Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Анык илхылҵызшәа еиқәаҵәоуп, аха рыхш асеиԥш ишлоуп": акамбашьқәа ирыхҳәаау згәаҭарақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукБуйвол
Буйвол - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.11.2024
Анапаҵаҩра
Ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу ахши ахарҵәи ҳазҭо акамбашьқәа ирызкны аматериал ҳзеидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Анхаҩы инапахьы иааигаз арахә рахьтә акәацазгьы иманшәалоуп, ахьаразгьы имаџьанам акамбашь. Акамбашьқәа рызынтәык ԥшшәыла еиқәаҵәоуп, рыԥштәы уахлафааны иуҳәар алшоит: "Анык илхылҵызшәа еиқәаҵәоуп, аха ирымҵуа ахш асеиԥш ишлоуп".
Ажәкамбашь иамҵуа ахш ауаҩы игәабзиара арӷәӷәоит, уи урҵәыр, ижәпаҳаҳараӡа, ипашәӡа, амҳаҵә аламло аҟынӡа ишәыгәу харҵәхоит. Акамбашьхарҵәы ахәша иаадҩылоит, убри аҟнытә зегьы рыца ианаалом. Иалоу ахәша дырԥсыҽырц ажәхши акамбашьхши еилаҭәаны изырҵәуа рацәаҩуп.
Ҳәарада, ажәкамбашь ахш-харҵәы заманоуп, амала ахьара мариоуп узҳәом. Акыкмацәқәа мчуп, умахәҿа ӷәӷәазароуп. Иара убасгьы, абат ԥшқа хазы иҭаумкыр, ицқьаны иныҟәумгар, афҩы ҷыда анахнакаа нахыс аҟазшьа еиҭашәоит. Аԥа амԥан инанамышьҭуа, ахш анамырцәо иалагоит.
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2024
Аԥсны
"Аџьма зцәыӡыз амшгьы ицәыӡит": аџьмақәа ирыхҳәаау еиуеиԥшым азгәаҭарақәа

Ажәаԥҟақәа

Акамбашь ахааназ џьаргьы иццакуам, ашьаҿақәа ырсса-рссо ауп ишныҟәо. Амала акы иаршәар (иарырҳар) цәгьа ашьамхы ҵархоит, уи ашәара ахала иахыԥсаанӡа аӡәгьы аанкылашьа изаҭом. Убри аҭагылазаашьа иахыхәмарны аԥсуаа ирҳәауеит: "Сара саҟара иҩуа дыҟам, аха адгьыл сыҵабгар ҳәа сшәоит" - аҳәоит ҳәа акамбашь.
Зыхьӡ ҳамоу аԥстәы иахҳәааны абри аҩыза ажәаԥҟақәа уԥылоит: "Акамбашь ацәа жәпоуп, аха ахьҭа азычҳауам", "Акамбашь адгьыл ататара иацәшәоит", "Акамбашь нади алаба ачҳауеит", "Акамбашь дууп, аха афырмахьҵә иацәшәоит" уҳәа.
Акамбашь иахҳәаау ажәаԥҟақәа рахьтә ажәлар рҿы аларҵәареи ахархәареи бзиа рымоуп уҳәар алшоит:
Акамбашь ахәыл абон, аанда абомызт - ауаҩы ԥсыцәгьа игәы иҭеикыз ҟаиҵарц, дзышьҭоу иԥшаарц данаҿу, иԥынгылақәа дызрызхәыцӡом, изгәаҭаӡом.
Акамбашь иагьацәаӷәон, иагьакәаҳауан - абзиара уны ацәгьа ашьҭазҵо, зыцәгьеи зыбзиеи еиҟароу ауаҩы изы ирҳәоит.
Акамбашь еисыз (иацлабыз) ацә атәыҩа хжәеит – уззымиааиуа аҭыӡшәа илухыр, уеисыр уаҵахоит, уимоу ахьымӡӷгьы уиргоит.
Акамбашь зӡазгьы, агәыр зӡазгьы - ӷьычцәоуп - ихәыҷы иду, изакәызаалак иутәым агара уанашьцылалак аӷьыч ухьӡхалоит.
Акамбашь аашьазы аӡмахгьы ӡыхьуп - зегьы ззеиԥшу, акгьы аҟаҵара зҭахым ауаҩы аашьа ихҳәааны ирҳәо ажәаԥҟоуп.
Домашний скот - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2024
Аԥсны
Арахәааӡара иадҳәалоу аритуал-магиатә қьабзқәа

Аиҿырԥшрақәа

Акалам зырҵысуа алитература азҟазацәа рҩымҭақәа иудырбоит акамбашьи ауаҩи реиҿырԥшрақәа жәпакы:
Амҵ зыцҳаз акамбашь еиԥш, адгьыл рҵысуа ицеит афашистцәа рҭыҩрахь. (Џьума Аҳәба)
Аҭак ҳәа уаҳа акгьы лымҭаӡакәа, акамбашь мхҭала еиԥш ихы раҳаны дындәылҵит. (Гьаргь Гублиа)
Закәызеи акамбашь аашьа еиԥш, шәныҟәашьа шыҟоу! (Анатоли Кәыҵниа)
Нас акамбашь еиԥш илақәа ҭызза иааҟаиҵан, умҟаҟаӡакәа ауп ушылбааздо ҳәа аанарго. (Шьалодиа Аџьынџьал)
Убри аамҭаз акамбашь рҳа аиԥш ихы шьҭыхны, ахәы дыхҟьаны иҿааихеит. (Борис Ҭыжәба)

Ажәлар разгәаҭарақәа

Ажәлар разгәаҭарақәа ҳарзааҭгылозар:
Акамбашьқәа аҳәра иаҟәыҵны шьыбжьон итәазар, амш цәгьахоит.
Аӡын акамбашь зқәыршәшәозар, асы ауеит "асы абоит" рҳәоит.
Акамбашь имхьац ахәда аҟыԥсцәа гьало иҟалар, хьарала ибзиахоит.
Аӡын акамбашь аӡмах ианҭала – амшцәгьа иазҳәоуп.
Вспашка земли плугом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2024
Аԥсны
"Ацә ауӷә ӷас ишьҭнахуан, ауардын – уасы": аҩнытә ԥстәқәа ирыхҳәаау ажәаԥҟақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0