Урыстәыла

Украинатәи арбџьармчқәа ржәылара иахҟьаны Белгород аҩнеихагыларацәа еилаҳаит

© screenshot из видео Момент падения крыши разрушенного дома в Белгороде
Момент падения крыши разрушенного дома в Белгороде - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2024
Анапаҵаҩра
Аҩнеилаҳара иахҟьаны иҭахазгьы ыҟоуп, аахақәа зауз 17-ҩык ахәшәтәырҭақәа рахь инаргеит. Аҭҵааратә еилакы иҟалаз ахҭыс азы ашьауӷатә ус хацнаркит.
АҞӘА, лаҵара 12 Sputnik. Украина арбџьармчқәа имҩаԥнагаз атеррористтә жәылара иахҟьаны Белгород аҩнеихагыларацәа еилаҳаит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Украина арбџьармчқәа аракетатә комплекс "Точка-У", аицҭырҟьаратә мца ареактивтә системақәа "Ольха", RM-70 "Вампир" рыла ақалақь анхарҭатә ҭыԥқәа ирыжәлеит москватәи аамҭала асааҭ 11:40 рзеиԥш.
"Ажәылара аԥырҟәҟәараан урыстәылатәи аҳаиртә хыхьчара ахархәагақәа иҭадырхеит ф-ракетак "Точка-У", РСЗО "Вампир" ахеиҵаҵақәа ԥшьба, "Ольха" ҩ-хеиҵаҵак. Аракетақәа иҭадырхаз акы ахәҭақәак Белгород аиланхарҭатә ҩнык ааха анаҭеит", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Раԥхьа аҩнеихагыларацәа аҩналарҭа еилаҳаит, анаҩс алаӷәратә еихагыла каҳаит. Иҟоуп ааха зауизи иҭахази, аҭыԥ аҟны аиқәырхаҩцәа аус руеит.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Михаил Мурашко иажәақәа рыла, ахәрақәа зауз 17-ҩык ахәшәтәырҭақәа рахь инагоуп. Аҳақьымцәа ацхыраара рыҭаразы Белгородҟа инашьҭхоит Москвеи афедералтә центрқәеи рҟынтәи аҳақьымцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0