Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҿырԥштәы бзиа арҵаҩрахьы схьанарԥшит":абжьаратә школ аиҳабы Денис Анқәаб изкны

© Foto / предоставила Саида ЖибаДенис Анқәаб
Денис Анқәаб - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2024
Анапаҵаҩра
Аӡәгьы изы имаӡаӡам, иахьатәи абиԥара рахьтә арҵаҩы изанааҭ гәацԥыҳәарала иалызхуа шмаҷҩу. Аиҳарак арԥарцәа рыбжьара. Жьҭаара 5, арҵаҩы изанааҭ амш ныҳәа инамаданы иӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭахуп Гагра араион, Гьиачрыԥшьтәи абжьаратә школ адиректор, аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи рырҵаҩы Денис Едурад-иԥа Анқәаб. Иара иқәра шмаҷугьы, аиҳабацәа ирҭаз адырреи аԥышәеи ихы иархәаны ишахәҭоу еиԥш имаҵура ныҟәигоит.
Денис Анқәаб, Алада-Џьырхәатәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Иара ишиҳәо ала, аиҳабыратәи аклассқәа рахь даннеи ауп, ԥхьаҟатәи изанааҭ дазхәыцуа даналага. Амаҭәарқәа зегь иқәманшәалахон, аха иаҳәшьа Альбина лабжьгарала иӡбоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, аҭоурыхтә факультет аҭалара. Денис игәҭакы атәы здыруаз ирҵаҩцәа зегьы, усҟан ашкол адиректор Назырбеи Смел-иԥа Габниа раԥхьа днаргыланы, адгылара ирҭеит. Агәра идыргеит ишилшо. Уи нахыс, иара дырҿыԥшны, арҵаҩы ихымҩаԥгашьа, аҵаҩцәа рызнеишьа уҳәа игәникылоз рацәан саԥхьаҟа сырҵаҩхозар исыхәоит ҳәа.
Софа Дгебуазе - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2024
Аԥсны
"Арҵаҩра сгәаԥхаратәы аҿырԥштәы бзиа сыман": Софиа Дгебуаӡе лзанааҭ иазкны
Денис Иреиҳау аҵараиураҭа дҭалеит уадаҩрада. Убасцәҟьа иманшәаланы имҩасуан аҵаратә процесс. Уи зыбзоуразгьы алекциақәа ирзаԥхьоз аҭоурыхтә факультет адекан Алик Никәала-иԥа Габелиа, алекторцәа Виктор Владимир-иԥа Аҩӡба, Лариса Гьаргь-иԥҳа Смырԥҳа уҳәа роуп. Убасҟан дара азанааҭ ахь агәыбылра идыркит.
"Ашкол аҟны аума, Иреиҳау аҵараиурҭа аҟны аума, исзааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп. Сара насыԥ сыман ҳәа исԥхьаӡоит актәи акласс инаркны ауниверситет салгаанӡа, бжьы хаала аҵарадырра адунеи санызҵаз арҵаҩцәеи алекторцәеи ахьсымаз", - аџьшьара рыҭо иҳәоит Денис Анқәаб.
Астуденттә шықәсқәа раан, Денис апрактикахь Аҟәатәи абжьаратә школ №4 ахь дрышьҭырц акәын. Аха 11 шықәса аҵара ахьиҵоз ишкол гәакьа адиректор Назырбеи Габниа ҭелла иҽимаидан, ааԥхьара ииҭеит.
"Сара сувагылоит, суцхраауеит, акы уацәымшәакәа арахь уааи аниҳәа, уаҳа иажәа ҩбамтәкәа сцеит. Аҵара сзырҵаз, ауаҩра сылызхыз ауаа рааигәара аҟазаара саргьы исҭаххеит. "Денис, ҳхәыҷы" ҳәа акәын убасҟангьы ишсышьҭаз. Абас рнапқәа сыкәыршаны, арҵаҩы изанааҭ ахь сымҩақәырҵеит", - игәалашәоит Денис.
2017 шықәса раахыс, Денис Анқәаб аус иуоит Гьиачрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны. Уахь иара ааԥхьара ииҭеит иқыҭа иалҵыз иҩызаҷкәын, араҟа рҵаҩыс аус зуаз Махаз Ешба. Дара уи аԥхьаҟагьы еибадыруан. 2015-2016 шықәсқәа рзы Гагратәи алицеи интернат аҟны аус еицыруан.
"Сҩыза ааԥхьара ансиҭа, мап сымкӡеит. Аамҭак ашьҭахь, иара Гьиачрыԥшьтәи абжьаратә школ директорс дахагылоит. Убри аҟнытә, Махаз Чынчор-иԥа еиҳагьы ҳажәҩахыр еиҵыхны ҳидгылеит. Сара, занааҭла сҭоурыхҭҵааҩын, аха араҟа аԥсуа бызшәа амаҭәар амҩаԥгара салагеит афбатәи, ажәабатәи, ажәеизатәи аклассқәа рҟны. Уи аҿы исыцхрааз, аԥышәа ду змоу арҵаҩцәа роуп. Рыӡбахә сымҳәар ҟалом, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа, аспециалист хадацәа Иулиа Канџьариаԥҳа, Мзиа Дауҭиаԥҳа. Дара, сгәы камыжькәа, исылымшозгьы сылдыршеит. Агәыӷра сырҭеит зегьы шыманшәалахоз", - иҳәоит арҵаҩы.
 Лорена Пагава - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2019
Лорена Ԥаӷәааԥҳа: арҵаҩра рҿиарала уаназнеи – ганкахьала ижурналистикахоит
Гьиачрыԥшьтәи абжьаратә аурыс школ аҿы ҩышәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аҵара рҵоит. Урҭ рахьтә жәаҩык аԥсыуаап. Убри инамаданы, аԥсуа бызшәа ззымдыруа рацәоуп. Араҟа аҵаҩцәа еиԥшны адҵақәа рырҭаӡом. Класск аҟны зынӡа иззеилымкаауеи изаҳауеи еицтәоуп аҟнытә, аԥсшәа здыруа аҩныҟатәи рыдҵақәа ҩынтә-хынтә еиҳаны ирыдырҵоит амаҭәар ахь аинтерес рцәымӡырц азы. Араион аҵара аҟәша аметодеилатәараҟны, ари азҵаара абас азнеишьа амазар еиӷьуп ҳәа ианырԥхьаӡа ашьҭахь.
"Ҳашкол арҵага шәҟәқәа рыла еиқәшәоуп. Иҳагу ҟалар, иаразнак аҵара аминистрраҟнытә иаҳзаарышьҭуеит. Апрограмма инақәыршәаны, ахԥатәи акласс инаркны ауп аԥсуа нбанқәа дырҵара ҳаналаго. Уи аԥхьаҟа, аҩбатәи акласс аҿы асахьақәа аус рыдырулоит. Иахәаԥшны аҳәоуқәа шьақәдыргылоит. Иаҳҳәап "Иахьа иԥхоит амра", "Иахьа иауеит ақәа" уҳәа. Аиҵбыратәи аклассқәа рҿы Ада Кәарҷелиаԥҳа лырҵага шәҟәқәа ахархәара рымоуп, аиҳабыратәиқәа рҿы Альдона Ажьиԥҳа", - инаҵишьит сажәабжьҳәаҩ.
Мимоза Еник - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2020
Арадио
Еныкьԥҳа: арҵаҩра зхы азызкуа идыруазароуп иаԥхьаҟатәи иԥеиԥш шакәу ииааӡо
Аԥсуа ҳәынҭқарратә бызшәа ҳаҭырла иазнеиуеит Гьиачрыԥшьтәи абжьаратә школ аҿы. Абызшәа аҵара шымариамгьы, зҿлымҳара арҭоит хәыҷи-дуи. Иахьа, ԥынгылада, "иухьӡеи, иужәлеи, уабанхо" ҳәа иҟоу азҵаарақәа атәым милаҭ аҭак ҟарҵоит.
2022 шықәсазы, Махаз Чынчор-иԥа Ешба Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 аҟынгьы директорс днарыԥхьоит. Шықәсык ҩ-школк напхгара риҭон, анаҩс аилагӡара мариамызт аҟнытә, Гагра араион аҵара аҟәшеи иара Махаз Ешбеи Денис Анқәаб иабжьаргоит Гьиачрыԥшьтәи абжьаратә школ дахагыларц. Денис иҭакԥхықәра еиҳагьы ишацлоз еиликаауан, аха дақәшаҳаҭхеит. Избанзар идыруан еснагь еиԥш адгылара ширҭало. Абар уажәшьҭа шықәсык аахыс, Денис Едуард-иԥа ԥсыцқьарыла амаҵура ныҟәигоит.

