Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арахәааӡара иадҳәалоу аритуал-магиатә қьабзқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукДомашний скот
Домашний скот - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.11.2024
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар арахә ааӡараҟны изықәныҟәоз аритуал-магиатә қьабзқәа дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иахьатәи ланҵамҭаҿы.
Жәытәнатә аахыс аԥсуаа хныҟәгагас ирымаз иреиуоуп арахәааӡара: аԥсаса, ашьамаҟа меигӡарахда ирзанын. Жәлар ртрадициаҟны арахә аҿиара, аизҳара амазарц азы изықәныҟәоз аритуал-магиатә қьабзқәа маҷымкәа иҟан. Урҭ аритуалқәа зызкыз арахә ачымазара иамгарц, абна аҟынтәи ԥхасҭак рмоурц, ма ицқьам лаԥшы цәгьак аҟынтәи рыхьчара уҳәа иреиуан. Аиҳарак дара арҭ арахә рыхьчаратә қьабзқәа амзартә ныҳәақәа ирыдҳәаланы акәын ишымҩаԥыргоз. Еиҳарак иалкаау аҭыԥ ааннакылоит шьхацан иадҳәалоу акомплекстә ритуалтә қьабзқәа.
Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2019
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара
Шьхацан иазкны имҩаԥыргоз аныҳәара анаҩсгьы, ахархәара рыман арахә рыхьчаратә магиатә елементқәа. Иаҳҳәап: ажәбоурақәа рышәхымсқәа рҟны еиуеиԥшым амаҭәарқәа ыҵарҵон (арахә ашьха ианцо уа акы аԥхасҭа рынамҭарц азы) – ашәшь (ашәч) амахә, мамзаргьы ашаха, ацәа, амыркатыл уҳәа иреиуоу амаҭәарқәа). Дара арахә рхаҭақәа ракәзар, ртәыҩақәа рҟны цаха ҟаԥшьык акәыршаны иҟарҵон, ма рҵыхәақәа ирыладырԥон, ацәа аддырҷаблон. Жәлар рҳәамҭақәак ишаҳдырбо ала, иара убас ари аамҭазы арахә амаҭ рмыцҳарц азыҳәан ахәшҭаараҿы ихшьыз архнышьна еидҿарҳәалон, иуҳәозар, арахә абга иамфарц азы амаркатыл шҿарҳәоз еиԥш. Арахә амшә иамфаразы убасҵәҟьа еихаҿарҳәон излахахоз адырди адырдхеи. Арҭ абзазаратә магиақәа зегьы арахә ашьха иахьынӡаҟоу рыхьчаразы ирзынархан.
Арахә аҭиира-аахәара ртәы ҳҳәозар, араҟагьы иааԥшуеит ахьчаратә магиатә елементқәа. Иаҳҳәап, арахә анырҭиуаз (шьамаҟоума, ԥсасоума, уахьадума), иара злааргаз ахәда иахаз ашаха шамаз ишырымҭиуаз, уи ашаха ахыхны изтәу аԥшәма иаанижьуан ирахә рыбарақьаҭра иаазхәо иахь имцарц азы. Уи атәы ҳбоит аԥсуа лакәқәа рҟынгьы – аԥшәма инашанатә мчы ицәымцаразы иҽы аниҭиуа аӷәра иара иҿы иаанижьуеит, ԥыҭрак ашьҭахь аҽы уаанӡа изтәыз аԥшәма иахь ихынҳәуеит. Аахәаҩ арахә зҭиуа диҳәоит уи ашахагьы (ма аӷәрагьы) ациҭиирц, мамзар уаанӡа изтәыз аԥшәма дыгәхьаанагалоит ҳәа азгәаҭаны ирымоуп. Иара убасгьы уи ииҭиуа арахә дазыразны, дақәымгәамҵкәа ииҭарац, иаазхәо иҟны ианнеилак иҩнаҭаҿы иҿиарц, ачымазара иамгарц азы. Рҩыџьагьы аҭииҩи ахәаахәҭҩи рырахә ирыгымхаразы (изҭииуа ибарақьаҭра мцарц, иаазхәо иахьнеиго аҿиара аиоурц азы) уи ашаха (аӷәра) анеимырдо напы ҭацәыла еимырдом, иаазхәо аҭииҩы инапгьы аԥара анеҩсангьы акы наиркуеит, уи шамахамзар чаӷьак ауп. Иара убас, арахә анырҭииуа алымҳа рыҵкәоит, ма хәыцк алырхуеит.
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.10.2018
"Шьхацани шьхалбаани" – арахәааӡареи уи Анцәахәқәеи
Иалкаау аҭыԥ ааннакылоит арахә алаԥш цәгьа аҟынтәи ахьчара. Уи азы арахә рзынгьы еиуеиԥшым "ашәҟәқәа" ҟаҵаны, иаҭәҳәаны ахәда иахарҵон. Абоурақәа рҟны аихалыхқәа хыршьуеит. Арахә абна илахар, уи ахьчара иазкны иҟарҵоз аҭәҳәақәа анҵаны иҟоуп афольклортә материалқәа рҟны. Иааҳгап реиҳа лассы-ласс иуԥыло урҭ руак:
"Чффу, чффу, чффу!
Быжьџьара ҳанхоит,
Кәымаӷыла ҳаикәыршоуп,
Ҽырԥсала ҳаибыҭоуп.
Аҭыр џьгәыгәым амҩа данылар,
Уибар – уикуеит,
Уикыр – уифоит,
Ухы лахәырҭагас иҟаиҵоит.
Быжь-шьхакы урхыԥеит,
Быжь-бахәык урыбжьыԥеит,
Амшын еиқәа ухысыҭәҳәалт,
Рааигәа уааиуазар –
Абри амыркатыл еиԥш,
Уцхахә еихашәааит!"
Ари аҭәҳәа анырҳәо цахала амыркатыл аҿы ҿаҳәаны, аҩны ашәхымс илагыланы, рызшьапык иқәгыланы акәын ишырҳәоз.
Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2019
"Асар рымҩашәа шәыҿиааит": Џьабран – аԥсаса рныҳәара
Зегьы ирдыруеит, иахьагьы уи ақьабз азгәарҭоит: ахшхарҵәы, ма ахааҵа аӡәы даҳәозар, иара амԥсахразы аџьыкхыш иман дааиуеит ("џьыкала иааихәаз" иаҩызахоит). Ари анҵамҭа ансырхиоз иџьоушьаша қьабзк аӡбахәгьы сԥылеит. Аԥсуаа ҳҟынгьы ааигәанӡагьы ус еиԥш ҟарҵалон: аҵәца кны ианныҳәалак ашьҭахь аҵәцаҿы ҩума, уаткоума маҷк аанрыжьуан, уи гәырӷьарак иатәны аҩны аҭуан икыдырҭәало. Ари аҩыза ақьабз аӡбахә ҳәоуп аславиантә мифологиаҿы арахәааӡара иазкны. Ас еиԥш ҟарҵон аславианцәеи абелорусцәеи аҽы анаархәалак, еснагь агәы бзиа, ахы бзиа, иахьнанагаз еигәырӷьо, ишьҭыԥа-шьҭыԥо иҟазарц, аҿиара аиурц азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0