Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥшьышықәса рахьтә знык": жәабран 29 рзы ииз гәыԥҩык ирызкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Мирослава Кәарҷиаԥҳа
Мирослава Кәарҷиаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.02.2024
Анапаҵаҩра
2024 шықәса - ашықәс ду ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҳзышьцылоу 365 мшы рцынхәрас 366 мшы ҳамазаауеит. Ашықәс ду, ажәлар разгәаҭарақәа рыла, агәҭынчымра зцу ҳәа иԥхьаӡоуп, аха џьоукых - ҳаԥсҭазаара ҽнак ацлоит, амшьҭа бзиоуп ҳәа иахәаԥшуеит. Саргьы урҭ рыгәҭа сыҟоуп. Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, иахьатәи санҵамҭаҿы ишәзеиҭасҳәар сҭахуп жәабран 29 аҽны ииз ҳтәылауаа гәыԥҩык рыӡбахә. Дара еиҭарҳәеит рымшира шазгәарҭо атәы. Џьоукы жәабран 28 аҽны адныҳәаларақәа рыдыркылоит, џьоукых - хәажәкыра аказы. Сынтәа, ианиҵәҟьаз арыцхә аҽны иазгәарҭоит аҟнытә, ҷыдала уи амш иазнеиуеит.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ҩаԥхьа ажәлар разгәаҭарақәа рыла, ашықәс ду аан ииз, аиҳарак жәабран 29 рзы, егьырҭ ауаа ирылукаауеит иҳараку ацәалашәарала, аҟыбаҩ ҷыдала, ахаризмала уҳәа. Уажәы ус акәу акәму шәареи ҳареи еилаҳкаауеит.
Ианакәызаалак асаби имшьҭа бзиоуп рҳәоит. Ус анакәха, жәабран 29 рзы ԥшьышықәса зхыҵуа Мирослава Кәарҷиаԥҳа лыӡбахә ала салагап.
Хыхь ишысҳәаз еиԥш, Мира диит жәабран 29 2020 шықәсазы. Асаби лан Рада Гыруаԥшьԥҳа жәабран 28 рзы лирамш азгәалҭоит, лаб Сурам – хәажәкыра 3 рзы. Аҭаацәа агәыӷра рыман ахәыҷы лан ма лаб рирамшқәа ирықәыршәаны диип ҳәа, аха лара ллахьынҵа "хыхьынтәи" иӡбан. Иҷыдаз арыцхә аан адунеи дықәлеит ауаҩ ҿыц, амреиԥш икаԥхо Мира хәыҷы. Иҟоуп аҭаацәа жәабран 29 аҽны рысаби дизар, аиразы аршаҳаҭгаҿы арыцхә анырыԥсахуа, иаҳҳәап, жәабран 28 ма хәажәкыра аказы диит ҳәа анадырбо. Аха Мира лҭаацәа ирыӡбеит рыԥҳа лыԥсҭазаараҟны даниз амш иҷыдоу ацәаныррақәа лзаанагаларц азы ус ашәҟәы данырҵарц.
"Ахәыҷы шықәсык анихыҵуа имш иира азгәаҭара ҵасым рҳәоит аҟнытә, Мира ҩышықәса анылхыҵуаз ауп инарҭбааны аныҳәа анылзеиҿаҳкаа, рыцхәсгьы иалаҳхит хәажәкыра акы. Адырҩашықәсангьы убасҵәҟьа. Мира уажәшьҭа илызҳаит, лхаҭа лгәы хыҭхыҭуа дазыԥшуп лирамш. Сынтәа иаҳҭахуп даниҵәҟьаз арыцхә иақәыршәаны, инарҭбааны, лгәы иҭымҵуа иазгәаҳҭарц. Есԥшьышықәса убас иҟаҳҵаларц ҳгәы иҭаҳкит", - лҳәоит Мира лан Рада.
Мира Аҟәатәи ахәыҷбаҳҷа "Аҟармаҵыс" дҭоуп. Лара убас лхатәы бызшәа лыцааиуеит, лықәра иақәнаумыргаратәы. Даара аҟазара злоу хәыҷуп, бзиа илбоит ашәаҳәареи акәашареи. Аиашазы, дџьазшьо рацәаҩуп.
Сынтәа, жәабран 29 рзы хәынтәны иирамш азгәеиҭоит арԥыс қәыԥш Асҭан Бебиа, иара ихыҵуеит 20 шықәса.
Аԥхьанатә Асҭан иҭаацәа аиразы аршаҳаҭгаҿы жәабран 28 рзы диит ҳәа адырбеит, аха атәылауаҩшәҟәы анирҭоз, арԥыс иҭаххеит уаҟа иарбазарц даниҵәҟьаз арыцхә.
