Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: аҳҭнықалақь амш, ԥхынгәытәи ажәылара

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование дня города Сухум
Празднование дня города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2024
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынгәы 1-7 рзы ареспубликаҿ аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.

Ԥхынгәытәи ажәылара

1993 шықәса ԥхынгәымзазы аԥсуа ар ақырҭцәа ирымпыҵакыз аҵакырақәа рхы иақәиҭыртәырц аҽазышәарақәа ирылагеит.
Ԥхынгәытәи аоперациа хацыркын амза 2 рзы Тамшь адесант аӡхыҵрала. Ԥхынгәы 2-3 рзы 140-ҩык аԥсра иаԥылоз аруаа Гәымсҭа иӡхыҵит аӷа Шроматәи ахырхарҭа дацәхьарԥшуа. Аҟәа мрагылара-аҩадатәи аҳаракырақәа анапахь раагара иалнаршеит цәыббрамзатәи аиааира аагара.
Ԥхынгәы 2, 1993 шықәсазы 300-ҩык рыла ишьақәгылаз аԥсуа десант Очамчыра араион Тамшь ақыҭаҿы иӡхыҵит. Аибашьцәа рҿаԥхьа хықәкыс иқәгылан амҩаду хада аанкылара, ақырҭуа архәҭақәа ацхыраараз Аҟәаҟа раамышьҭра.
Тамшьтәи аоперациа аибашьраҟны аиааира агаразы акрызҵазкуа акәны иҟалеит, Аԥсны иахьатәи аҭоурых аҟны хьӡи-ԥшеи змоу адаҟьақәа ирыцлеит.
Переправа июль 3. 1993 г - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Аԥсны
Аибашьра алҵшәа зыӡбаз: 1993 шықәсазы Ииультәи аоперациа
Агәаларшәагатә усмҩаԥгатә иалахәыз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан игылоу амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Ауснагӡатә иара убасгьы рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра алахәцәа, араионқәеи ақыҭақәеи рхадацәа, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Ԥхынгәымза 4, 1993 шықәсазы Ҳабҩықә ашьха аҿы иҭахаз абаталион "Горец" аибашьцәа ҳаҭырла иргәаладышәеит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы. 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.
Аҳбҩықә ашьха Аҟәа агаразы астратегиатә ҵакы аманы иҟан. Ԥхынгәымзатәи аоперациаан абаталион ашьхараҿ верталиотла итәеит, уа ирзыԥшыз аӷа ихымцагьы иаҿыҵашәеит. 46-ҩык аибашьцәа рҟынтәи зыԥсы еиқәхаз 17-ҩык роуп. Аамҭақәак рышьҭахь Вианор Ашба напхгара зиҭоз арҟәша ирылдыршеит аӷа ари аҭыԥ аҟынтәи иқәцара.

Аҟәа ашьаҭаркра амш

Ԥхынгәы 6 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь 2508 шықәса ахыҵит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идикылеит аныҳәа азгәаҭара аҽалархәразы иааз Луганск, Донецк, Уфа, Цхинвал, Томбов, Ростов, Санкт-Петербург, Москва, Черқьесск, Грозныи, Краснодар, Казан, Нижни Новгород, Шәача рҟынтәи аделегациақәа.
Аиԥылараан Уфа ақалақь ахада Ратмир Мавлиев Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ааԥхьара ииҭеит Башкортосҭан аҳҭнықалақь 450 шықәса ахыҵра аныҳәахь, иара убас Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу агәашьаркыра аҩызаҵәҟьа аӡиас Белаиа аԥшаҳәаҿы аартра иазку аусмҩаԥгатә ахь.
Мавлиев инаҵшьны иҳәеит ареспубликақәа рыҩбагьы реизыҟазаашьақәа аиҩызареи апатуеиқәҵареи шьаҭас ишрымоу, реиқәшаҳаҭрақәа зегьы лҵшәа бзиала ишынарыгӡо.
Праздничный салят  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2024
Аԥсны
Шәышықәсала иазгәарҭо аныҳәа: Аҟәа 2508 шықәса ахыҵит
Ари амш азы Аҟәеи Донецки ақалақь-аишьцәа ҳәа рыҟаларазы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Беслан Ешбеи Алексеи Кулемзини.
Аныҳәа иазырхиан ауснагӡатәқәа: афотоцәыргақәҵа, "Аԥсуа шҭа", ахәыҷқәа рзы агәмырҿыӷьратә уснагӡатә, аныҳәатә концерт, асалиут.

