҿыц зынасыԥ еилазҵази, акакала акгьы бжьаижьӡом. Уи убас ирԥшӡаны, алафхаа аҵаҵаны, иахьаҭаху ашәақәагьы бжьаргыланы имҩаԥигоит, ачараҿы итәоу зегьы ныҳәа дук иалахәушәа аамҭа рхыргартә.
Зегьы раԥхьа иргыланы аԥсуа чара зырԥшӡо ашәаҳәареи акәашареи роуп. Аԥшәма ачара бзиа иуит анырҳәо, уа иҟаз зегьы ажәа еимамккәа, рызхара ишәаҳәаны, икәашаны, рызхара еибабаны, игәыдеибакыла-хыдеибакыло ианеиԥырҵуа ауп.
Аԥсуа чараҿы зда ԥсыхәа ыҟам аныҳәаҿақәа роуп шамаха иныркыло. Уи ачара аиҳабы иҳәаны даналгалак, илаԥш ахьынаӡо зехьынџьара иаҵәцақәа аанызкылаша быжьҩык-ааҩык рыхьӡ иҳәоит, нас убарҭгьы иара ииҳәо акакала зегьы ираҳартә пату ақәҵаны иааныркылоит. Ачара аҽны еимырдоит асасцәеи аԥшәмацәеи аҳамҭақәа, уи мҩаԥыргоит дасу ишилшо еиԥш, иахмырҟьакәа… Аԥсуа чарақәа рҿы дасу дҩызоума, дықәлоума, дуоума, илшо ацхыраара ҟаиҵоит, избанзар, иара ачара зуа аԥшәмагьы дара рчарақәа рҿы илшо агижьӡом, ргәырӷьара иҽалаирхәуеит.
Шәеидымшылахааит, ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.12.2019
"Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа
Иналкааны иазгәаҭатәуп аԥсуа чарақәа рҿы аԥшәма иаҟараҵәҟьа аџьабаа шырбо уи игәылацәа. Ачараҿы абысҭа инаркны акәаци, еиуеиԥшым ачыси, ахаамыхаақәеи рҟынӡа, дара зегьы рнапы иҵыргоит, тәамҩахә, цәамҩахә ҟарҵаӡом аԥшәма ичара ааилгаанӡа. Иара аԥшәмагьы, ачара адырҩаҽны урҭ ацә ҟьантаз кажьны ирзишьуеит, сымаҵ ахьыжәуз, сахьышәмырԥхашьаз азы иҭабуп ҳәа. Аԥсуа чара аԥшәма имацара иакәӡам изчароу, изхьымӡӷу, уи игәылацәеи, ииашьареи, ауацәеи зегьы ирчароуп! Убри азоуп, аԥсуа чарақәа зегьы шамахак еиҿкаарыла, ҳаҭырла, патуеиқәҵарыла изымҩаԥысуа. Ашҭа иҭыҵны ицо асасцәа зегьы аԥшәмацәа гәыдкыла-хыдкыло ирыдныҳәалоит, рашҭа есымша ахәыҷы ччабжь ықәҩларц, ҿыц еиднагалаз ирхылҵны хәҩы аԥацәеи, хәҩы аԥҳацәеи анцәа ду дрықәныҳәан ириҭарц!
Ажәабжьқәа зегьы
0