https://sputnik-abkhazia.info/20241124/ibziany-iania---aynra-kharrakhoit-akalam-iazku-adyrraa-1052956279.html
"Ибзианы ианҿиа - аӡынра ԥхаррахоит": акалам иазку адыррақәа
"Ибзианы ианҿиа - аӡынра ԥхаррахоит": акалам иазку адыррақәа
Sputnik Аҧсны
Акалам иазку адыррақәеи ахархәашьеи ртәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа. 24.11.2024, Sputnik Аҧсны
2024-11-24T16:10+0300
2024-11-24T16:10+0300
2024-11-24T17:32+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102551/74/1025517493_0:52:1001:615_1920x0_80_0_0_8fd00b746b01bd0fca7dbdd8f6fd3892.jpg
Акалам (урыс бызшәала "бамбук"). Ирласны изызҳауа аҵиаақәа иреиуоуп, уи уахыки-ҽнаки рыла ԥшьынҩажәижәаба сантиметра иазҳауеит. Иапониа акалам дуқәа анажәлак, рҟәартәрақәа анбаалак, аӡымҩангаразы хархәара азыруеит. Акалам иалхны иҟарҵо анышьқәа аӡы иахьху ҩныс ирымоуп Банкокаа аӡәырҩы.Акалам Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны акырџьара иуԥылоит, иҿиоит адацшьаҭала. "Акалам бзианы ианҿиа ашықәсан – аӡынра ԥхаррахоит" - рҳәоит аԥсуаа.Знык акалам ахьгылаз аҭыԥ аҿы даҽа ҵиаак зыҿиашәам, амҽхакыра есышықәса иарҭбаауеит. Акалам агәыцә мҿуп, аха иласуп. Аҟәартәрақәа рҟны ада егьирахь аҩнуҵҟа ҭацәуп. Иалухлакгьы ауеит, имаҭәахә бзиоуп. Акалам иалырхуа амаҭәарқәа иреиуоуп: акьыба, аҷҟарапат, аҵәгәыр, акалам (агара амаҭәахәқәа ируаку) уҳәа.Акалам џьамИахьа ҳзышьцылахьоу азауад иҭнажьуа асаанқәа аныҟамыз, иаҳхысыз аамҭақәа рзы акалам иалхны ачанахқәа, асаан гәаҩақәа ҟарҵон, урҭ акалам џьамқәа ҳәа ирышьҭан. Акалам џьамқәа рыӡбахә уԥылоит ашәҟәыҩҩцәа иаԥырҵо асахьаркыратә ҩымҭақәа аԥсуа иԥсҭазаареи инхареи ахьаадырԥшуа аҭыԥқәа рҿы. Иаагозар:АиҿырԥшрақәаАкалам бӷьыла иҭалаҳан, икахәхәа иахьазҳауа аҟнытә қәнагала иԥшӡоу ҵиаауп азуҳәар алшоит. Икахәхәа, ҵәҩанҵәыҟа ихало акалам ауаҩы ианидыркыло аҿырԥштәқәа уԥылоит, иаҳҳәозар: "Акалам еиԥш диашыхәҵәаӡа дыҟоуп, "Акалам еиԥш дкахәхәа изҳаит", "Акалам аӡареиԥш лӡара поуп" уҳәа. Иаагоу аҿырԥштәқәа шьақәырӷәӷәоуп алитератураҿгьы:АҵыхәтәажәаАкалам ахьазҳауа абаҳча омашәа аҳауа цқьоуп. Уи атәы схазы лкаас иҟасҵахьеит Аботаникатә баҳча аҩнуҵҟа изызҳауа акаламқәа рымҵан санынеи-ааиуаз. Акалам ҟата (даҽакала иуҳәозар "ҿыц аизҳара иаҿу") ирҵәны фатәыс рхы иадырхәоит Китаи, Виетнам реиԥш иҟоу атәылақәа. Акалам рҵәны изакәу бзианы ирдыруеит ҳтәылауаагьы, адәқьанқәа ирҭииуа атауарқәа ирхыԥхьаӡалоуп.