Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Google аԥсышәала арцәажәара шалыршахаз иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Google аԥсышәала арцәажәара шалыршахаз иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәа арҿиаразы Б. Шьынқәба ихьӡ зху афонд аусзуҩцәа Леуан Лагәлааи Дырмит Габалиеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Google аԥсышәала арцәажәара шалыршахаз атәы, иазааҭгылеит макьана инагӡам абжьы ахаҵара апроцесс шеиҿкаау, иара убас, дара астудиаҿы аиҭага аус шауа ҳдырбеит.
Иорданиантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз Нарҭ Ҭлыша авторс дамоуп апроект. Иара имаз игәҭакқәа анагӡара даҿуп. Google аԥсышәала арцәажәарагьы аԥшьазгаз иара иоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габалиа. Игәҭакы аԥсҭазаарахь аларҵәаразы иаҭахыз зегьы ҟаиҵеит Леуан Миқаа. Акорпорациа дуи Нарҭи акыраамҭа асаламшәҟәқәа еимырдон аиҭага аус аурцаз. Раԥхьатәи ашәҟәы ҩын шықәсқәак раԥхьа.
Леуан Лагәлаа еиҭеиҳәеит, иԥсабаратәым аинтеллект аԥсшәа шадырҵоз, аҳәоуқәа еиқәыршәаны хәҭа-хәҭала ишырышьҭуаз, насгьы абжьы ахаҵара аус шеиҿкаау. Иара иажәақәа рыла, уажәтәи ахҭыс Google ахь ашә ҳзааныртит, аԥсшәа азхаҵоуп, уи акырӡа аҵанакуеит иҳәеит иара.
Аиҿцәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0