https://sputnik-abkhazia.info/20240812/khra-zlou-akhysa-nanba-2008-shysazy-kydry-aartsra-iazkny-1051962812.html
Хра злоу ахҭысқәа: Нанба 2008 шықәсазы Кәыдры аҭарцәра иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Нанба 2008 шықәсазы Кәыдры аҭарцәра иазкны
Sputnik Аҧсны
Нанҳәа 12 2008 шықәсазы ихыркәшан Кәыдрытәи аиҩхааҟынтә ақырҭуа еиҿкаарақәа рыҭцаразы аоперациа. Уи амш зырааигәаз ахҭысқәа рыҿиашьа, убасгьы аоперациа... 12.08.2024, Sputnik Аҧсны
2024-08-12T14:56+0300
2024-08-12T14:56+0300
2024-08-12T14:56+0300
арадио
аԥсны
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/0c/1051962992_0:0:1281:720_1920x0_80_0_0_1aa92590c06b397bb4d5a0d6b32d27ee.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Нанба 2008 шықәсазы Кәыдры аҭарцәра иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Нанба 2008 шықәсазы Кәыдры аҭарцәра иазкны
Нанҳәа 12 2008 шықәсазы ихыркәшан Кәыдрытәи аиҩхааҟынтә ақырҭуа еиҿкаарақәа рыҭцаразы аоперациа. Уи амш зырааигәаз ахҭысқәа рыҿиашьа, убасгьы аоперациа хәшьарас иаиҭо атәы далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны усҟантәи аамҭазы атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс иҟаз аинрал Закан Нанба.2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Кәыдрытәи аҩхаа ҩадатәи ахәҭа аҭарцәразы арратә операциа еицымҩаԥыргеит аурыси аԥсуеи аруаа. Уи иалҵшәаны Аԥсны аҵакыра зегьы ҭарцәын ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтә. Анаҩс, нанҳәа 26 рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсны ахәынҭқарра ахьыԥшымра.Аԥсны акәша-мыкәша ааԥын аахыс иуадаҩыз арра-политикатә ҭагылазаашьа ыҟан, Қырҭтәыла аҵакыраҟынтә аамҭа-аамҭала апровокациақәа мҩаԥыргон.Нанҳәа 8 азы Аахыҵ-Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхинвал алахысра ианалага ашьҭахь Аԥсны Арбџьармчқәа ауааԥсыра ахәҭакахьалатәи аҽеизакра рыларҳәеит, ашәарҭара акыр рҽазыҟарҵеит."Ианаҭахыз аамҭазы ауп ҳара ҳанца. Август 4 рзы ҳара ҳрезервуаа хәнаҳгахьан. Ҿарԥштәык аазгоит. Агәыԥ сышьҭит аԥшыхәразы. Иҭынчрашәа ирбеит, уиаҟара рҽазыҟамҵашәа инеит, аха убриаҟара ахы ргәыдырҵит ҳжәылара ҽнак шыбжьаз, убас рҽырӷәӷәаны итәан Кәабчаратәи ацҳаҟны. Ҽнак аԥхьа ҳдәықәларгьы иаԥсамызт, иаҳцәыӡуаз рацәаҩхон", - иҳәеит Нанба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.Ԥхынгәы 25 2006 шықәсазы Қырҭтәыла аполициатә аоперациа аҳасабала Кәыдры аҩхаа ҩадатәи ахәҭахьы иаланагалеит атәылахьчареи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәеи, ашәарҭадаратә маҵзуреи, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рдепартамент архәҭақәеи. Аԥсны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Кәыдры ҩадатәи ахәҭаҟны иҟаз ақырҭцәа рыруаа рхыԥхьаӡара 1 500 инаркны 3 нызқьҩык рҟынӡа инаӡон. Қарҭ хықәкыс иаман Кәыдры аплацдарм еиҿкааны Аԥсны аҳҭнықалақь ашҟа анеира, аҳаиртә баӷәаза аанкылара, Гал-Аҟәа ахырхарҭала Қырҭтәыла аршьаҟауаа ргәыԥ қәҿиарала рныҟәара алыршаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.Аӷацәа ргәахтәы иахьырымгӡеит, аурыси аԥсуеи аруаа еицымҩаԥыргаз ажәылара иабзоураны нанҳәа 12 рзы Кәыдры аҩхаа ҭарцәын, уи алагьы Аԥсны адгьылҵакыра акзаара еиҭашьақәыргылан. Кәыдрытәи аперациа уахыки-ҽнаки ицон.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/0c/1051962992_0:0:961:720_1920x0_80_0_0_c277f1e65792bff49da99b9b4a4a3ad0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Нанҳәа 12 2008 шықәсазы ихыркәшан Кәыдрытәи аиҩхааҟынтә ақырҭуа еиҿкаарақәа рыҭцаразы аоперациа. Уи амш зырааигәаз ахҭысқәа рыҿиашьа, убасгьы аоперациа хәшьарас иаиҭо атәы далацәажәеит
арадио Sputnik аефир аҟны усҟантәи аамҭазы атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс иҟаз аинрал Закан Нанба.