Иазгәаҭатәуп, уажәы ачара ахьымҩаԥысуа ашьаԥа арԥшӡара рнапы ишану адизаинерцәа. Зынасыԥ еилазҵарц зҭаху ргьама инақәыршәаны ашьаԥа дырхиоит, ақыҭа ма ақалақь ҳәа неилых ҟамҵакәа.Аха уаанӡа, жәабаҟа-жәохәҟа шықәса шьҭахьҟа ухьаԥшуазар, ақыҭаҿы ашьаԥа андыргылалак ашьҭахь адизаинертә знеишьақәа раасҭа ибзианы ирдыруаз аҵиаа акалам амахәқәа аакаҿаны, ашьаԥа аладырхион. Ашьаԥа иаҵагылаз ашьаҟақәа акалам амахә иаҵәақәа адҵаны, ирԥшӡаны иҟарҵон.Ачара зуаз ргәылацәеи рыуацәеи зегьы еицхырааны, акалам махәқәа рхы иархәаны, ашьаԥа дырлашон, аҭеиҭыԥш дырԥшӡон. Хаҭала сара ас еиԥш ирхиаз ашьаԥақәа акыр збахьан, ибзиангьы сгәалашәараҿы иаанхеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20230701/yngy-khyngy-zyby-kamso-ashyts-lei-ui-asimvolt-aki-1046595385.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190331/Acla-tskia-hua-izyshtou-akhiatsa-1026989022.html
https://sputnik-abkhazia.info/20190407/Akurancyra-asimvol-mamzargi-adjclazy-guaanagarakuak-1027033387.html
https://sputnik-abkhazia.info/20180916/acla-myshta-bziakuei-amashyr-zku-aclakuei-urt-rynchahukuey-1024960450.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102551/74/1025517493_55:0:944:667_1920x0_80_0_0_dfd4388c4e5fd374d25666b836580e6d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Ибзианы ианҿиа - аӡынра ԥхаррахоит": акалам иазку адыррақәа
16:10 24.11.2024 (ирҿыцуп: 17:32 24.11.2024) Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Акалам иазку адыррақәеи ахархәашьеи ртәы дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Акалам (урыс бызшәала "бамбук"). Ирласны изызҳауа аҵиаақәа иреиуоуп, уи уахыки-ҽнаки рыла ԥшьынҩажәижәаба сантиметра иазҳауеит. Иапониа акалам дуқәа анажәлак, рҟәартәрақәа анбаалак, аӡымҩангаразы хархәара азыруеит. Акалам иалхны иҟарҵо анышьқәа аӡы иахьху ҩныс ирымоуп Банкокаа аӡәырҩы.
Акалам Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны акырџьара иуԥылоит, иҿиоит адацшьаҭала. "Акалам бзианы ианҿиа ашықәсан – аӡынра ԥхаррахоит" - рҳәоит аԥсуаа.
Знык акалам ахьгылаз аҭыԥ аҿы даҽа ҵиаак зыҿиашәам, амҽхакыра есышықәса иарҭбаауеит. Акалам агәыцә мҿуп, аха иласуп. Аҟәартәрақәа рҟны ада егьирахь аҩнуҵҟа ҭацәуп. Иалухлакгьы ауеит, имаҭәахә бзиоуп. Акалам иалырхуа амаҭәарқәа иреиуоуп: акьыба, аҷҟарапат, аҵәгәыр, акалам (агара амаҭәахәқәа ируаку) уҳәа.
