Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аччаԥшь лашеи алаф хааи: "Алаф ашҭа" сынтәатәи аиԥыларақәа хнаркәшеит

© Foto / предоставил Анатолии ЛагулааАлаф Ашта
Алаф Ашта - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2024
Анапаҵаҩра
Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит "Алаф ашҭа" ақәгылара. Сынтәатәи апроект хзыркәшаз ари аиԥылара аихшьаалақәа дырзааҭгылоит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Иҟоуп адоуҳатә ԥсҭазаараҿы, алитератураҿы, амра шәахәа иаҩызоу аччаԥшь хаа зхылҵуа ажанрқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы зегь раԥхьа идыргылоит апародиеи, аепиграммеи, ашаржқәеи.
Алитературатә ԥсҭазаарагьы, ажәлар рыԥсҭазаареиԥш, ауадаҩрақәеи ахьанҭарақәеи "адыӷәӷәало" ианалагалак, уи хызҽша, "агәы" ахазрышҭыша ччаԥшьк, мрашәахәак иԥсҭаҵаган иара ахала ицәырнагоит.
Ҳара ҳлитературагьы "аԥсеиҭакырҭақәа" рацәаны ишамамгьы, ҳпоетцәа зны-зынла апародиа ажанр иазхьаԥшуеит, игәхьааган иаацәырыргоит, уимоу, иналаршәны ахәылԥазқәагьы қәҿиарала имҩаԥыргоит.
Ҳаԥсуа литератураҿы апародиақәеи аепиграммақәеи традициа дук рымаӡам, поетк убри мацара иҽазҵәылхны даҿны дыҟаӡам, иаҳҳәап, аурыс литератураҿы Александр Иванов убри мацара дшаҿыз еиԥш. Аха ҳпоетцәа Дырмит Гәлиа иаахыс иҟоуп зынӡа ишиашоу апародиеи аепиграммеи ржанрқәа иртәымзаргьы, алаф иӷәӷәаны изныԥшуаз, насгьы, узырхәыцша акритикагьы алаҵаны изҩуаз апоетцәа.
Урҭ зегьы иаарылукаартә иҟан Леонти Лабахәуеи, Кьаршьал Чачхалиеи, Владимир Аҵнариеи. Арҭ ахҩык апоезиаҿы, асатира аганахь ала ирҩхьоу еизугозар, дара ртәқәа мацара хымԥада антологиак азхара еизугоит. Егьырҭ апоетцәагьы ирымоуп имаҷымкәа, аха урҭ рҽазҵәылхҵәҟьаны уи ажанр иаҿымызт, ус уарла-шәарла ианазыхынҳәуаз ыҟан акәымзар.
Анатоли Лагәлааи Аинар Ҷыҭанааи, Аинар Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2024
Аԥсны
"Алаф ашҭа" амҩа иқәлеит!: ихацыркхеит апроект сынтәатәи аныҟәарақәа
Анс уҳәаргьы, арс уҳәаргьы, иахьатәи апародистцәа раԥхьа традициа дук ыҟамызт, аха зегьакоуп, урҭ уи азы еиҵахарак ҟамҵакәа, абар уажәшьҭа хәышықәса раахыс гәыԥҩык апоетцәеи алафҳәаҩцәеи аҭыԥҳацәа рансамбль "Гәында" рыцны Аԥсны араионқәа зегьы қәҿиарала ирхысхьеит.
Урҭ реилазаара иалоуп Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу апоетцәа - Гәында Сақаниаԥҳаи, Гәында Кәыҵниаԥҳаи, Анатоли Лагәлааи, апоет ажурналист, агазеҭ "Аԥсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиеи, Аԥсны акультура Аминистрра аҟәша аиҳабы Адамр Гәынбеи. Ари аиԥылара Иван Гьаргь-иԥа Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы ҳазну ашықәс азы иҵыхәтәантәиуп, апроектгьы абри ала сынтәа ихыркәшахоит.
Аиԥылара амҩаԥгаҩ апоет Гәнда Сақаниаԥҳа инарҭбаан далацәажәеит ари апроект хәышықәса раахыс инанагӡаз ароль иааизакны ҳаԥсуа культураҿы, ҳлитератураҿы, ҳдоуҳатә ԥсҭазаараҿы. Иазгәаҭатәуп, ари апроект иалахәу апоетцәа рхала ракәымкәа, 2019 шықәса рзы хазы шәҟәны ишҭыҵхьоу "Апародиақәа" захьӡу ашәҟәы бзиаӡа. Уи аҩыза ашәҟәы еидкылан апародиақәеи, аепиграммақәеи, ашаржқәеи зну, макьаназы иарада ҳлитератураҿы шәҟәы ҭымҵӡацт, изаҵәуп, ашәҟәыҭирҭаҿгьы иқәымхаӡеит, иаразнак иргеит. Иара еиқәдыршәеит Анатоли Лагәлааи, Дмитри Габелиеи, Альбина Анқәабԥҳаи. Аԥхьаҩцәа акырынтә ҳаиԥыларақәа рҿы аҳәара ҟарҵахьеит аиҭаҭыжьразы, ҳгәы иаанагоит урҭ ргәаҳәара ҳасаб азуны Аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа, уи аахыс иаԥҵоу арҿиамҭақәагьы нагәылаҵаны аиҭаҭыжьра азҵаара ықәдыргылап ҳәа.
