Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашәҟәыԥхьара ҳалаҽхәон": Лиана Смырԥҳа абиблиотека иазкны

© Foto / Саида ЖибаЛиана Смыр
Лиана Смыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2024
Анапаҵаҩра
Акьыԥхьымҭа ауаҩы ишьақәгылараҿы аҵак ду амоуп. Ашәҟәы, ажурнал, агазеҭ уҳәа рдаҟьақәа рҟнытә ауп дарбанзаалак адунеи дшалаԥшуа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы акьыԥхьымҭа аинтернет иахәаҽуа иалагазаргьы, уи аҵакы ацәзырӡо атехнологиа зыҟалом. Ақьаад иануи, уаҵәтәи амш азы агәрагара змам ахархәагақәеи узеидкылом. Иахьатәи санҵамҭаҟны зыӡбахә шәзеиҭасҳәо, Гагра араион Еизаку абиблиоткатә система 31 шықәса раахыс напхгара азҭо, ажәытәи аҿатәи еиҿзырԥшуа, зыԥсҭазаара абжеиҳан абиблиотекатә ус иазызкыз Лиана Смырԥҳа лоуп.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ахәыҷы наҟ-наҟтәи иԥсҭазаара ашьаҭа зчаԥо раԥхьатәи ирҵаҩы иоуп. Лиана Алықьса-иԥҳа Смыр актәи акласс инаркны абыжьбатәи аҟынӡа Н. Лакәаба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ аҟны аҵара лҵонаҵы, урҭ рахьтә ԥшьышықәса аҵарадырра адунеи дықәлырԥшит Алеқсандра Иснаҭ-иԥҳа Ԥкьын. Арҵаҩы лыбзоурала, ахәыҷы аҵараҵара аинтерес лзаҵалеит. Бзиа илбеит ашәҟәыԥхьара.
"Ашәҟәы, ажурнал, агазеҭ уҳәа арыԥхьара сара аинтерес слыркит раԥхьатәи сырҵаҩы Алеқсандра Иснаҭ-иԥҳа Ԥкьын. Лара убри аҟара лдырра ҵаулан, даамсҭашәан, ахәыҷы изнеишьа дақәшәон, улзымӡырҩыр, гәаартыла улзыҟамлар ада ԥсыхәа умоуа. Аразҟы сыман ҳәа исԥхьаӡоит, лара сыԥсҭазаараҟны дахьыҟаз. Иахьа, ииасыз сышықәсқәа рахь саныхынҳәуа еилыскаауеит, шаҟа лааԥсара рацәоу сыхьӡи сыжәлеи еидкыланы ирҳәаратәы сахьыҟалаз", - ҳәа раԥхьатәи лырҵаҩы лыӡбахә лҳәоит Лиана Смырԥҳа.
Сажәабжьҳәаҩ лхәыҷратә шықәсқәа Асовет аамҭа аилашымҭа иақәшәеит. Усҟан ашкол анҭыҵтәи аԥхьара даара "имодан". Ахәыҷқәа рҽеидкыланы ашколтә мамзар ақалақьтә библиотекақәа ирҭаауан. Араҟа арҵаҩы иаԥхьатәуп ҳәа асиа ианҵаны ирылҭаз аҩымҭақәа рнаҩс, абиблиотека аусзуҩцәа ирабжьаргон ахәыҷтәы журналқәа. Аԥсны алаҵәара ду рыман "Амцабз", "Мурзилка", "Веселые картинки", "Юный натуралист", "Юный техник", "Юность" уҳәа ажурналқәа рацәаӡаны. Урҭ зықьҩыла ахәыҷқәеи аҿарацәеи рнапы аҵаҩын. Ԥошьҭала аҩнынӡа ирзаауан. Акласстә сааҭқәа раан, ашколхәыҷқәа гәырӷьаҵәа, аӡәи-аӡәи еицлабуа арҵаҩы изыԥхьаз, иҿыцны еилыркааз лзеиҭарҳәон.
"Абиблиотекақәа рҟны ҳзыԥхьоз акьыԥхьымҭақәа рыбзоурала иаҳдыруаз рацәан. Аҟәа, Москва, Қарҭ аполитикцәа, ашәҟәыҩҩцәа, артистцәа, аспортсменцәа зегь рыхьӡқәа ҳдыруан. Адунеи ахсаала ҳнацәа ақәкны, аматерикқәеи, аҳәынҭқаррақәеи урҭ раҳҭнықалақьқәеи, рхадацәеи уадаҩрада еиқәаҳԥхьаӡон", - ҳәа азгәалҭоит Лиана Смырԥҳа.
