Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Жәашықәса - иагьмаҷым, иагьырацәам": Sputnik Аԥсны ажурналист илнаҭаз алшарақәа ирызкны

© Sputnik / Леон Адлейба Саида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2024
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны жәашықәса ахыҵит. Ари амаҵзураҟны жәашықәса колумнистс аус зуа ажурналист Саида Жьиԥҳа еиҭалҳәоит уи лырҿиара аизырҳараҟны илнаҭаз алшарақәа ртәы.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Жәашықәса раахыс ҳтәылеи аҳәаанырцәи имҩаԥысуа ахҭысқәа, амацәыс еиԥш иццакны ажәлар ирызназго информациатә маҵзуроуп Sputnik Аԥсны. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аколлектив аамҭа-аамҭала аҽаԥсахуан. Иҟоуп жәашықәса раахыс еиԥмырҟьаӡакәа аус зуагьы.
2014 шықәса цәыббрамзазы Sputnik Apsny аколлектив аидкылара ианалагоз исарҳәар, ихасымҵар ҟаларын, жәашықәсатәи аиубилеи азгәаҭараан сгәалашәарақәа сырзааҭгылоит ҳәа. Ари арыцхә иагьмаҷым, иагьырацәам.
Жьиԥҳа аицлабра Взгляд 2022 аҿы аиааиразы: ахәыҷқәа реиԥш сгәырӷьеит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.10.2022
Арадио
Жьиԥҳа аицлабра "Взгляд 2022" аҿы аиааиразы: ахәыҷқәа реиԥш сгәырӷьеит
Жәашықәса рыҩнуҵҟа Sputnik Аԥсны асаит азы иазсырхиаз аматериалқәа зқьы рҟынӡа инаӡоит. Урҭ тематикала еиуеиԥшым. Ажәабжьқәа рнаҩс иҟоуп амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз, иахьа атәым дгьыл аҿы инхо дара рхылҵшьҭрақәа ирызкуи, 37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны ирӡызи, аҭакра зыхганы ихынҳәыз ҳауаажәлар рхаҭарнакцәеи, 1941-1945-тәи ашықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахази, зыԥсы ҭаны иаази, 1992-1993 шықәсқәа рызтәи ҳара ҳџьынџьтәылатәи аибашьраан Аиааира ҳзаазгази ирызку анҵамҭақәеи аҭоурыхқәеи. Урҭ рахьтә иҟоуп Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла есышықәса имҩаԥнаго арҿиаратә аконкурс аҟны аԥхьахәтә ҭыԥқәа ирыԥсахахьоу.
Шагу Возба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2024
Аԥсны
"Илахьынҵа цәгьахеит": аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз Шәагә Возба изкны
Иазгәасҭарц сҭахуп, Sputnik Аԥсны иснаҭаз аԥышәа ишалҵшәахаз аԥсҭазаара збаз, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыӡбахә зҳәо "Амра ашәахәақәа", ажәытә аԥсуа кәасқьақәа ирызку "Ицәажәо аҭыӡқәа", Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ахәыҷқәа ргәалашәараҿы ишынхаз атәы еиҭазҳәо "Ихәыз ахәыҷра" захьӡу сышәҟәқәа. Иахьазы аус адулара саҿуп Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо, иара убас Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа ахьынхо ақалақьқәеи ақыҭақәеи акырџьара имҩаԥызгаз аекспедициаан зфотосахьақәа ҭысхызи иаазыркьаҿу знысымҩақәа ҭысҵаази аԥсуа быргцәа ирызку альбом. Уи ҳазҭало ашықәс азы акьыԥхь абоит ҳәа агәыӷра сымоуп.
Жьиԥҳа аԥсуа быргцәа ирызку лусумҭазы: сгәы иахәаны сызҿу проектуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2024
Арадио
Жьиԥҳа аԥсуа быргцәа ирызку лусумҭазы: сгәы иахәаны сызҿу проектуп
Sputnik Аԥсны сырҿиара аӡыргарагьы акырӡа иацхрааит. Иахьа Аԥсны авторк иаҳасабала сыхьӡ рдыруазар, Sputnik ауп изыбзоуроу. Хыхь еиқәысыԥхьаӡаз ашәҟәқәа ажәлар рыҩнуҵҟа алаҵәара роузар, уигьы асаит иҟанаҵаз аӡыргара иалҵшәоуп.
Чкукура Орчукба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2024
"Ҩыџьа аишьцәа ирхылҵыз": аибашьра Ду иалаӡыз Орчыҟәаа ирызкны
Sputnik иуҩлак аматериалқәа зегь аднакылом. Иара ахатә нормақәа амоуп. Аредакциаҿы астатиа азнагашьеи аиҿартәышьеи иацклаԥшуеит. Жәашықәса рыла зегь сҵеит сҳәар ииашахом. Sputnik – ари есышықәса ажурналистикаҟны арҿыцрақәа алазарҵәо маҵзуроуп. Уи иабзоураны ҳара иҳамоуп алшара акьыԥхь аҟны иахьатәи ҳаамҭа аҽақәышәара.
Sputnik Аԥсны ауаажәлар ажәабжьқәа рыднагалоит ахатә официалтә саит аҟны адагьы, сааҭцыԥхьаӡа ажәабжь ҿыцқәа Telegram-канал аҿы ицәырҵуеит. Аус ауеит арадиогьы. Америкеи Европеи Урыстәыла аганахь иаларгалаз аԥкрақәа ирхырҟьаны, аамҭала Facebook*, Instagram* адаҟьақәа Sputnik Аԥсны азы иаркуп, аха ари ауадаҩрагьы ишаиааиуа агәра згоит.
Sputnik иснарҵеит аматериалқәа иаразнак акьыԥхь ахь рыиагара. Напылаҩыра саҟәыҵижьҭеи жәашықәсоуп уажәшьҭа. Насгьы асаит ахь исшьҭраны иҟоу "иахьа-уаҵәы" ҳәа исзеиқәҵаӡом, ажәабжьқәа ракәзар, сааҭк аҩнуҵҟала аус адуланы ишьҭтәуп.
Владимир Мықәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2024
Аԥсны
Аветеран Владимир Мықәба: "Марттәи ажәылара ҳацәынхар, сыҽӡаасхуеит ҳәа анцәа ажәа исҭеит"
Ажәакала, иццакны ахәыцрақәа реидкылареи иццакны аусуреи снарҵеит Sputnik Аԥсны.
Есыҽны еилашуа аусура жәашықәса нҭыкәкәа иахьцаз снамырбеит. Аиашазы, сгәы нҭыԥсааит. "Жәашықәса ҽнак еиԥш" - абас ҳаԥсҭазаарагьы мцашеи... Акызаҵәык, сгәы зырҭынчуа – ҳашьҭахьҟа инҳажьуеит еиҵагыло абиԥара рзы аҭоурых.
Ари аиубилеитә рыцхә Sputnik Аԥсны аколлектив ирыдныҳәало, ирзеиӷьасшьар сҭахуп рырҿиара ҳаҭыр ақәызҵо аԥхьаҩцәа рыгымхарц. Ркьыԥхьымҭақәа - ажәлар ргәы шьҭызхуа, аԥсҭазаара ргәазырԥхо ацәаҳәақәа рыла еибаркызарц.
Ҽаанбзиала Sputnik Аԥсны! Мҩамш – еиҳау аихьӡарақәа рахь!
Саида Жьиԥҳа лусумҭақәа рӷьырак шәрыԥхьар шәылшоит абра.
*Урыстәыла ззин ыҟам ахархәагақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0