Уи ашәҟәаҿы џьарак еидкылоуп Баграт Шьынқәба, Қьаазым Агәмаа, Алықьса Џьонуа, Владимир Аҵнариа, Виачеслав Ҷыҭанаа, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Гәында Сақаниаԥҳа, Адгәыр Какоба, Дмитри Габелиа, Альбина Анқәабԥҳа рпародиақәа.
Аиԥылараҿы лпародиа ҿыцқәа рыла дықәгылеит апоет Гәында Кәыҵниаԥҳа. Уи лара ишылҟазшьоу еиԥш, лпародиақәа ззылкуа дмыргәаакәа, аамысҭашәала, лаф-хаала, аччаԥшьи агәыҳалалреи ацны, итәаз зегьы напеинҟьарыла илԥылеит. Абраҟа иааҳгоит апет иахьатәи аамҭа иақәшәо лпародиақәа руак:
Аԥсны зегь маининг фермоуп,
Аусмура еилашуеит.
Ҳаҟоушәа Палермо,
Беткоин ҳарҳауеит.
Иҭаҳгало џьықәреим,
Аҟәыдгьы ҳа иаҳҭахым!
Аӡлагарахь ҳнеины,
Аԥшгьы лагатәым.
Ацаҵәҟьа маининг ҭыԥхеит,
Ҳбора жәык ҭакым!
Ҳаԥсҭазаара насыԥхеит,
Уи ада акгьы ҳҭахым…
Џьабаа ҳәа мбаӡакәа,
Ашәшьыраҿ ҳнатәаны,
Ҳмаарыхкәа, ҳамлаҵакәа,
Иҭаҳгалоит ҳаҩны.
Шьоук амаининг аархәоит,
Ирӷьычуеит ҽа шьоукы.
Аамҭа ҳхы иархәан,
Ҳнеилап ҳамҭакы.
Владимир Ацнариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Аԥсны
Аԥсуа пародиа азҟаза ду: Владимир Аҵнариа игәалашәаразы
Анаҩыс сықәгылеит саргьы спародиақәеи, сшаржқәеи, сепиграммақәеи рыла. Урҭ уажәраанӡа аԥхьаҩцәеи азыӡҩрцәеи ирзымдыруазгьы рылоуп, руак абраҟа аԥхьаҩцәа идсырдыруеит:
Аԥҳазоу Гәындараа рзы, "аҳәса хәыҷқәа" иҳәон,
Аха уи даарак иргәамԥхаӡозаарын дара.
Аҩны даннеилак, иаргьы дартәомызт, ишәон, изон,
Дашьҭан ажәа, урҭ рыгәқәа зырҟәандаша аҳәара.
Аха игызмалӡа, итәан уи ажәагьы аҽӡаны,
Ҳпоезиа иагәылалан, ажәытә-аҿатә зегьы ԥшаатәхеит.
"Аҭыԥҳацәа", иҳәеит, Вахтанг ибжьы рхәыҷӡаны,
Убригь ргәамԥхеит, ажәа "ссирқәа" ицәынхеит.
Гәыбӷан умам знык хнҩеижәихәба уанырҭыс,
Аԥсыӡеиԥш, ажәа умпыҵҵәрааны ианцо.
Аиаша шәасҳәап, акыр дархәыцит ари ахҭыс,
Ажәа азыҳәан зџьыба иҭамлоз Аԥҳазоу.
Даара абаҩхатәра змоу порадиступ апоет қәыԥш Алхас Чхамалиа. Уи асценаҿы иаразнак азыӡҩрҩы дитҟәоит, инапаҿы дааигоит, дитәитәуеит. Сара акырџьара акультура аханқәа рҿы, ашколқәа рҿы, Аԥсны ҳахьықәгыло араионқәа зегьы рҿы избахьеит интерес дула ишизыӡҩруа, напеинҟьара дула ишиԥыло. Уи иаанаго, уажәшьҭа апоет иара изыӡҩрцәа имоуп, изыԥшуп, гәыкала дырҭахуп. Иҟалап апоет изы уи анасыԥқәа иреиӷьу насыԥзар. Абраҟа иаазгоит уи ахәлԥаз аҿы дзыԥхьаз ипародиақәа руак.
Алашара ыцәеит, ицәа,
Сыцәар бзиан саргь шьыбжьон,
Стәазар аҵкыс сеиқәыхьшәашәа,
Нас аус зулап ҵхыбжьон.
