Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистр Кьиут Аԥсны АҩАРи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи реиқәшаҳаҭра ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Роберт Киут
Роберт Киут  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аԥсны АҩАРи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа архәҭақәа рфедералтә маҵзуреи рыбжьара аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩӡом ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.

"Ҳауаажәлар рыгәҭынчымра еилаҳкаауеит, аха, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр иаҳасабала, гәыҩбарада ишәасҳәоит ҳусбарҭаҿы, иааидкыланы ҳтәыла анапхгараҿы, Аԥсуа ҳәынҭқарра чарҳәара азызуа, зыԥсадгьыл ма зыуаажәлар ирԥырхагоу, амилаҭтә интересқәа ирҿагылоу аусура мҩаԥызго аӡәгьы дшыҟам", - ҳәа инаҵшьны иҳәеит Кьиут.

Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра - исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, ари астатус иара 30 шықәса раахыс ихьчо иаанагоит. Иахьатәи Аконституциеи азакәанԥҵареи инарықәыршәаны атәым ҳәынҭқарра иатәу азинхьчаратә усбарҭақәа ара ашәарҭадареи азинеиҿкаареи ирхылаԥшуа ҟалашьа амаӡам иҳәеит иара.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ амчратә усбарҭақәеи русзуҩцәа азхоит ауаажәларратә зинеиҿкаара, ашәарҭадара, атерроризми аекстремизми рҿагылара, абџьар аикәыршара ахылаԥшра, ахазхаҿқәеи аиуристтә хаҿқәеи рмазара ахьчара, ацәгьоура аҿагылара уҳәа рынагӡаразы", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.
Кьиут иажәа иацҵо иҳәеит АҩАР хықәкыс ишамоу урыстәылатәи рколлегацәеи дареи русеицура арҭбаара, аԥснытәи аусзуҩцәа рзанааҭ аизырҳара, аԥышәеимдара.
Ажәабжьқәа зегьы
0