Иахьа ҳзышьцылахьоу азауад иҭнажьуа асаанқәа аныҟамыз, иаҳхысыз аамҭақәа рзы акалам иалхны ачанахқәа, асаан гәаҩақәа ҟарҵон, урҭ акалам џьамқәа ҳәа ирышьҭан. Акалам џьамқәа рыӡбахә уԥылоит ашәҟәыҩҩцәа иаԥырҵо асахьаркыратә ҩымҭақәа аԥсуа иԥсҭазаареи инхареи ахьаадырԥшуа аҭыԥқәа рҿы. Иаагозар:
Акалам џьам ала иаалгаз ахарҵәы пашәӡа амҳаҵә ныхлыршәлеит. (Мушьни Миқаиа)
Акалам џьам дуқәа рыла ахырҵәқәа нарымҵадыргылеит. (Заур Быҭәба)
Сеидыҟ, абӷьааҳәа даақәгьежьын, акалам џьам ианыԥсалаз аҵәынҵәлаӷьқәа аанихит. (Мушьни Миқаиа)
Акалам бӷьыла иҭалаҳан, икахәхәа иахьазҳауа аҟнытә қәнагала иԥшӡоу ҵиаауп азуҳәар алшоит. Икахәхәа, ҵәҩанҵәыҟа ихало акалам ауаҩы ианидыркыло аҿырԥштәқәа уԥылоит, иаҳҳәозар: "Акалам еиԥш диашыхәҵәаӡа дыҟоуп, "Акалам еиԥш дкахәхәа изҳаит", "Акалам аӡареиԥш лӡара поуп" уҳәа. Иаагоу аҿырԥштәқәа шьақәырӷәӷәоуп алитератураҿгьы:
Марица хәыҷы мшызҳа илызҳауан деихышәашәо, дҟат-ҟато дҩеиуан акалам еиԥш. (Анатоли Возба)
Лыхцәы дашьаҳауа, ҩбаны иԥаны, акалам аӡареиԥш лӡара паны. (Кәымф Ломиа)
Убас еиԥш ныҟәашәак лыман, илакьы-лакьуа аӡыжь иагәылҵәраауа аԥсыӡ даҩызан. Лшьапқәа акалам еиԥш ииашан. (Рушьни Џьапуа)
Акалам еиԥш ииашахәҵәаӡа иҟаз ибӷа хәахьан. (Шьалодиа Аџьынџьал)
Ҽыхәак, ахәда ҭҳәа, аӡара ҭӷәыцәаа, аҵыхәа шьқьыруа, акалам еиԥш ашьапқәа кахәхәа, џьарак аҽазеиқәкуамызт. (Валери Касланӡиа)
Акалам ахьазҳауа абаҳча омашәа аҳауа цқьоуп. Уи атәы схазы лкаас иҟасҵахьеит Аботаникатә баҳча аҩнуҵҟа изызҳауа акаламқәа рымҵан санынеи-ааиуаз. Акалам ҟата (даҽакала иуҳәозар "ҿыц аизҳара иаҿу") ирҵәны фатәыс рхы иадырхәоит Китаи, Виетнам реиԥш иҟоу атәылақәа. Акалам рҵәны изакәу бзианы ирдыруеит ҳтәылауаагьы, адәқьанқәа ирҭииуа атауарқәа ирхыԥхьаӡалоуп.
Иазгәаҭатәуп, уажәы ачара ахьымҩаԥысуа ашьаԥа арԥшӡара рнапы ишану адизаинерцәа. Зынасыԥ еилазҵарц зҭаху ргьама инақәыршәаны ашьаԥа дырхиоит, ақыҭа ма ақалақь ҳәа неилых ҟамҵакәа.
Аха уаанӡа, жәабаҟа-жәохәҟа шықәса шьҭахьҟа ухьаԥшуазар, ақыҭаҿы ашьаԥа андыргылалак ашьҭахь адизаинертә знеишьақәа раасҭа ибзианы ирдыруаз аҵиаа акалам амахәқәа аакаҿаны, ашьаԥа аладырхион. Ашьаԥа иаҵагылаз ашьаҟақәа акалам амахә иаҵәақәа адҵаны, ирԥшӡаны иҟарҵон.
Ачара зуаз ргәылацәеи рыуацәеи зегьы еицхырааны, акалам махәқәа рхы иархәаны, ашьаԥа дырлашон, аҭеиҭыԥш дырԥшӡон. Хаҭала сара ас еиԥш ирхиаз ашьаԥақәа акыр збахьан, ибзиангьы сгәалашәараҿы иаанхеит.