© Foto / Саида ЖибаЛиана Смыр
Лиана Смыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.10.2024
Лиана Смыр
Ахацәа рыбжьара агазеҭ алаҵәара ду аман. Убас ирыԥхьон аҭоурыхтә романқәа, адетективқәа, ахҭыстә ҩымҭақәа. Аҳәса зҿлымҳара рырҭон еицырдыруа аклассикцәа Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, И. Папасқьыр, А. Пушкин, М. Лермонтов, Л. Толстои, Г. де Мопассан, О. Генри, О. де Бальзак. Ақыҭақәа рҟынгьы аусҳәарҭахь иааргоз есымшатәи акьыԥхь инеимда-ааимдо иаԥхьон. Ажәакала еиҵагылоз абиԥара реиҳабацәа рҟынтәгьы ирбон аԥхьара иаҵаз акультура ҳаракы.
"Ҳара аҩны абиблиотека ду ҳаман. Саб, уахык акы дамыԥхьакәа дышьҭаланы сгәалашәом", - лҳәоит Лиана.
Лиана Смырԥҳа Пицундатәи аурыс школ ауп дзылгаз, лҭаацәа арахь нхара иааит аҟнытә. Уи ашықәсан, аԥҳәызба Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт, аҭоурыхтә факультет дҭаларц азы арзаҳал алалҵеит. 25 ҭыԥ ахьыҟаз, Жәаргьыҭи Қәҭешьи рҟнытә азыҟаҵаратә гәыԥ иалганы иааз 19-ҩык ԥышәарада ианаднакыла, инхаз ф-ҭыԥк 240-ҩык абитуриентцәа азықәԥо иалагеит. Лиана даара лылахь еиқәылеит аҵара дахьзымҭалаз. Аха аамҭак ашьҭахь аусура далагоит Еиду Пицундатәи акурорттә еилазаара абиблиотекаҟны. Ара, абиблиотекатә ҵара ду змаз ауаа аԥышәа лырҭеит. Асовет ԥхьаҩцәа рнаҩсгьы аҳәаанырцәтәи аԥхьаҩцәагьы (аинтуристцәа) арацәажәашьеи рызнеишьеи лдырҵеит. Уи иабзоураны, ԥшьышықәса рышьҭахь, Урыстәыла, Челиабинсктәи аинститут аҿы иаартыз абиблиотекатә факультет "4"; "5" ҳәа латәарадатәи аҟәша дҭалеит.
1980 шықәсазы, Лиана Смырԥҳа Еизаку абиблиотекатә системахь Гаграҟа аусура даарышьҭуеит. Зны редакторс, нас аметодикатә ҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩс.
"Асовет аамҭазы, Гагра араион аҟны 41 библиотека ыҟан. 110-ҩык ауаа аус руан. Есымза, Аҟәаҟа ҳцаны машьына дула ҿыц иҭыҵуаз ашәҟәқәа ааҳгон, нас еихшаны библиотекацԥхьаӡа ирзаҳшьҭуан. Араагьы акырӡа аԥышәа лымаздеит сеиҳабы Марина Сантурџьиан", - илгәалашәоит Лиана Смырԥҳа.
Зосим Зыхәба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2024
Аԥсны
"Аамҭа хьанҭа ауаа ӷәӷәақәа ахылҵуеит": Зосим Зыхәба иҭоурых
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Гагратәи абиблиотекақәа ааха ӷәӷәа роуит. 41 рахьтә быжьба роуп еиқәхаз. Ауаа абиблиотекақәа рышәқәа ԥҽны, ашәҟәқәа дәылганы мҿыс рхы иадырхәо иалагеит, иргеит аҩнымаҭәагьы.
"1995 шықәсазы, аибашьра абиблиотекақәа ирзыннажьыз ахарџь аԥхьаӡара саналага, усҟантәи аԥарала ҩ-миллиардк рыхә ашәҟәқәа шаҳцәыӡыз шьақәсыргылеит. Ари рыцҳара духеит ҳдоуҳатә культуразы", - инаҵылшьит сажәабжьҳәаҩ.
Иахьатәи амш азы, Гагра араион аҟны хә-библиотекак ыҟоуп. Ҩба – Гагра, акака Пицундеи, Цандрыԥшьи, Баӷрыԥсҭеи.
