Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Сзанааҭ сгәазырԥхаз раԥхьатәи сырҵаҩы лоуп": Емма Басариаԥҳа-Барцыц лырҵаҩратә мҩа иазкны

© Foto / Саида Жиба Емма Басариа-Барцыц
Емма Басариа-Барцыц - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2024
Анапаҵаҩра
Емма Сырбеи-иԥҳа Басариа-Барцыц аҵара-ааӡаратә ус лнапы алакыуижьҭеи 43 шықәса ҵуеит, урҭ рахьтә 32 шықәса аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс Ҳараз Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ аҟны дыҟоуп. Емма Сырбеи-иԥҳа, сынтәа аиҵбыратәи акласс аҟынтәи иолушьҭит ҩажәи аӡәы ахәыҷқәа. Арҵаҩы лзанааҭ шалылхызи, раԥхьатәи лусуратә шьаҿақәеи, иахьазы илырҳаз аԥышәеи ртәы Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.
Емма Басариаԥҳа раԥхьатәи лҵарадырратә шьаҿақәа Џьгьардатәи абжьаратә школ иадҳәалоуп. Уаҟа лара рҵаҩыс илоуз Цаца Ҟараман-иԥҳа Қьецԥҳа убриаҟара аԥхарреи, ацәанырра шьахәқәеи, аҵарахьы агәазыҳәареи агәыбылреи ахәыҷы иллыркит, Емма илызҳауа даналага, арҵаҩра занааҭс ашьҭхра лгәаԥхаратәы.
"Раԥхьатәи арҵаҩы – ан дылҩызоуп. Ахәыҷы, ашкол аҟны дыҟанаҵы игәы иҵхо, ихьаау, дзыргәырӷьо зегьы арҵаҩы лоуп изиҳәо, избанзар иан лаамышьҭахь, лара гәрагаҩыси ҩызаси димоуп. Арҵаҩы ахәыҷы иахь азнеишьа ҷыда имазароуп. Игәы изаартны дҭаиҵароуп. Убасҟан ауп рҩыџьегьы рыбжьара аимадаратә рахәыцқәа аныӷәӷәахо, наунагӡа аӡәи-аӡәи ргәалашәарақәа рҿы ианаанхо. Раԥхьатәи сырҵаҩы Цаца Ҟараман-иԥҳа илҿысҵааз азнеишьа ауп – иахьа рҵаҩык лаҳасабала сызчаԥаз", - аҵарадырра адунеи лзаазыртыз арҵаҩы дылгәалалыршәоит Емма Сырбеи-иԥҳа.
Софа Дгебуазе - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2024
Аԥсны
"Арҵаҩра сгәаԥхаратәы аҿырԥштәы бзиа сыман": Софиа Дгебуаӡе лзанааҭ иазкны
Емма Басариаԥҳа Тҟәарчалтәи 5-тәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Ашьҭахь, лара дҭанаҵы университетны ишьақәгылаз Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт далгеит. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга, аԥҳәызба аусура дрыдыркылоит Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳчахь ааӡаҩс. Быжьшықәса рышьҭахь, уаанӡатәи лышкол адиректор Евгени Ҭархан-иԥа Сангәлиеи аҵара аҟәша ахырхарҭала ихаҭыԥуаҩ Лиудмила Родион-иԥҳа Адлеиԥҳаи аҭыԥ аныҟала, рҵаҩы хьӡырҳәага аусура даарыԥхьоит. Араҟа хышықәса аус уны, Емма Басариаԥҳаи лыԥшәма Рафик Барцыци рыхшара рыманы Гаграҟа нхара ииасуеит.
