Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарцхьиа апальмақәа рыхәшәтәразы: алҵшәа амоуп

Кәарцхьиа апальмақәа рыхәшәтәразы: алҵшәа амоуп
Анапаҵаҩра
Апальмақәа аԥхасҭа рызҭо ахәаҷа анырҵәаразы ахәшәтәрақәа мҩаԥыргоит. Гәдоуҭа араион аҟны ачымазара зыдбалоу аҵлақәа рхыԥхьаӡара шаҟа инаӡо, ахәшәтәрақәа рылҵшәа зеиԥшроу атәы еиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иура Кәарцхьиа.
Гәдоуҭа араион аҟны апальмақәа рхыԥхьаӡара 800 иреиҳауп. Урҭ рҟынтәи Афон ҿыц ақалақь аҟны 450 цыра ыҟоуп, 4-5 ҵла уаҟа иԥҟаны ирблыр акәхеит. Гәдоуҭа аҵлақәа ԥырымҟеит, аха ачымазара здырбылаз 7-8 шьапы ыҟоуп, иҳәеит Кәарцхьиа. Афон ашықәсан апальма ҵлақәа ҩынтә ирхәышәтәуеит, Гәдоуҭа знык, ачымазара злаҽу аҵлақәа ҩынтә ирхәышәтәуеит. Ахәшәтәра алҵшәа бзиа амоуп, иҳәеит Кәарцхьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0