https://sputnik-abkhazia.info/20240331/akuku-rakhaa-yzyz-sit---ankhamat-usa-ralagama-iadyrgou-1050572057.html
"Акәыкәу раԥхьаӡа ҿызҭыз ԥсит" - анхамҩатә усқәа ралагамҭа иадыргоу
"Акәыкәу раԥхьаӡа ҿызҭыз ԥсит" - анхамҩатә усқәа ралагамҭа иадыргоу
Sputnik Аҧсны
Анхаҩы адгьыл аус адулара иҽаназикуа аамҭа ицәырнаго ажәлар разхаҵарақәеи разгәаҭарақәаки ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр... 31.03.2024, Sputnik Аҧсны
2024-03-31T09:20+0300
2024-03-31T09:20+0300
2024-04-01T10:42+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102467/40/1024674000_0:247:2737:1787_1920x0_80_0_0_7fdf1adcaea6fc658284828b08aa0894.jpg
Ааԥынра аԥсабара аҿыхара, аҿиара, аизҳара рнаҩсангьы адгьылқәаарыхыҩ изы ихадароу анхамҩатә усқәа ралагамҭоуп. Ауаҩы ибзазара маншәахаларц, аарыхра бзиа, аҽаҩра беиа иоура иазкуп уи имҩаԥиго ақьабзқәагьы. Аԥсабара инаҭо адыргақәа ихы иаирхәоит, аҵаҳәақәа ицирхыраауеит. Иарбанзаалак ԥстәума, ԥсаатәума ахатә ҟазшьақәа рымоуп – аҵаақәа аниаслак ашьҭахь раԥхьаӡа иҿыхо аԥстәы инаркны, раԥхьа иҿызҭуа аԥсаатә, раԥхьа игәылҵуа ашәҭ уҳәа зегьы. Аԥсабара иазааигәоу ауаҩы урҭ рыҟазшьақәа гәаҭаны инхамҩатә усураҿы иахьицхрааша алаидыруеит. Уажәы ҳазлацәажәо анхара аамҭа шааиз иадыргоу аԥсаатә ауп. Уи акәыкәу ауп.Аԥсуаа акәыкәу ршьӡом, уи ауаҩы имаҵ ауразы ишоуп ҳәа иршьоит. Даҽакала иуҳәозар, ахы шас иҟанаҵоит: акәыкәуқәа ирдыруеит ааԥынраз анхамҩатә усқәа – ацәаӷәара, алаҵара, арашәара – ралагамҭаз ашықәсан раԥхьа ҿызҭыр акәу.Акәыкәу ауаҩы даҟаҭәар ҟалоит ҳәа азгәаҭара шыҟоугьы, иҟоуп уи иаҿагыло даҽа згәаҭарак – ааԥынраз раԥхьаӡа иҿызҭуа акәукәу ԥсуеит ҳәа. Уи иазкны аԥсуаа ирымоуп ажәаԥҟа: "Акәыкәу раԥхьаӡа ҿызҭыз ԥсит" ҳәа.Актәи азгәаҭара иаҳнарбозар, акәыкәу илашьцоу, ауаҩы аԥырхагара изҭар зылшо ԥсаатәны ишыҟоу, аҩбатәи азгәаҭара иаҳнарбоит, уи ауаҩы ицхырааҩны иҟалар шалшо. Ганкахьала, акәыкәу ауаҩы дамҟаҭәарц азы ахыхьчаратә магиа мҩаԥигоит: ашьыжь аҩны дандәылҵуа ҿаҵак иҿы иҭамыршәкәа ддәылҵуам, иџьыба аџыш рыцк ҭаиҵоит уҳәа. Даҽа ганкахьала, акәукәу ауаҩы ахы иқәнаҵоит: ауаҩы инхамҩатә усқәа иқәманшәалахарц азы даналагаша адырра инаҭоит, уи азы ԥсаҭатәны ахы ҟанаҵоит уҳәар ауеит.Ааԥынразы акәыкәу раԥхьаӡа анҿнаҭуа ҳәа иԥхьаӡоуп хәажәкырамза анҵәамҭеи мшаԥымза алагамҭеи рзы. Уи аҿыҭрала "шәлаҵала, шәцәаӷәала" аҳәоит. Аԥсабара иацклаԥшуаз аԥсуаа ишгәарҭахьаз ала, акәукәу аҿыҭра ианаҟәыҵлак нахыс алаҵара иаԥсам, аҽаҩра ҟалаӡом (иагхоит).Абна бызшәа амаӡақәа даараӡа ирацәоуп. Абна бызшәа амаӡақәа иреиуоуп акәукәу аҿыҭбжьгьы. Акәыкәу аҿыҭбжьы ала "ҳцәаӷәап – ҳлаҵап, ҳлаҵап – ҳрашәап" ҳәа адгьылқәаарыхҩы изыманшәалоу аамҭа шааиз адырра инаҭоит. Зусқәа зықәманшәалахаша!
