Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чкадуаԥҳа Тҟәарчалтәи аколлеџь иҭало рзы: аицәажәарыла иҳадаҳкылоит

Чкадуаԥҳа Тҟәарчалтәи аколлеџь иҭало рзы: аицәажәарыла иҳадаҳкылоит
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи агуманитар-ааглыхратә коллеџь аҵарашықәс шыхнаркәшо, рылҵшәақәа зеиԥшроу, аколлеџь аҿар рыбжьара азҿлымҳара ахьынӡамоу атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҵараиурҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Ельвира Чкадуаԥҳа.
Сынтәа 19- ҩык аушьҭымҭацәа рымоуп, аколлеџь аҟны аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа ҳазҭоу амза 17 инаркны иалагоит, лҳәеит Чкадуаԥҳа. Урҭ рахьынтә аа-ҩык аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәа ҳәа азанааҭ ала сынтәа зҵара хзыркәшои, хҩык ҵыԥх изалымгази роуп, даҽа ԥшьҩы-ԥшьҩы аргылаҩ изанааҭи автомобилтә транспорт атехникатә маҵзура азанааҭи рыла аҵара иалго роуп.
Тҟәарчалтәи агуманитар-ааглыхратә коллеџь аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо илҳәеит арҵаҩы изанааҭ ала аҵараиурҭа иалго роушьҭымҭацәа усурҭала еиқәшәоит ҳәа.
Сынтәа аколлеџь аҟны аҵара ахә аҽаԥсахит. Уи аԥхьа шықәсык х-нызқь мааҭ ахыршәаауан аҵара, уажәшьҭа – хә-нызқь. Убри аан аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы изанааҭ алзхуа хәыда-ԥсада аҵара рҵоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0