Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Тҟәарчалтәи атеатр аԥхын аусура иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба Тҟәарчалтәи атеатр аԥхын аусура иазкны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аԥхын иаԥсҭазаашьоу, ишышьақәгылоу ррепертуар, араион анҭыҵ аспектакльқәа ддырбаратәы лшарас ирымоу, иҿыцу ақәыргыламҭа аус шадыруло атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аиҳабы Адамыр Гәынба.
Аԥхын Тҟәарчалтәи атеатр аԥсшьаҩцәа ақәыргыламҭақәа ддырбоит. Пицунда, Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы иқәгылахьеит, ргәы иҭоуп егьырҭ ақалақьқәагьы ирҭаарц.
"Аԥсшьаҩцәа идҳарбарц ҳҭахуп ҳтеатр, ҳҟазара, абри ауп аԥхынтәи ҳусура хықәкыс иамоу. Ус иҳаӡбеит ахәашала аспектакль аԥсшьаҩцәа дырбара, асабшеи амҽышеи ақәыргыламҭа ҿыц Шоҭа Чкадуа иҩымҭақәа рыла Алхас Шамба иқәиргыло аус адулара. Цәыббрамзазы уи апремиера ҟалараны иҟоуп", - иҳәеит Гәынба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0