Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Абызшәа аҵара адагьы - аԥсуа идунеи иалаԥшуеит": Гагра изхысуа аԥсуа бызшәа акурсқәа рзы

© Foto / предоставила Саида ЖибаИнна Бенделиани
Инна Бенделиани - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2024
Анапаҵаҩра
Ҩымз раахыс Гагра ихацаркыуп, аԥсуа бызшәа аҵаразы аекспересс курсқәа. Урҭ рымҩаԥысшьеи рлыҵшәақәеи дырзааҭгылеит акурсқәа рымҩаԥгаҩ, арҵаҩы Инна Бенделиани.
2017 шықәсазы, Гагра ақалақь абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы иаԥшьнагеит аԥсуа бызшәа аҵаразы аекспресс курсқәа рымҩаԥагра. Усҟан ачынуаа рзы акәын уи ашьаҭа заркыз. Апандемиа алагаанӡа, хышықәса х-хәҭакны арҵаҩы Инна Рауль-иԥҳа Бенделиани акурсқәа мҩаԥганы 16-ҩык асертификатқәа роуратәы аџьабаа лбеит. Ковид чымазара ашьҭахь, уажәраанӡа арҭ аекспересс курсқәа хацыркхартә еиԥш алшара ыҟамызт. Ҳазҭалаз ашықәс, мшаԥыза 25 рзы абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа абзоурала, ҩаԥхьа акурсқәа еиҿыркааит. Ҳ. Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ ахыбраҟны, мчыбжьык ҩынтә ашәахьеи ахәашеи х-сааҭк, Диана Шамԥҳаи, Альдона Ажьиԥҳаи, Адгәыр Шьынқәбеи рметодикала абазатә курсқәа мҩаԥысуеит.
"Гагра ақалақь аҟнытә ԥшьҩык роуп хатәгәаԥхарала акурсқәа рҭаара зҭаххаз, 13-ҩык Цандрыԥшьынтәи иаауан. Аха Цандрыԥшьаа аиҳарак зықәра ыҟоу, зхатә машьынақәа змам арҵаҩцәа роуп аҟнытә, раҳаҭыр баны, Н. Багаҭелиа ихьӡ зху Цандрыԥшьтәи 2-тәи абжьаратә школ адиректор Махаз Ешба иабжьгарала, дара ргәыԥ уи аҵараиурҭа ахыбрахь ииаган", - лҳәоит арҵаҩы Инна Бенделиани.
Хра злоу ахҭысқәа: Бенделианԥҳа Гагра еиҿкаау абызшәа аҵаразы акурсқәа ирызкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2024
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Бенделианԥҳа Гагра еиҿкаау абызшәа аҵаразы акурсқәа ирызкны
Инна Рауль-иԥҳа ари аҭагылазаашьа иахҟьаны лус ҩынтә еиҳахеит. Мчыбжьык ҩынтә имҩаԥылгоз акурсқәа, уажәшьҭа ԥшьынтә имҩаԥылго далагеит. Ашәахьеи ахәашеи – Гагра, аҩашеи ахашеи – Цандрыԥшь.
"Иазԥхьагәаҭоу ҳметодика инақәыршәаны, абызшәа еихышәшәо имарианы идҳарҵоит. Акурсқәа 4-6 мзы роуп иахьымҩаԥааго. Егьырҭ ашықәсқәа раан ачынуаа ракәызҭгьы иныҟәоз, уажәазы рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы, згәы иаҭаху зегьы ҳзааиуеит. Иҟоуп Гьечрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны, Адлерынтәи иааны аус зуа арҵаҩцәа хаҵеи ԥҳәыси Данил Бобкини Наталиа Чистиаковеи. Дара убриаҟара ҳбызшәеи, ҳтәылеи рахь аинтерес рымоуп, уамашәа иубаратәы. Данил дахлафааны иҳәоит "егьи сыԥсҭазаараан Аԥсны акала садҳәалан" ҳәа. Даара иџьасшьеит аԥсышәала аматанеира "Жәҩан иҟоу ҳаб" (Отче наш) иҵар шиҭахыу аныздыр. Хымԥада, аб Дараҭ ила уи ԥшааны, сыбжьы ҭаҩҩны иқәсыршәеит. Иԥшәмаԥҳәыс Наталиа лакәзар, хымҩаԥгашьала убриаҟара Кавказаа дҳаиԥшуп ҳәа дышџьасшьоз, еилыскааит ачечен шьа шлылоу. Ажәакала даара среигәырӷьоит абарҭ сҵаҩцәа", - ҳәа азгәалҭоит Инна Руаль-иԥҳа.
аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2019
Амилаҭ рыхдырреи рхатәы бызшәеи ҩныҵҟала еидҳәалазароуп
Арҵаҩы, акурс аҭааҩцәа аԥсуа бызшәа дырҵара адагьы, илҭахуп аԥсуа идунеи иалаԥшырц. Ааигәа лара лҵаҩцәа лыманы атеатр аҿы дыҟан. Фазиль Искандер иҩымҭала иқәыргылаз "Ахьча Махаз" еицахәаԥшит. Ргәы иҭоуп Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ахәаԥшрагьы. Уи аҵакы лҵаҩцәа ианрызналга, Данил Бобкин дақәыӡбеит Урыстәылатәи аимпериа усҟантәи аамҭазы Кавказ аганахь имҩаԥнагоз аполитика. Даара игәнигеит аубых милаҭ рлахьынҵа.
Инна Бенделиани лгәы иалоуп акурсқәа ирҭаауа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу.
"Акурсқәа рымҩаԥгара ҳалагаанӡа мчыбжьык ҳҽазыҟаҳҵон. Ахыбра алхра адагьы алаҳәара ҟаҳҵеит хәыда-ԥсада шакәхо, аха ауаа аԥара ахшәааны акурсқәа рахь ианныҟәо еиҳа алҵшәа амоуп ҳәа ирԥхьаӡозар акәхап, ҳара ирыдаагало аасҭа"– ҳәа даргәамҵуеит арҵаҩы ари аҭагылазаашьа.
Абхазская азбука. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2023
Аԥсны
Анна Калиагина: ҳтуристцәагьы аԥсуа бызшәа иазҿлымҳауп
Акурсқәа ирҭаауа рахьтә иҟоуп 60 шықәса ирҭысхьоу. Дара ибзианы еилыркаауеит ауаҩы иқәра цацыԥхьаӡа, игәынкылара шкәадахо. Убри инамаданы, рыхшыҩ аус адуларазы акурсқәа еиҳагьы гәацԥыҳәарала ирҭаауеит.
Инна Бенделиани 22 шықәса ҵуеит рҵаҩыс аус луеижьҭеи. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, лара иаԥсыуам ашколқәа рҟноуп дахьааԥсоз. Убри акәзаргьы ҟалап изыбзоуроу, атәым милаҭ, лхатәы аинтерес зҵоу азнеишьала аԥсшәа рызнагара дахьақәшәо.
Иахьа Гагра араион аҟны аекспересс курсқәа рахь иныҟәо аԥсуаагьы ыҟоуп, аха аиҳарак акультуреи аҵарадырреи рхырхарҭала аус зуа аурыси аерман милаҭи роуп.
© Foto / предоставила Саида Жиба

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи - Sputnik Аҧсны
1/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

© Foto / предоставила Саида Жиба

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеиИнна Бенделиани

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеиИнна Бенделиани - Sputnik Аҧсны
2/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеиИнна Бенделиани

© Foto / предоставила Саида Жиба

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи - Sputnik Аҧсны
3/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

© Foto / предоставила Саида Жиба

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи - Sputnik Аҧсны
4/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

1/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

2/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеиИнна Бенделиани

3/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

4/4

Инна Бенделиани аԥсуа бызшәа акурсқәа алахәылацәеи

Ажәабжьқәа зегьы
0