https://sputnik-abkhazia.info/20211112/Anaa-Naga--aara-antsakhy-ilyzku-anyara-1027984536.html
https://sputnik-abkhazia.info/20210725/tsaap---rashap-rashap---tsaap-ankhay-dyzaar-zylsho-asaata-1032900254.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102467/40/1024674000_13:0:2725:2034_1920x0_80_0_0_d2de6ad055072361379f681e1919df00.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Есма Ҭодуаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102963/74/1029637432_634:0:1967:1333_100x100_80_0_0_6428449d26d913d4418a6902209f10ec.jpg
жәлар рдоуҳа
"Акәыкәу раԥхьаӡа ҿызҭыз ԥсит" - анхамҩатә усқәа ралагамҭа иадыргоу
09:20 31.03.2024 (ирҿыцуп: 10:42 01.04.2024) Есма Ҭодуаԥҳа
НААР аҭҵаарадырратә усзуҩ
Анхаҩы адгьыл аус адулара иҽаназикуа аамҭа ицәырнаго ажәлар разхаҵарақәеи разгәаҭарақәаки ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Ааԥынра аԥсабара аҿыхара, аҿиара, аизҳара рнаҩсангьы адгьылқәаарыхыҩ изы ихадароу анхамҩатә усқәа ралагамҭоуп. Ауаҩы ибзазара маншәахаларц, аарыхра бзиа, аҽаҩра беиа иоура иазкуп уи имҩаԥиго ақьабзқәагьы. Аԥсабара инаҭо адыргақәа ихы иаирхәоит, аҵаҳәақәа ицирхыраауеит. Иарбанзаалак ԥстәума, ԥсаатәума ахатә ҟазшьақәа рымоуп – аҵаақәа аниаслак ашьҭахь раԥхьаӡа иҿыхо аԥстәы инаркны, раԥхьа иҿызҭуа аԥсаатә, раԥхьа игәылҵуа ашәҭ уҳәа зегьы. Аԥсабара иазааигәоу ауаҩы урҭ рыҟазшьақәа гәаҭаны инхамҩатә усураҿы иахьицхрааша алаидыруеит. Уажәы ҳазлацәажәо анхара аамҭа шааиз иадыргоу аԥсаатә ауп. Уи акәыкәу ауп.
Аԥсуаа акәыкәу ршьӡом, уи ауаҩы имаҵ ауразы ишоуп ҳәа иршьоит. Даҽакала иуҳәозар, ахы шас иҟанаҵоит: акәыкәуқәа ирдыруеит ааԥынраз анхамҩатә усқәа – ацәаӷәара, алаҵара, арашәара – ралагамҭаз ашықәсан раԥхьа ҿызҭыр акәу.
Акәыкәу ауаҩы даҟаҭәар ҟалоит ҳәа азгәаҭара шыҟоугьы, иҟоуп уи иаҿагыло даҽа згәаҭарак – ааԥынраз раԥхьаӡа иҿызҭуа акәукәу ԥсуеит ҳәа. Уи иазкны аԥсуаа ирымоуп ажәаԥҟа: "Акәыкәу раԥхьаӡа ҿызҭыз ԥсит" ҳәа.
Актәи азгәаҭара иаҳнарбозар, акәыкәу илашьцоу, ауаҩы аԥырхагара изҭар зылшо ԥсаатәны ишыҟоу, аҩбатәи азгәаҭара иаҳнарбоит, уи ауаҩы ицхырааҩны иҟалар шалшо. Ганкахьала, акәыкәу ауаҩы дамҟаҭәарц азы ахыхьчаратә магиа мҩаԥигоит: ашьыжь аҩны дандәылҵуа ҿаҵак иҿы иҭамыршәкәа ддәылҵуам, иџьыба аџыш рыцк ҭаиҵоит уҳәа. Даҽа ганкахьала, акәукәу ауаҩы ахы иқәнаҵоит: ауаҩы инхамҩатә усқәа иқәманшәалахарц азы даналагаша адырра инаҭоит, уи азы ԥсаҭатәны ахы ҟанаҵоит уҳәар ауеит.
Ааԥынразы акәыкәу раԥхьаӡа анҿнаҭуа ҳәа иԥхьаӡоуп хәажәкырамза анҵәамҭеи мшаԥымза алагамҭеи рзы. Уи аҿыҭрала "шәлаҵала, шәцәаӷәала" аҳәоит. Аԥсабара иацклаԥшуаз аԥсуаа ишгәарҭахьаз ала, акәукәу аҿыҭра ианаҟәыҵлак нахыс алаҵара иаԥсам, аҽаҩра ҟалаӡом (иагхоит).
Абна бызшәа амаӡақәа даараӡа ирацәоуп. Абна бызшәа амаӡақәа иреиуоуп акәукәу аҿыҭбжьгьы. Акәыкәу аҿыҭбжьы ала "ҳцәаӷәап – ҳлаҵап, ҳлаҵап – ҳрашәап" ҳәа адгьылқәаарыхҩы изыманшәалоу аамҭа шааиз адырра инаҭоит. Зусқәа зықәманшәалахаша!