"Акьыԥхь аинтернет иахәаҽуа иалагеит ҳҳәоит, аха ҳара иҳамоуп шықәсырацәала иаҳҭаауа аԥхьаҩцәа. Иаҳзаауеит ахәыҷқәагьы. Амала ҳгәы еихьызшьуа, ишаҳҭаху еиԥш, ҿыц иҭыҵуа, иахьатәи авторцәа рышәҟәқәа ахьаҳзаамхәо ауп. Аурыси аҳәаанырцәи рыклассикцәа рҩымҭақәа, ҳауаажәлар рыбзоурала иҳагӡам, арҽеиратә усурақәа аныҟарҵо, шәкыла рыҩнқәа рҟнытә иаҳзааргоит. Аиҵахарақәа ҳамоуп аԥсуа шәҟәқәа рганахь ала, аиҳарак ҳҭоурых зҳәо ҳрызгәышьуеит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апублицистцәеи рышәҟәқәа раӷьырак аиҭаҭыжьра рҭахны исԥхьаӡоит. Абиблиотекақәа русзуҩцәа иҳадҵаалар, иаҳҳәарын ажәлар рыҩнуҵҟа алаҵәара зҭахны иҟоу", - ҳәа азгәалҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Иахьа, Гагра мацара 700-ҩык рҟынӡа аԥхьаҩцәа абиблиотекақәа ирҭаауеит. Лиана Смырԥҳа лгәы иаланы илҳәеит 2020 шықәса раахыс аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа аԥхьаҩцәа рахьтә ҩышәҩык рҟынӡа рыдунеи шырԥсахыз. Реиҳараҩык ковид чымазара иагеит.
"Ҳбиблиотекаҟны, ашәҟәқәа зегьы алфавитла еишьҭаргыланы, ақәҵарҭақәа ирықәыргыланы иҳамоуп. Аҭааҩ дзыдҵаало иаразнак илаԥш ақәшәоит, мамзар ҳара иҳарбоит. Игәы ззыҳәо ҳамамзаргьы, шәҟәыда дҳашьҭӡом, "абри шәаԥхьар шәахьхәӡом" ҳәа ҽакы идаагалоит. Аԥхынтәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа маҷымкәа иаҳҭаауеит. Дара аинтерес рзаҵоуп ҳҭоурыхи, ҳкультуреи, ҳҵасқәеи ртәы зҳәо аҩымҭақәа. Иҟалалоит, аԥхьаҩцәа (ҳраион иаланхо) ашәҟәқәа анырго, ииашамкәа рҭыӡҭыԥ ма рҭел ахыԥхьаӡара анырҳәо. Ҳара рыгәра ганы, цырак ада ҳамамзаргьы ирыҭаны акарточкақәа рзааҳартуеит. Аамҭа анахылалак ҳрышьҭалоит, аха ишеилышәкаауа еиԥш илҵшәадахоит. Убас ибжьаӡит Адиле Аббас-оглы лышәҟәы "Моя Абхазия… Моя судьба". Аиҭаҭыжьра атема саналацәажәо, абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа ҳанрықәшәо, ажәлар ашәҟәқәа рыгымхарц азы ауп", - лҳәоит Смырԥҳа.
Денис Анқәаб - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2024
Аԥсны
"Аҿырԥштәы бзиа арҵаҩрахьы схьанарԥшит":абжьаратә школ аиҳабы Денис Анқәаб изкны
Лиана Смырԥҳа абиблиотека ахарҭәааразы ԥарала илыцхраахьеит ахатәы наплакҩцәа. Аха уи зныктәи цхыраароуп. Аамҭа ԥхьаҟа ишцо еиԥш, аԥхьаҩцәа ринтересқәа урықәшәароуп. Уи азы лассы-ласс ашәҟәҿыцқәа аахәалатәуп. Иахьатәи аԥхьаҩ ииҭахуп зхаҭабзиара ҳаракыу, сахьала иҩычоу ашәҟәы. Уи хымԥада ахә маҷӡам.
"Абиблиотека ауаа радыԥхьаларазы еиҿкаатәуп ауадақәагьы. Аԥхьаҩ данааҩнашыло игәы хылартә иҟазароуп. Агәыӷра сымоуп наҟ-наҟ ус ишыҟало. Макьана ҳгәы камыжькәа аус ҳуеит", - лажәа иацылҵоит сажәабжьҳәаҩ.
Лиана Смырԥҳа 2007 шықәса раахыс Урыстәыла имҩаԥысуа абиблиотекатә еиԥыларақәа лхы рылалырхәоит. Иӡырылгоит Аԥсны. Мызкы ашьҭахь ааԥхьара лымоуп Суздаль имҩаԥысраны иҟоу аконференциахь.
Лиана Алықьса-иԥҳа 45 шықәса абиблиотекатә ус дазааԥсеит. Лара лыжәлар ринтеллектуалтә ҩаӡара ашьҭхраҿы илбаз аџьабаа ахә ашәара уадаҩуп.
Емма Басариа-Барцыц - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2024
Аԥсны
"Сзанааҭ сгәазырԥхаз раԥхьатәи сырҵаҩы лоуп": Емма Басариаԥҳа-Барцыц лырҵаҩратә мҩа иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0