https://sputnik-abkhazia.info/20241103/khra-zlou-akhysa-agrba-diaspora-eiuou-aar-asny-rara-iazkny-1052642401.html
Хра злоу ахҭысқәа: Агрба ҳдиаспора еиуоу аҿар Аԥсны рҵара иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Агрба ҳдиаспора еиуоу аҿар Аԥсны рҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы рҵара иацырҵарц Шьамтәылатәи ареспублика аҟынтә иааит ачерқьез диаспора иахаҭарнаку 9-ҩык астудентцәа. Ишԥаҟалеи урҭ... 03.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-03T20:00+0300
2024-11-03T20:00+0300
2024-11-03T20:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/17/1052642516_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_825cf85ba26fce9c5fd36b4b2d9cd2e9.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Агрба ҳдиаспора еиуоу аҿар Аԥсны рҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Агрба ҳдиаспора еиуоу аҿар Аԥсны рҵара иазкны
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы рҵара иацырҵарц Шьамтәылатәи ареспублика аҟынтә иааит ачерқьез диаспора иахаҭарнаку 9-ҩык астудентцәа. Ишԥаҟалеи урҭ рааԥхьара, иарбан лшарақәоу ирзаԥҵахо, насгьы Аԥсны аԥсҭазаара разааигәатәра шымҩаԥысло, изаҭаху ачерқьез диаспореи ҳареи ҳаимадарақәа рырӷәӷәара, абарҭқәа дрылацәажәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба.Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиа, Адыгатәыла иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара "Адыга-Хасе" рыбзоурала инагӡахеит ас еиԥш иҟоу аус, жәҩык аҿар ачеркьез диаспора еиуоу Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааит аҵарахьы. Убасгьы даҽа хҩык аԥсуа жәлақәа змоу аҿарацәа Катарнтәи иаараны иҟоуп, иҳәеит Агрба.Аԥсны аҵара зҵо адиаспора ахаҭарнакцәа актәи ашықәс азы абызшәазы акурсқәа ирхысуеит, анаҩс аԥышәарақәа аҭаны ауниверситет иҭалоит. Аҿарацәа есымза 10-10 нызқь мааҭ рзыршәоит. Аҵара бзианы изҵо алшара рымоуп Омар Бигәаа ихьӡ зху астипендиа аиура, уи хәнызқь мааҭ артәоит.Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.Заг. Агрба Шьамтәылантәи ачерқьез диаспора Аԥсны рҵара иазкныПлашка. Агрба ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны рҵараҵара иазкныобв. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы рҵара иацырҵарц Шьамтәылантәи ачерқьес диаспора ахаҭарнакцәа 9-ҩык астудентцәа ааит. Урҭ рааԥхьара шыҟалаз, лшарақәас ирзаԥҵахо, Аԥсны аԥсҭазаара ралашьццылара шымҩаԥысо уҳәа дрылацәажәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба.Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0a/17/1052642516_338:0:3067:2047_1920x0_80_0_0_6394acefc6938f8062a839f618a74eec.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы рҵара иацырҵарц Шьамтәылатәи ареспублика аҟынтә иааит ачерқьез диаспора иахаҭарнаку 9-ҩык астудентцәа. Ишԥаҟалеи урҭ рааԥхьара, иарбан лшарақәоу ирзаԥҵахо, насгьы Аԥсны аԥсҭазаара разааигәатәра шымҩаԥысло, изаҭаху ачерқьез диаспореи ҳареи ҳаимадарақәа рырӷәӷәара, абарҭқәа дрылацәажәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиа, Адыгатәыла иҟоу ауаажәларратә еиҿкаара "Адыга-Хасе" рыбзоурала инагӡахеит ас еиԥш иҟоу аус, жәҩык аҿар ачеркьез диаспора еиуоу Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааит аҵарахьы. Убасгьы даҽа хҩык аԥсуа жәлақәа змоу аҿарацәа Катарнтәи иаараны иҟоуп, иҳәеит Агрба.
Аԥсны аҵара зҵо адиаспора ахаҭарнакцәа актәи ашықәс азы абызшәазы акурсқәа ирхысуеит, анаҩс аԥышәарақәа аҭаны ауниверситет иҭалоит. Аҿарацәа есымза 10-10 нызқь мааҭ рзыршәоит. Аҵара бзианы изҵо алшара рымоуп Омар Бигәаа ихьӡ зху астипендиа аиура, уи хәнызқь мааҭ артәоит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Заг. Агрба Шьамтәылантәи ачерқьез диаспора Аԥсны рҵара иазкны
Плашка. Агрба ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Аԥсны рҵараҵара иазкны
обв. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы рҵара иацырҵарц Шьамтәылантәи ачерқьес диаспора ахаҭарнакцәа 9-ҩык астудентцәа ааит. Урҭ рааԥхьара шыҟалаз, лшарақәас ирзаԥҵахо, Аԥсны аԥсҭазаара ралашьццылара шымҩаԥысо уҳәа дрылацәажәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Басҭаҟәа Агрба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.