"Доусы ҳанииз арыцхә ҳлахьынҵа иадҳәалоуп аҟнытә, анаскьагара ма ахырԥара иашам ҳәа исԥхьаӡоит. Убри аҟнытә атәылауаҩшәҟәы ансырҭоз исҭаххеит саниҵәҟьаз арыцхә ала санызарц", - инаҵишьит Асҭан.
© Foto / предоставила Саида Жиба Асҭан Бебиа
Асҭан Бебиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2024
Асҭан Бебиа
Иара инарҭбааны иирамшқәа сынтәатәи налаҵаны хәынтә иазгәеиҭахьеит. Длафны иҳәоит "хәышықәса роуп исхыҵуа" ҳәа. Арԥыс ааӡара бзиа шимоу убартә иҟоуп. Дазҟазоуп аҽтәы спорт. Даныхәыҷыз инаркны иқәманшәалахоз ак акәын. Асҭан есышықәса ихы рылаирхәуеит аҽырҩырҭақәа рҟны еиуеиԥшым арыцхәқәа раан имҩаԥысуа аспорттә усмҩаԥгатәқәа. Изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәагьы ааникылахьеит.
Иахьа Асҭан Кәыдрытәи аиҩхааҟны иҟоу архәҭаҟны аррамаҵура дахысуеит. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа ԥсыцқьарыла иуалԥшьақәа наигӡоит.
Жәабран 29 аҽны лиирамш азгәалҭоит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Мадонна Шьалодиа-иԥҳа Џьапуаԥҳа. Сынтәа лара иазгәалҭоит аиубилеи, илхыҵуеит "15" шықәса.
"Ухәыҷреи уқәыԥшреи раан ауп амш иира агьама анамоу. Уқәра цацыԥхьаӡа уазхәыцыргьы уҭаххом. Аха сара ԥшьышықәса рахьтә знык излазгәасҭо ала, уажәоуп санжыцәха. Сынтәа "15" шықәса схыҵуеит", - ҳәа длафуеит арҵаҩы.
Мадонна Шьалодиа-иԥҳа абжьааԥны жәабран 28 аҽны адныҳәаларақәа лыдылкылоит, аха есԥшьышықәса даниҵәҟьаз аҽны, акы иаламҩашьо лгәакьацәеи, лколлективи, лҵаҩцәеи аныҳәа лзеиҿыркаауеит. "14" анылхыҵуаз, лҵаҩцәа "ҳара шәҳақәлазаап" - ҳәа алаф ҳәауа лгәы иҭымҵуа лиирамш азгәарҭеит.
© Foto / предоставила Саида Жиба Мадонна Џьапуаԥҳа
Мадонна Џьапуап,ҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2024
Мадонна Џьапуаԥҳа
366 мшы рыла ишьақәгылоу ашықәс ду амшьҭа цәгьоуп ҳәа иҟоу агәаанагара Мадонна Џьапуаԥҳа даҿагылоит.
"Уи ашықәс азы сара сиит ҳәа акәым, аха, сазгәаҭарақәа рыла, егьырҭ акала ицәгьаны ирылыскаауа сҟамлацт. Шәацәымшәан ашықәс ду ҳәа изышьҭоу. Ԥшӡала имҩасааит зегьы ҳзы", - ҳәа азгәалҭеит аиубилиар.
Арҵаҩцәа рыӡбахә ҳәауа, сиасуеит жәабран 29 рзы ииз Диана Виачеслав-иԥҳа Ҭҳаиҵыкәԥҳа лахь. Лара аус луеит Тҟәарчалтәи абжьаратә школ №2 аҟны, имҩаԥылгоит англыз бызшәа амаҭәар.
Диана Ҭҳаиҵыкәԥҳа атәылауаҩшәҟәы дануп данииз арыцхә ала. Ԥшьышықәса рахьтә знык лиирамш ианақәшәо иазгәалҭозар, егьи абжьара жәабран 28-еи хәажәкыра аки рзы адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи лыдылкылоит.
"Сара насыԥ змоу уаҩны схы сԥхьаӡоит. Жәабран 28, 29, хәажәкыра акы – ҷыдалатәи адныҳәаларақәеи аҳамҭақәеи ансыдыскыло мшқәоуп", - ҳәа длафуеит лара.
