Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Алаф ашҭа" амҩа иқәлеит!: ихацыркхеит апроект сынтәатәи аныҟәарақәа

© Sputnik / Анатоли ЛагәлааАнатоли Лагәлааи Аинар Ҷыҭанааи, Аинар Ҷыҭанаа
Анатоли Лагәлааи Аинар Ҷыҭанааи, Аинар Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2024
Анапаҵаҩра
Апроект "Алаф ашҭа" сынтәатәи аныҟәарақәа хацнаркит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа ала. Уаҟа ишрыдыркылаз атәы дазааҭгылоит апроект алахәыла, ажурнала "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭа аҟны.
" Дук ианаалом аԥсышәала,
Аха исҳәароуп ажәа хаала!.."
Дырмит Гәлиа
Ҳаԥсуа литератураҿы зынӡагьы ирацәаҩымзаргьы зырҿиараҿы ирлас-ырласны апародиақәеи аепиграммақәеи ирызхьаԥшуаа апоетцәа ҳаман, иахьагьы иҳамоуп. Шәара ибзиан ишәгәаламшәои раԥхьаӡатәи Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа алаф хааӡа излыжжуаз иажәеинраалақәа. Урҭ шиашаз ажәлар рҟынтә иаауан, аха апоет акырџьара дрыцхраауан "ицәуан", "иуанҭон", "ишьалашьынуан". Нас акәын ажәлар ргәы иақәшәо, ирхамышҭуа, иаразнак игәныркылартә ианыҟалоз.
Иаагап ҿрыԥштәқәак ҳаклассикцәа рырҿиара аҟынтәи:
Дырмит Гәылиа еицырдыруа иажәеинраала "Аԥҳәызба илышьҭоу аҷкәын иахь" аҟынтәи ацәаҳәақәа:
Ауарбажә ашәҭыц иазнауазеи,
Ахаԥыцқәа ирыбжьакны?
Сара исеиԥшу илзууазеи,
Уҩны еицаҟьа дыҩнакны!
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лагәлааи Џьниеи «Алаф ашҭа» ақыҭақәа рҿы иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лагәлааи Џьниеи ақыҭақәа рҿы имҩаԥырго "Алаф ашҭа" иазкны
Леуанти Лабахәуа дызлагылаз аамҭа сатирала аарԥшраҿы цлаб дызмамыз поетын, абар уи иажәеинраала "Мазлоу-зегьы злоу" ацыԥҵәаха:
Мазлоу ауаа қьышәла иршәуеит,
Иқьышә аамҭала аӡы аиржәуеит,
Акы змыхәо уи иқьышә,
Ԥуҭла ишьҭнахуеит зқьи ԥшьышә!
Хашҭра зқәым Кьаршьал Чачхалиа иажәеинраалақәа ҳаԥсуа литература асатира ажанр аҿы ахаангьы иажәӡом, абар урҭ рахьтә цәаҳәақәак:
Кыҷын имоуп аҳәақәа,
Хәыҷи дуи жәабаҟа.
Урҭ ирызгылоуп аҳәаҭра,
Ахыб еиԥшуп аматра!
Абас еиԥш иҟоу, ҳлтиератураҿы ес ииуа ирыциуа, ԥсра зқәым ацәаҳәақәа заҳгәалаҳаршәо, иахьа ҳара ҳдоуҳатә культура убри аганахь ала ӷәӷәала имыцәқәырԥозаргьы, иамоуп аҿиара, аизҳара, уимоу ақьаад аҟынтәи асценахьгьы ацәырҵразы атрадициа бзиақәа аиуа иалагеит. Ҵыԥх, Аԥсны Аҳәынҭқарра акультурра аминистрра абзоурала иаԥҵаз "Алаф ашҭа" ашәаҳәацәа рансамбль "Гәындеи" апоет- апародистцәеи алафҳәаҩцәеи алархәны Аԥсны араионқәа зегьы ирхысит, ирҭааит ақыҭақәа имаҷымкәа. Зегьы раԥхьа иргыланы иҳәатәуп, асеиԥш аиԥыларақәа рҿы ҳажәлар хәыҷгьы-дугьы даара ргәы иахәаны ишнеиуа, алаф-хаа ишазгәыҳәуа, убри ианацлалак аԥсуа милаҭ иртәу ашәа бзиақәа, усҟан зынӡа дара рзы лахҿыхроуп, гәырӷьароуп. Насгьы, абраҟа иҳәатәуп, ари агәыԥ иалоу ашәҟәыҩҩцәа дара зыԥхьо рнаҩсгьы, уахь хыԥхьаӡара рацәала ишырго ҳашәҟәҭыжьырҭақәа иҭрыжьуа иахьатәи ҳаԥсуа шәҟәы ҿыцқәа, ахәыҷқәа ирызку алитература, иара убасгьы, уахь инаган Аҳәынҭқарратә абызшәатә политиказы аусбарҭа иҭнажьыз ашәҟәқәа, ажурналқәа - "Алашара", "Амцабз". Даара ауаҩы игәы ҭнаргәырӷьаауеит урҭ ахәыҷқәа иргәыдкыланы иахӡыӡаауа ианырго збо, убри азы мацара ҳазҿу аус ԥшьа ҳааҟәымҵӡакәа анагӡара иаԥсоуп.