2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Кәыдрытәи аҩхаа ҩадатәи ахәҭа аҭарцәразы арратә операциа еицымҩаԥыргеит аурыси аԥсуеи аруаа. Уи иалҵшәаны Аԥсны аҵакыра зегьы ҭарцәын ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтә. Анаҩс, нанҳәа 26 рзы Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсны ахәынҭқарра ахьыԥшымра.
Аԥсны акәша-мыкәша ааԥын аахыс иуадаҩыз арра-политикатә ҭагылазаашьа ыҟан, Қырҭтәыла аҵакыраҟынтә аамҭа-аамҭала апровокациақәа мҩаԥыргон.
Нанҳәа 8 азы Аахыҵ-Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхинвал алахысра ианалага ашьҭахь Аԥсны Арбџьармчқәа ауааԥсыра ахәҭакахьалатәи аҽеизакра рыларҳәеит, ашәарҭара акыр рҽазыҟарҵеит.
"Ианаҭахыз аамҭазы ауп ҳара ҳанца. Август 4 рзы ҳара ҳрезервуаа хәнаҳгахьан. Ҿарԥштәык аазгоит. Агәыԥ сышьҭит аԥшыхәразы. Иҭынчрашәа ирбеит, уиаҟара рҽазыҟамҵашәа инеит, аха убриаҟара ахы ргәыдырҵит ҳжәылара ҽнак шыбжьаз, убас рҽырӷәӷәаны итәан Кәабчаратәи ацҳаҟны. Ҽнак аԥхьа ҳдәықәларгьы иаԥсамызт, иаҳцәыӡуаз рацәаҩхон", - иҳәеит Нанба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ԥхынгәы 25 2006 шықәсазы Қырҭтәыла аполициатә аоперациа аҳасабала Кәыдры аҩхаа ҩадатәи ахәҭахьы иаланагалеит атәылахьчареи аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррақәеи, ашәарҭадаратә маҵзуреи, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара рдепартамент архәҭақәеи. Аԥсны атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Кәыдры ҩадатәи ахәҭаҟны иҟаз ақырҭцәа рыруаа рхыԥхьаӡара 1 500 инаркны 3 нызқьҩык рҟынӡа инаӡон. Қарҭ хықәкыс иаман Кәыдры аплацдарм еиҿкааны Аԥсны аҳҭнықалақь ашҟа анеира, аҳаиртә баӷәаза аанкылара, Гал-Аҟәа ахырхарҭала Қырҭтәыла аршьаҟауаа ргәыԥ қәҿиарала рныҟәара алыршаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара.
Аӷацәа ргәахтәы иахьырымгӡеит, аурыси аԥсуеи аруаа еицымҩаԥыргаз ажәылара иабзоураны нанҳәа 12 рзы Кәыдры аҩхаа ҭарцәын, уи алагьы Аԥсны адгьылҵакыра акзаара еиҭашьақәыргылан. Кәыдрытәи аперациа уахыки-ҽнаки ицон.