"Гаграҟа нхара ҳааит 1992 шықәсазы. Сара иаразнак аусура сашьҭамлаӡеит ҳабзазара еиҿкаатәын аҟнытә. Ус ҳшыҟаз, зегь иаадыруа аҭоурыхтә хҭыс хьанҭа ааҳахҭыгәлеит. Иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра. Гагра араион аӷа хәымга даналцаха, лымҳаҭасла исаҳаит Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ (уаанӡа 5-тәи ҳәа иҟан) ахҵәацәа рыла ишьақәгылаз аиҵбыратәи акласс шаартхаз. Сара сыхәҭакахьала аԥсуа школ цхыраарак асҭарц азы снеины ирыдызгалеит смаҵура. Усҟантәи аамҭазы ашкол адиректор аамҭала инапынҵақәа назыгӡоз Фатима Лыхәԥҳа лакәын. Лара убысҟак лгәы аартны дысԥылеит, исылымшозгьы сылшозшәа сгәы ҟаланы аколлектив сахәҭакхеит. 13-ҩык рыла ишьақәгылаз ахҵәацәа рыкласс сылҭеит. Ҳазегьы ҩышықәса хәыда-ԥсада аус ҳуит. Ахныҟәгара шыуадаҩызгьы, аӡәгьы аԥара дазхәыцуамызт. Ҳаибашьцәа ҳаԥсадгьыл рыԥсы анахҭнырҵоз аамҭазы иаҳгәаӷьраны ҳаҟазма уалафахәыда аус ҳуӡом ҳәа аҳәара", - ҳәа азгәалҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Лиудмила Харазиаԥҳа лнысымҩа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.11.2021
Аԥсны
Сыжәлар срыцхраандаз ҳәа дыҟоуп: Лиудмила Ҳаразиаԥҳа лҭоурых
Емма Басариаԥҳа-Барцыц 32 шықәса ирылагӡаны иоулыжьит 600-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Дара абжьаратәи анаҩс аиҳабыратәи аклассқәа рахь ианнеигьы, раԥхьатәи рырҵаҩы ирзышьҭалҵаз ашьаҭа ҵысра ақәымкәа, рдыррақәа еихаҳауа қәҿиарала ашкол иалгеит. Иҟоуп, аамҭала лара леиԥш арҵаҩра азанааҭ ахь агәыбылра шьҭкааны, иахьа коллективк аҟны аус лыцызуа. Урҭ иреиуоуп аҭоурых арҵаҩы Сариа Ԥлиаԥҳа, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Софиа Дгебуаӡе, аиҵбыратәи акласс арҵаҩы Елана Габлыиаԥҳа.
"Сара сзы игәадуроуп, сҵаҩцәа рыбжьара арҵаҩы изанааҭ алхны, абиԥара ҿа реиҵааӡара аус иадгылаз ахьсымоу. Еиҳагьы игәахәароуп ҳашкол гәакьаҟны аус ахьеицаауа", - ҳәа наҵылшьит лара.
Аԥсуа бызшәа иаци иахьеи аҭагылазаашьа далацәажәо, арҵаҩы илҳәеит, уи "атыша ду" шыбжьалаз. Иаҳҳәозар, 30 шықәса раԥхьа аҷҷаҳәа ицәажәоз ахәыҷқәа рыла акласс зегь шьақәгылазҭгьы, иахьа абжеиҳараҩык рхатәы бызшәа аҳәараҿы ихьысҳауп.
"Ахатәы бызшәа - ахәыҷы аҭаацәараҟны ишьҭикаауазароуп. Ани аби анимацәажәа, анҭыҵтәи амзызқәа рацәаӡоуп уи аԥынгыла аҭараҿы. Ателехәаԥшра, аинтернет, ахәмарҭатә дәы уҳәа еиқәуԥхьаӡо уалагар, нҵәара ақәым аԥсуа бызшәа зхәаҽуа аҭагылазаашьақәа. Ахәыҷы иаԥсшәа иҭаацәа ирҿиҵаар, ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит наҟ-наҟ уи ала дхәыцартә, ихы иаирхәартә, игәы иҭымҵартә", - лҳәоит Емма Басариаԥҳа-Барцыц.
Ирма Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2024
Аԥсны
"Сыԥсҭазаара акәашара иазыскуеит ҳәа сыҟамызт": Ирма Барцыцԥҳа лҟазаратә мҩа иазкны
Арҵаҩы лажәа иалалҵон, "аҭаацәа, рхәыҷқәа аԥсшәа рыздыруам ҳәа ҳашкол иавганы иахьырымгогьы акыр аҵанакуеит. Уи азы аџьшьара рысҭоит" ҳәа.
Емма Сырбеи-иԥҳа, сынтәа аиҵбыратәи акласс аҟынтәи иолушьҭит ҩажәи аӡәы ахәыҷқәа. Урҭ рахьтә 15-ҩык ибзиаӡаны аԥсуа бызшәа здыруа роуп. Фҩык – еилыркаауа ирҭаху аларҳәаратәы иҟоуп.
Емма Сырбеи-иԥҳа лоушьҭымҭацәа ашкол иалгаанӡа дрызҿлымҳауп. Лара лҟнытә џьара цхыраарак рҭаххозар мап рцәылкуам.
Арҵаҩы, лколлектив аӡбахә ҳәауа, инаҵшьны иазгәалҭеит, реизыҟазаашьақәа уаҩ деилаҳартә ишыҟоу. Аԥсуа школ аҟны иаԥҵоу аҭагылазаашьа убриаҟара иҟәандоуп, аӡәи-аӡәи еихӡыӡаауа, рыцәгьеи рыбзиеи ак акәны иҟоуп. Аҭаацәа ракәзаргьы, рхәыҷқәа ашкол иалгаанӡа "ҳабашәҭаху" ҳәа арҵаҩцәа ирывагылоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0