Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акциа "Абиблиоҵхы" мҩаԥгахоит Аҟәа мшаԥы 25 рзы

© SputnikБиблионочь прошла в национальной библиотеки
Библионочь прошла в национальной библиотеки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2024
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны акциа "Абиблиоҵхы" мҩаԥган Аԥсны 2017 шықәса лаҵарамзазы. Акциа хыԥхьаӡара рацәала ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи аднаԥхьалеит.
АҞӘА, мшаԥы 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асоциал-культуратә акциа "Абиблиоҵхы" мҩаԥгахоит Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит абиблиотека адиректор ихаҭыԥуаҩ Амза Агрԥҳа.
Акциа асасцәа ирбараны иҟоуп: ⠀
Буккроссинг (ашәҟәқәа реимдара), аԥсуа поезиазы авикторина (актәи аихагыла).
Араионтә коллективқәа злахәу аконцерт (аҩбатәи аихагыла).
"Литературный квартирник" , апоетцәа ҿарацәеи апрозаикцәеи алархәны (ахԥатәи аихагыла).
"Асахьаркыратә жәа адунеи" — Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкны (аԥшьбатәи аихагыла).
Уи адагьы еихагыла-цыԥхьаӡа рҟны иӡырыргоит ашәҟәқәа ҳәа лҳәеит Амза Агрԥҳа.
Акциа хацыркхоит асааҭ 18:00 рзы, ихыркәшахоит асааҭ 22:00-23:00 сааҭ рзы.
"Абиблиоҵхы" — асоциал-культуратә акциоуп, ашәҟәыԥхьара иазкуп. Ари аҵх азы абиблиотекақәа русура аамҭеи рформати ирыцырҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0