Вечер пародий в абхазском театре - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2019
"Алаф ашҭа": апародиақәа рыхәылԥаз адраматә театр аҟны имҩаԥысит
Ҳара "Ҳлаф ашҭа" аныҟәарақәа сынтәа иааҳыртит Очамчыра араионаҿ ишьҭоу ақыҭа ԥшӡақәа руак Баслахә, Ҷыҷыкәа Расҭа-иԥа Хьиба ихьӡ зху ашкол аҿы. Араҟа ашҭа ҳанааҭала инаркны игәырӷьаҵәа, рыблақәа ҭхаха иаҳԥылеит ашкол хәыҷқәа, аиҵбыраӡатәи аклассқәа, урҭ рырҵаҩцәа, ашкол адиректор, ақыҭа ауааԥсыра, уи ахада, араион аҵараҟәша ахадара, аԥсуа телехәаԥшра, Баслахә ақыҭа иазааигәан ишьҭоу егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи ауааԥсыра. Абраҟа иазгәаҭатәуп, абри ақыҭаҿы ада Аԥсны џьаргьы ишеиҿкаам аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рыхьӡала еиҭаҳау аҵлақәа. Ашкол ашҭа уанааҭалалак инаркны убла аргәырӷьартә иԥшӡаӡа зегьы ршьапқәа рҟны аҩырақәа рнуп. Араҟа иубоит -Гьаргь Гәыблиа, Алықьса Гогәуа, Алықьса Џьениа, Алықьса Џьонуа, Таиф Аџьба, Вахтанг Аԥҳазоу, Гәында Сақаниаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа уҳәа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы шамахак рыхьӡ зху ажәҩан иаҵакьысуа аԥсаҵла хоурақәа. Урҭ ирыхӡыӡаауа ирыцклаԥшуеит, ршьапқәа рбаҳауеит, рымҵан ухәы ықәҵан иуфартә ашьац еҵәа қашә-қашәо иазҳауеит. Ари еиҳау гәадурас иҟои ауаҩы изы.
Абраҟа иҳәатәуп, убри зегьы еиҿызкааз уаанӡа Баслахәтәи ашкол адиректорс акыршықәса иахагылаз, Ҷыҷыкәа Расҭа-иԥа Хьиба шиакәу. Насгьы, зегь реиҳа иџьаушьаша, уи иҵаҩцәа зегьы ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа асалам шәҟәқәа рзаарышьҭуан, уаҟа ирҩуан дасу дзыԥхьаз автор иҩымҭа шидикылаз, уимоу, иагу иабзоу ҳәа ирԥхьаӡозгьы адырбон. Дара ашәҟәыҩҩцәагьы аҵаҩцәа ирзыршьҭуан асалам шәҟәқәа, рыгәҭыхақәа рыцеиҩыршон, иахьынӡауаз еилыркаартә ирзеиҭарҳәон апоезиеи апрозеи рымаӡақәа.
Ҳгәырӷьаратә еиԥылара аалыртит апоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳынҭқарратә премиа алауриат, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Гәында Сақаниаԥҳа. Уи еизаз зегьы ирзеиҭалҳәеит иахьатәи ҳаиԥылара хықәкы хадас иамоу ҳажәлар лаф хаалеи, ашәаԥшӡалеи рыргәырӷьара шакәу. Убри инаԥшьны, уаҟа ахәыҷқәа зларацәаз ала, дара ирызкыз ажәеинраалақәа имаҷымкәа ирыԥхьеит, уи ахәыҷқәа даараӡа ргәы иаахәеит.
