https://sputnik-abkhazia.info/20240211/eitsyrdyrua-akhya-aray-akhoreograf-ashaa-anri-ferzba-1050097954.html
Еицырдыруа ахьыӡқәа: арҵаҩы-ахореограф, ашәаҳәаҩ Анри Ферзба
Еицырдыруа ахьыӡқәа: арҵаҩы-ахореограф, ашәаҳәаҩ Анри Ферзба
Sputnik Аҧсны
Арҵаҩы-ахореограф, ашәаҳәаҩ, Аԥсны Жәлар рартист Анри Ферзба 70 шықәса ихыҵит. Аиубилиар арадио Sputnik Аԥсны дасасын. 11.02.2024, Sputnik Аҧсны
2024-02-11T14:00+0300
2024-02-11T14:00+0300
2024-02-11T14:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/08/1050098054_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_5b36f3d537692948f5d41e432b6f590c.jpg
Еицырдыруа ахьыӡқәа: арҵаҩы-ахореограф, ашәаҳәаҩ Анри Ферзба
Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа ахьыӡқәа: арҵаҩы-ахореограф, ашәаҳәаҩ Анри Ферзба
Анри Џьоџьа-иԥа Ферзба диит Кәтол ақыҭан жәабран 11, 1954 шықәсазы Аԥсни уи анҭыҵи зашәаҳәаратә ҟазарала ирдыруа Ферызаа рҭаацәараҟны. 1974 шықәсазы Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа далганы, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны қәҿиарала дкәашон. Убасгьы аус иуеит рҵаҩыс Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭаҟны. Анри Ферзба ибзиаӡаны аԥсуа жәлар рашәақәа наигӡоит. Шәаҳәаҩык иаҳасабала далахәуп Ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль.2016 шықәсазы Аԥсны апрофессионалтә ашәаҳәаратә ҟазараҟны илагала ду азы Анри Ферзба ианашьан "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы."Апрофессионалк иаҳасабала акәым, бзиа избо амузыкатә рҳәагақәа аӡә иаҳасабала ус зегьы хәыҷмыҷқәак асырҳәоит. Ачамгәыр асырҳәоит, амырзакан бзиоуп, абжьы хаауп, аҩымаа, ахымаа. Амала аҿарпын абжьы сзамыргеит, уи нас Алхас (иҷкәын – азгә.), аҿар ус ауп, иаразнак рнапахьы иааргоит, сара егьырҭ (амузыкатә рҳәагақәа - азгә.) хәыҷык асырҳәоит", - иҳәеит Ферзба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/02/08/1050098054_104:0:1241:853_1920x0_80_0_0_a23d64d435073cb81977c7dcf902006f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Еицырдыруа ахьыӡқәа: арҵаҩы-ахореограф, ашәаҳәаҩ Анри Ферзба
Арҵаҩы-ахореограф, ашәаҳәаҩ, Аԥсны Жәлар рартист Анри Ферзба 70 шықәса ихыҵит. Аиубилиар арадио Sputnik Аԥсны дасасын.
Анри Џьоџьа-иԥа Ферзба диит Кәтол ақыҭан жәабран 11, 1954 шықәсазы Аԥсни уи анҭыҵи зашәаҳәаратә ҟазарала ирдыруа Ферызаа рҭаацәараҟны. 1974 шықәсазы Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа далганы, Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны қәҿиарала дкәашон. Убасгьы аус иуеит рҵаҩыс Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭаҟны. Анри Ферзба ибзиаӡаны аԥсуа жәлар рашәақәа наигӡоит. Шәаҳәаҩык иаҳасабала далахәуп Ашәаҳәареи акәашареи зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә ансамбль.
2016 шықәсазы Аԥсны апрофессионалтә ашәаҳәаратә ҟазараҟны илагала ду азы Анри Ферзба ианашьан "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
"Апрофессионалк иаҳасабала акәым, бзиа избо амузыкатә рҳәагақәа аӡә иаҳасабала ус зегьы хәыҷмыҷқәак асырҳәоит. Ачамгәыр асырҳәоит, амырзакан бзиоуп, абжьы хаауп, аҩымаа, ахымаа. Амала аҿарпын абжьы сзамыргеит, уи нас Алхас (иҷкәын – азгә.), аҿар ус ауп, иаразнак рнапахьы иааргоит, сара егьырҭ (амузыкатә рҳәагақәа - азгә.) хәыҷык асырҳәоит", - иҳәеит Ферзба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.