"Ҳарҵаҩратә еилазаара пату еиқәҵаны, Махаз Чынчор-иԥа ишаҳирбаз еиԥш ҳааиуеит. Ҳколлектив 24-ҩык рыла ишьақәгылоуп, урҭ рахьтә аԥсуаа хәҩык ҳауп иҟоу. Мартина Анқәабԥҳа аԥсуа бызшәа длырҵоит аиҳабыратәи аклассқәа. Адгәыр Қаԥшь абаҩрҵәыра амаҭәар мҩаԥигоит. Амаҭәаҵәахырҭаҟны аус луоит шықәсқәак раԥхьа аиҵбыратәи аклассқәа рҟны аԥсуа бызшәа мҩаԥызгоз, аха иахьагьы ҳганаҿы аҟазаара зҭаххаз Џьулетта Абӷаџьааԥҳа. Аиашазы лара анык леиԥш даҳхагылоуп. Исымҳәар ҟалом, арҵаҩратә еилазаара ҳгәы шышьҭнахыз, азанааҭ агәыбылра кны, аԥсуа бызшәа арҵаҩыс Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟнытә Марта Пертааԥҳа дахьаҳзааз", - иҳәоит Денис Анқәаб.

Арҵаҩы изанааҭ ианакәызаалак ҳаҭыр аман. Иахьа аамҭа акырӡа аҽеиҭанакит, аха зегь акоуп иара ида дыррала еибаркыу адунеи узықәлаӡом. Аҵара-ааӡаратә процесс знапы алаку зегьы, арҵаҩ имш рыдныҳәало ирзеиӷьасшьар сҭахуп ачҳареи, агәҭынчреи, аманшәалареи. Рнапы злакыу иԥшьоу аус - еснагь аилкаара ацзааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0