Џьуар аӡы ҭабеит рҳәама?
Аа, абааԥс ахьӡ шәымҳәан ҳамшын!
АҟәаГЕС ҟарҵеит, шәаҳама?
Акыршықәса ҳазыԥшын...
Аха акризис ду ҳзацәцома,
Иааҳадгылеит лабҿаба?
Жәаба-жәохә миллион азхома?
Иажәит "Аҽгәара-ацәаҳәақәа".
Аинтернет ауп ҳаԥсы ҿызхуа,
Ҳазхара ҳашшып, ҳҳәацәап.
Шьҭа акгьы аанымхеит ҳабла хызтуа.
Ус-ус алхрақәагь ҳахьӡап.
Издыруада дҳазкашәахыр,
Зҿаҳәатәы ҟало "анцәахәы"?
Уи ажәала ақәаб иршыхыр,
Ихышхыҵәару Егры?
Ахы еиҿашәкла шәхәышҭаарамца,
Ицәырган иашәыркла шәкәаҷаб.
Џьуар аӡы амҵәеит, иамҵәа,
Аха ишлеиц илеиуеит Дәаб.
Ҳуалафахәы маҷхаӡама?
Аха иаҳныԥшуа збом зынӡа.
Џьоукы амаининг рымоуп, гәышьа,
Ирҭадыргылеит рцақәа.
Аа, абааԥс, аурыс крааиҭиуама,
Ас ианбанӡа ҳанхауа?
Ҳадгьыл чашәрақәа ҳҭиуама,
Анефҭ акәзар ҳазгара?!
Алашара ыцәеит, ицәа,
Ицәаз ҳиеиԥшын ҳаргь ҵхыбжьон...
Ҳахьиаз ҳуадаҿ ҳаиқәыхьшәашәа,
Апартаментқәа ԥхыӡ иаабон.
Алик Ажьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2019
Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп
Ԥыҭрак ашьҭахь асценахь даацәырҵуеит Адамр Гәынба. Шьҭа ҳацәымшәакәа, ҳацәыԥхамшьакәа иаҳҳәар ауеит, Адамыр актиор бзиак, комикк иаҳасабала Аԥсны деицырдырхьеит ҳәа. Уи зыҟаҵашьа ҟаиҵо, дзыхлафаауа иперсонажцәа, иахьа ҳара иҳалагылоу ҳҩызцәа, ҳаинтеллигенциа роуп, иара думбакәа, асценаҿ аԥарда аркны уизыӡҩруазар, рыбжьқәа еиҩдыраашьа умаӡам, дара рхаҭақәа роуп ицәажәо уҳәап. Уи ҟазароуп, уи баҩхатәроуп, ус ауп ишцәырҵыз ҳактиорцәа дуқәа Сергеи Сақаниеи, Амиран Ҭаниеи, Виачеслав Аблоҭиеи. Ус анакәха, ҳара ҳасцена, ҳара "Ҳлаф ашҭа" дааӡеит уаҳа назҭахым абаҩхатәра бзиа змоу актиор қәыԥш, зегьы ҳзеигәырӷьо Адамр Гәынба.
Аҵыхәтәан, ари аиԥылара ссир хыркәшо, лпародиақәеи лшаржқәеи дрыԥхьеит Гәында Сақаниаԥҳа. Уи лара лаԥхьашьа аинтонациеи, лажәа артәашьеи, лритмикеи, ллаф хааи азыӡҩрцәа зегьы ргәы иаахәеит, анапеинҟьабжьқәа ашәҭқәа реиԥш илықәрыԥсеит.
Ари аиԥылара бзиа ахыркәшамҭаз ажәа даҳәеит Аԥсны Жәлар рашәаҳәаҩ Лиудмила Гәынба. Уи еизаз зегьы ирзеиҭалҳәеит лқәыԥшра иацыз, аччаԥшьи асамарҟәыли рацәаны изҵаз агәалашәарақәа.
Абасала, сынтәа апоетцәеи, актиорцәеи, ашәаҳәаҩцәеи рыла ишьақгылоу "Алаф ашҭа" асезон хнаркәшеит. Иуҳәар ауеит, қәҿиаралгьы ихнаркәшеит ҳәа. Ҳгәы иаанагоит, наҟ-наҟ ари апроект иҵегьы ирҭбааны иацҵахоит ҳәа, избанзар, ҩеижәижәаба шықәса ҵуеит ҳажәлар хьыӡла-ԥшала аибашьра иаиааижьҭеи, урҭ уажәшьҭа агәырҩагьы, ахьаагьы иаиааироуп, ҿыц игыло аҿар аԥсҭазаара бзиеи анасыԥи роурц азы, аччаԥшь лашеи алаф хааи, аизыразреи рыцзароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0