Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҵара аминистрреи Ахәыҷтәы центр "Артеки" аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит

© Foto / Министерство просвещения АбхазииМинистерство просвещения Абхазии. Всероссийский детский центр "Артек". Инал Габлия
Министерство просвещения Абхазии. Всероссийский детский центр Артек. Инал Габлия - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 6 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистрреи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Артеки" аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит Сириус, Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҟны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны ахьӡала уи инап аҵаиҩит Аҵара аминистр Инал Габлиа, Урыстәыла ахьӡала - Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Артек" аиҳабы Константин Федоренко.
Аганқәа еиқәышаҳаҭхеит аҵара аусхк аҟны жәларбжьаратәи аусеицура аиҿкаара еиҳа ирӷәӷәазарц азы.
Иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа иреиуоуп арҵаратә программақәа, жәларбжьаратәи аҵаратә, аҭҵаарадырратә, аҭҵаарадырра-техникатә проектқәа, аинновациатә усурақәа аусеицрыдулареи реицынагӡареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0