Уи нахыс ажәеинраалақәеи ашәақәеи ирымҽхаркит азал зегьы. Инеиҩыга-ааиҩыго ашәеи ажәеи аҳра руан. Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа дызхагылоу ансамбль "Гәында" идыршанхеит хәыҷгьы-дугьы, анапеинҟьарақәа еиқәтәомызт.
Вечер пародии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2022
Аԥсны
Лафла иҭәызааит шәыԥсҭазаара
Лпародиа ҿыцқәа рыла дықәгылеит апоет, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика аусбарҭа аиҳабы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауриат Гәында Кәыҵниаԥҳа. Уи ахәыҷқәа дара ирызку ажәеинраалақәеи апородиақәеи дрызрыԥхьеит, акыраамҭа доурышьҭуамызт.
Еиҭах ашәақәа, еиҭах анапеинҟьабжьқәа, зехьынџьара илаша-лашо ацәашьқәа реиԥш иуҿаԥхон аччаԥшь.
Саргьы, ахәыҷқәа ирызку ажәеинраалақәеи, спародиақәеи срыԥхьеит. Насгьы, инарҭбаан срылацәажәеит Баслахә ақыҭа иалҵны иахьа Аԥсны зыхьӡ адыруа ашәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа. Хашҭра иқәума апрозатә ҩымҭа дуқәа, ароманқәа - "Амра ҳара ҳҿы игылоит", "Сан лыблақәа", ԥсра зқәым ажәеинраалақәа равтор, акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс иҟаз, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауриат, еицырдыруа аԥсуа поет Иван Канстантин-иԥа Ҭарба.
Ҳара ҳгәы рыладууп ари ақыҭа иааӡаз, аҵарауаҩ, аибашьҩы, Аԥсны Афырхаҵа - Виачеслав Бганба. Игәамбзеира иахҟьаны ҳгәырӷьаратә еилатәарахь изымнеиз, зыхьӡ-зыԥша Аԥсны иадыруа, зегьы ҳзы игәадуроу, абаҩхатәра ссир змоу, Аԥсны жәлар рартист, ашәаҳәаҩ - Заур Зыхәба, Аԥсны Арҵаҩратә институт адиректор, аҵарауаҩ - Ирина Кәакәасқьырԥҳа, ауаажәларратә усзуҩы - Виачеслав Кәакәасқьыр, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, абаҩхатәра бзиаӡа змоу апоет қәыԥш – Аинар Ҷыҭанаа.
© Sputnik / Анатоли ЛагәлааАинар Ҷыҭанаа
Анатоли Лагәлааи Аинар Ҷыҭанааи, Аинар Ҷыҭанаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2024
Аинар Ҷыҭанаа
Ҳаиԥылараҿы уамашәа ажәеинраала ссирқәа дрыԥхьеит Аинар. Зегьы еицҿакны, иаартны иаҳҳәеит, уи арԥыс анцәа данихылаԥш, аихьӡара дуқәа шизыԥшу.
Азалаҿ итәаз зегьы даара иргәаԥхеит, кыраамҭа анапеинҟьарақәагьы еиқәтәомызт Аԥсны акультура аминистрра аусзуҩы, ҳаиԥыларақәа реиҿкааҩ, аҳәаақәҵаҩ Адамр Гәынба илаф жәабжьқәа. Аинар Ҷыҭанаа иеиԥш, абри арԥысгьы, збаҩхатәра даара уеигәырӷьаша аӡә иоуп.
Аҵыхәтәан, Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемур Гындиа дцәажәан даналга, ажәа ииҭеит зыкапан дуу рыбжьара ихьанҭоу ақәԥаразы адунеи хынтәны иачемпионхахьоу, ашәаҳәаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Борис Багаҭелиа. Уи даара иссирны "Аиааира ашәа" ицылҳәеит Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуаԥҳа. Уи ашьҭахь акыраамҭаӡа анапеинҟьабжьқәеи агәырӷьабжьи еиқәтәомызт.
Абасала, Баслахә ақыҭа ашколаҿы иаҳхысыз ахәашаҽны имҩаԥысит "Алаф ашҭа" сынтәатәи ашықәс ихацнаркыз аныҳәа! Егьи иааиуа аныҳәамш ԥыҭрак ашьҭахь имҩаԥгахоит Кәтол ақыҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0