© Foto / предоставила Саида Жиба Диана Ҭҳаиҵыкәԥҳа
Диана Ҭҳаиҵыҟәп,ҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2024
Диана Ҭҳаиҵыкәԥҳа
Лиирамш арыцхә ианақәшәо ала шаҟантә иазгәалҭахьо уԥхьаӡозар, Диана Ҭҳаиҵыкәԥҳа жә-шықәса роуп илхыҵуа. Уи здыруа лҵаҩцәагьы алаф лхырҳәаауеит.
"Иҟалалоит зны-зынла сҵаҩцәа ааӡаратә процесс инақәыршәаны санраӷьуа, усҟан "шәара, ҳара ҳаасҭа шәеиҵоуп, шәыцәҳар ҟалаӡом" ҳәа исылахәмаруеит. Аиашазы, хыхь ишысҳәаз еиԥш, насыԥ сымоуп сара. Сҭаацәа рнаҩс исызгәакьоу ауаа реиԥш исԥхьаӡоит сколлективи сҵаҩцәеи. Сиирамш атәы уҳәозар, сара саасҭа дара еиҳа иазыԥшуп. Ԥшьышықәса рахьтә знык арыцхә иахьақәшәо аҟнытә, иҷыдоу мшуп ҳәа ирԥхьаӡоит", - иазгәалҭоит арҵаҩы.
Диана Ҭҳаиҵыкәԥҳа сынтәагьы илзыԥшуп лгәы иҭымҵуа, лиирамш иазку аныҳәа. Ус шакәу лажәақәа агәра удыргоит.
Жәабран 29 рзы ииз, аха 28 рзы ашәҟәы иану дреиуоуп ҳтәылауаҩ Лерик Ацанба. Иара сынтәа 36 шықәса ихыҵуеит.
"Сҭаацәа саниз арыцхә ԥшьышықәса рахьтә знык ауп ианааиуа аҟнытә, еиҳа еиӷьуп ҳәа иԥхьаӡаны, аиразы аршаҳаҭгаҿы ҽнак инаханы санырҵеит. Ауаҩы адунеи данықәло арыцхә ииашаҵәҟьаны иарбазар еиӷьзар ҟалап, аха усҟан сара слахьынҵа сҭаацәа ирыӡбеит", - иҳәоит Лерик.
Лерик Ацанба даныхәыҷыз инаркны имшира инарҭбааны иазгәеиҭартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟамлеит. Иара иҭаацәа арыцҳарақәа рацәаны ирхыргеит. Аха ус егьа иҟазаргьы, игәакьацәеи иҩызцәеи ҳамҭада даанрыжьуам. Аиҳарак даниҵәҟьаз арыцхә, ԥшьышықәса рахьтә знык ираҩрыжьыр рҭахым.
"Сықәра хаҭа ԥшьынтә иааихшаны, "уара макьана ухәыҷуп, ҳҿаԥхьа убжьы ҭыганы ацәажәара азин умаӡам" ҳәа исахәмаруеит сиирамш сыдызныҳәало зегьы. Уи хымԥада сарлахҿыхуеит, "сара ахаан сажәӡом, шәара шәакәымзаргьы" ҳәа раҭаскуеит", - ихы дахлафаауеит Лерик Ацанба.
© Foto / предоставила Саида Жиба Лерик Ацанба
Лерик Ацанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2024
Лерик Ацанба
Ирацәаҩуп жәабран 29 рзы ииз ҳтәылауаа, аха егьа агәаҳәара ҳамазаргьы, нҵамҭак зегьы рыҿцәажәара ҳазҭагӡом. Агәыӷра ҳамоуп ҳаҭарымҵап ҳәа. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, сынтәа, жәабран 29 аҽны зиирамш азгәазҭо ҳтәылауаа гәык-ԥсыкала ирыдысныҳәалоит ихазыноу рныҳәамш. Ари арыцхә еснагь нашанала еибаркызааит.
Ашықәс ду – ари 366 мшы рыла ишьақәгылоу амзартә шықәсуп. Ҳзышьцылахьоу амшқәа ирыцлоит ҽакы. Ажәакала, жәабранмза ҽнак иацлоит. Уи зыхҟьогьы, адгьыл 365 мши, хә-сааҭки, 46 минуҭи рыла амра иахьакәшо ауп. Ус анакәха, есԥшьышықәса рыла еизоит даҽа ҽнак злаҟалаша аамҭа. Ашықәс ду хадоуп – ашықәстәи амратәи амзарқәа реишьашәаларазы. Ари аилыркаа иаҳнарбоит – ауаҩы игәшәарақәа шбашоу. Уԥсҭазаара ҽнак иацлоит акәымзар, ԥырхага унаҭом ашықәс ду.
Ажәабжьқәа зегьы
0