Урыстәыла

Киев амобилизациа арӷәӷәаразы аԥкрақәа арбџьароит

© AFP 2023 / WOJTEK RADWANSKIВоенные Украины
Военные Украины  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2024
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 22 – Sputnik. Киев амобилизациа арӷәӷәаразы аԥкрақәа арбџьароит ҳәа иҳәеит Украина аԥыза-министр Николаи Азаров Telegram-канал аҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Иара иажәақәа рыла, Украина амчрақәа аԥкра ҿыцқәа аус рыдырулоит, ирыгәҭакуп амобилизациа арцәгьаразы азакәан аҿы иарбоу анормақәа еиҳагьы рырӷәӷәара.
"Рада аҟны абжьы ззырҭииз, Зеленски инапы зҵеиҩыз амобилизациа арцәгьаразы азакәан ҵыхәтәантәи документхом. Киевтәи арежим аԥкыра ҿыцқәа аус рыдырулоит, ирыгәҭакуп амобилизациа арцәгьаразы азакәан аҿы иарбоу анормақәа еиҳагьы рырӷәӷәара, ԥхьаҟагьы украинаа "анышә раҭара" атемпқәа дырццакуеит", - ҳәа иҩуеит Азаров.
Азаров иажәақәа рыла, УкрАМ акомандаҟаҵаҩ хада Александр Сырски Владимир Зеленски иофис ахь аҳәара ҟаиҵеит аполициа рҿы аҟәша ҷыдақәа аԥҵазарц, аррахь ацара зҽацәхьазкуа рышьҭашәарыцараз.
Частичная мобилизация в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2024
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Амобилизациаз азакәан украинаа рзинқәа ршьапы иқәнаҟьоит ҳәа рҳәоит Урыстәала АдәАР аҟны
Владимир Зеленски мшаԥы 16 рзы Украина амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәаразы азакәан инапы аҵеиҩит. Иара амчра аиуеит лаҵара 18 инаркны. Адокумент хықәкыс иамоуп амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәара, иара убасгьы арра ацара мап ацәызкуа еиҳа имҽыӷны рахьырхәра. Апроект ҿыц аррамаҵзура ахысра зыхәҭоу украинаа 60 мшы рыҩнуҵҟа арратә комиссариатқәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргаларц рыднаҵоит. Уи адагьы 18-60 шықәса ирҭоу атәылауаа арра-ҭаҩратә документқәа еснагь ирыцзароуп, иахәҭаны ианыршьо амчра амаҵзуҩцәа иддырбаларц азы. Анаԥхьара анашьҭра ҟалоит арра иргараны ишьоу ауаҩы иелектронтә кабинет ахархәарала. Убри аан иара иоуит ҳәа ирыԥхьаӡоит адокумент анапаҿы аркра шалымшаз азы аштамп анықәыргылаз арыцхә.
Азакәан аҿы иарбоуп аррамаҵзура иаҵанакуа арратә билеҭ еснагь иныҟәигаларц, арартә комиссариат ма аполициа русзуҩцәа рыдҵала идирбаларц. Уи мап ацәызкәуа амашьынарныҟәцара азингьы имырхыр алшоит. Адокумент аҿы иарбам амобилизациа аҿҳәара. Ари анорма азакәан иахьалырхыз депутатцәақәак агәынамӡара азаадырԥшит.
Отправка призывников на службу в Президентский полк из Краснодара - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2024
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аибашьрахь зцара ԥку ҳәа иԥхьаӡо украинаа аиҭакомиссиа иахрыжьуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0