Аԥсни Приднестровиеи

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа диԥылеит Аԥсны иҟоу Приднестровие ахаҭарнак ҷыда Гарри Кәпалба. Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Одиссеи Бигәааи Гарри Кәпалбеи Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа 61-тәи араунд алҵшәақәа ирылацәажәеит, иазгәарҭеит Аԥсни Приднестровиеи реизыҟазаашьақәеи русеицуреи анаҩсгьы арӷәӷәара ишазхиоу.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Одиссеи Бигәаа Гарри Купалба "Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра 30 шықәса ахыҵра" аиубилеитә медал ианеишьеит.

Ашәахтәқәеи аизгатә лагалақәеи

2024 шықәса фымз рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахь иаланагалахьеит ҩ-миллиард мааҭ инареиҳаны, ари 15% рыла еиҳауп иарбаз – 1,849 миллиард мааҭ аасҭа.
2024 шықәса ажьырныҳәа инаркны рашәарамзанӡа Аԥсны абиуџьет ахь аҳазалхратә шәарақәа ралагаларазы аус нагӡоуп иазгәаҭан иҟаз аасҭа 35% рыла еиҳаны, иагьартәеит 1,9 миллиард мааҭ.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура ишаанацҳаз ала, 2023 шықәса абри аамҭазы абиуџьет иаланагалеит 1,5 миллиард мааҭ.

Амфитеатр аиҭашьақәыргылара

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа Пицунда иргылаз амфитеатр аусура хацыркуп. Жәашықәса инареиҳаны игәыгәҭыжьыз ари аргылара, Пицунда инхо Қаҩаа рҭаацәа қьырала иганы еиҭашьақәдаргылеит.
"Сара раԥхьатәи сусурҭа ҭыԥ амфитеатр акәын, усҟан 12-ҟа шықәса схыҵуан. Есыхәылбыҽха ахәаԥшцәа рзы асахьаркыратә фильмқәа аҿаскуан. Ари аҭыԥ сара исызгәаҟьан иҟалеит. Сазхәыцуан амфитеатр аусура еиуеиԥшымкәа аҟаҵараз, исҭахын араҟа аԥсуа культура аӡыргара. Иахьа сара 28 шықәса схыҵуеит, алшара соуит уи аус адызулартә", — ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра иазеиҭеиҳәеит Дауҭ Ақаҩба.
Дауҭ иаб, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Уасил Ақаҩба игәалаиршәеит асовет аамҭақәа рзы араҟа афестивальқәеи аконцертқәеи шымҩаԥыргоз. Иҳәеит ари атрадициа ахацыркра ргәы ишҭоу. Амфитеатр 850-ҩык рҭыԥ амоуп.

Тҟәарчал арҽеиратә усурақәа

12,7 миллион мааҭ инареиҳаны ареспубликатә биуџьети аҭыԥантәии рҟынтәи иазоужьхоит Тҟәарчал агәаны ишьҭоу ашҭа ашьақәыргыларазы.
Аԥсны ахада Иусбарҭа ишаанацҳауа ала, ргәы иҭоуп 4,5 нызқь метр ԥшьыркца еиҭашьақәдыргыларц, идыриаҵәарц, арлашарақәа дырҿыцырц.
"Аилаӡара инақәыршәаны, ашықәс нҵәаанӡа ҳалгароуп, аха амш иаҳнаҭар, аҿҳәара ааиаанӡа ҳалгар ҳалшоит", — ҳәа азгәеиҭеит анардадатә еиҿкаара аиҳабы Раули Шамугиа.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит

XXII Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" ԥхынгәы 15 инаркны нанҳәа 20 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп.
Афестиваль аҳаҭыртә сасыс дааԥхьахоит Маритәи атеатр адиректор, Атеатр ду адиректор хада, адирижиор, Урыстәыла Жәлар рартист Валери Гергиев. Ԥхынгәы 15 рзы Аҟәа, Атеатр ашҭаҿы Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диижьҭеи 75 шықәса аҵра иазкны имҩаԥгахо актәи аконцерт аҿы иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи, атеатр асимфониатә оркестри, асолистцәеи.
Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.
Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2024
Аԥсны
Амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит" аатуеит Аҟәа, ԥхынгәы 15 рзы

Алиса Гыцԥҳа аицлабра мҩаԥылгоит

Цәыббра 30 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоу Алиса Гыцԥҳа ахԥатәи Жәларбжьаратәи лмузыкатә еицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит. Аиааира зго еилкаахоит ҩ-номинациак рыҟны — академиатә авокалтә нагӡареи ансамбльтә ҟазареи рҟны.
"Аицлабра хықәкыс иамоуп жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа рыбжьара аурыс культура, адоуҳатә культуратә беиарақәа раларҵәара" — ҳәа лҳәеит Урыстәыла Зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны Жәлар рартист Алиса Гыцԥҳа.
Гран-при азы аицлабра аԥхьахәтә фонд 200 000 мааҭ ыҟоуп. Аноминациаҿы I, II, III аҩаӡарақәа зауа аԥаратә ҳамҭақәа ранаршьоит. Аԥхьахә ҷыдақәа рырҭоит Урыстәыла иналукааша акультуратә институциақәа.

Ажәытәлыхқәа рыԥшаара

ААУ астудентцәа Аҟәатәи абааҟны имҩаԥыргоз ажрақәа раан ажәытә ҳаԥшьақәа рбеит. Аҳаԥшьақәа ҳера V-VI ашәышықәсақәа ирыҵаркуазар ҟалоит.
Аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа иажәақәа рыла, дара аԥсыжратә қьабызқәа ирыҵанакуеит.
"Ажәытәан Аԥсны иахьаҵанакуаз аҳаԥшьақәа рҿы ауаҩы ижра ақьабз мҩаԥыргон. Ҳгәанала арҭ аҳаԥшьақәа рҟны ахәыҷқәа рыԥсыбаҩ ыҟоуп. Асеиԥш иҟаз ажырҭа уаанӡагьы иаабахьан", - ҳәа иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит ааигәа-сигәа аҳаԥшьақәа еиҭахгьы иҟалар шалшо.
ААУ астудентцәа рзы археологиатә практика есышықәса имҩаԥыргоит. Сынтәа иара ԥхынгәы 20 рҟынӡа имҩаԥысуеит.

Аԥхынтәи атеатр аԥсҭазаара ҿыц

Акыршықәса рышьҭахь Гагратәи аԥхынтәи атеатр аусура иалагеит. Уаҟа иқәдыргылеит арежиссиор Владлена Ҵәыџьԥҳа лҭоурыхтә спектакль "Гагра ақалақь аԥхыӡқәа".
Ақәыргыламҭа иммерсивтәын — ахәаԥшцәа асабрадақәа рҿаҵаны актиорцәеи дареи еиныруан, инеиҭаҵ-ааиҭаҵуан. "Аԥхыӡқәа" ақалақь аҭоурых аепохақәа хԥа ирызкын: ҳера ҟалаанӡа аҩбатәи ашәышықәса, апринц Ольденбургски ихьӡ иадҳәалоу аамҭа, асовет аамҭа.
"Ахәаԥшцәа рацәан. Аспектакль ашьҭахь акраамҭа еимыҵуамызт. Ргәаанагарақәа еибырҳәон. Зегьы иргәаԥхеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Ҵәыџьԥҳа.
Аԥхынтәи атеатр аибашьра ашьҭахь игәыгәҭажьын. Уажәшьҭа ара аспектакльқәа ддырбалоит. Зынӡа урҭ ирылахәхоит 15-ҩык актиорцәа, дара реиҳараҩык аҟазара ашкол аҵаҩцәа роуп.

АҶА ашықәсхыҵра

2006 шықәса ԥхынгәы 4 рзы иаԥҵан Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа анаҩс аминистрра ҳәа иԥсахыз. Сынтәа иахыҵит 18 шықәса.
Портреты сотрудников МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2024
Аԥсны
"Сара ауаа еиқәсырхоит!": Аԥсны АҶА аусзуҩцәа
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи аветеранцәеи рзанааҭтә ныҳәамш рыдиныҳәалеит.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит аусбарҭа алшарала шәҩыла ауаа рыԥсқәа шеиқәырхоу, аԥсуа еиқәырхаҩцәа рус бзиа ибаны ҭакԥхықәра дула ишазнеиуа, рхы-рыԥсы иамеигӡакәа рнапы иану шынарыгӡо.
Бжьаниа АҶА аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиарақәа, аманшәалара.
Ажәабжьқәа зегьы
0