Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Агәыӷра ҳаман": аибашьра аинвалид Лиана Бганԥҳа илызкны

© Foto / Саида ЖибаЛиана Бганԥҳа
Лиана Бганԥҳа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.12.2024
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 3 ахымхәацәа жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит. Ари арыцхә инамаданы лыӡбахә шәзеиҭасҳәар сҭаххеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аветеран, аҩбатәи агәыԥ аинвалид, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Лиана Лаврент-иԥҳа Бганԥҳа.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Ахымхәацәа зегь еиԥшым. Џьоукы аинвалидра рыманы ииуеит, егьырҭ чымазарала, мамзар машәырла уи аҭагылазаашьаҿы инеиуеит. Ахымхәацәа жәларбжьаратәи рымш аҽны иҟалон еиҳа згәабзиара уашәшәыроу аӡәы изкны изҩырц, аха иахьа зыӡбахә шәзеиҭасҳәо афырԥҳәыс, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа дшалагылазгьы, иахьа уажәраанӡа хаҭала лыӡбахә кьыԥхьк аҟны ицәырымҵӡацт. Аиҳарак убри схьанарԥшит лара лахь.
Лиана Бганԥҳа 18 шықәса ракәын илхыҵуаз аибашьра ианалагоз. Лара уи аамҭазы амедицинатә ҵараиурҭа аҭалара лҽазыҟалҵон. Аха аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, аԥышәа шлымамызгьы лҩызцәа ахьцоз дцеит, аибашьцәа ҵәыцак аӡы рызназгаргьы акыр иаԥсоуп ҳәа иԥхьаӡаны.
"Сара с-Ҟәланырхәатәуп. Аҭаацәараҟны ахшара иреиҳабыз сакәын. Сани саби сыгәҭакы анеилыркаа азнаказы ишәеит, аха сҩызцәа ахьцо сымцар ҟалом, даргьы рҭаацәа ирҭахуп шәара сзышәҭаху еиԥш сҳәан, уаҳа аҿагылара сырымҭеит. Уи ашықәсан Гагра амедицинатә абжьаратә ҵараиурҭа сҭаларц акәын, аха "аҵара сҵеит" аибашьра адәаҟны", - лҳәоит лара.
Лиана лҩызцәеи лареи, аԥхьанатә Гәдоуҭа арратә комиссариат аҟны автомат аимыхшьеи аибыҭашьеи ддырҵеит, анаҩс ауп амедицина иадҳәалаз акәамаҵамақәа аныддырба. Устәи дара Афон ҿыцтәи агоспиталь ахь иршьҭит.
"Афон аӡӷабцәа рацәаҩны иҟан. Убраҟа ҳаибадырит аибашьра еилгаанӡа исыцыз, сара саасҭа шықәсык еиҵбыз Лиака Џьынџьалԥҳаи сареи. Аиаша шәасҳәап убри аԥҳәызба убриаҟара агәаӷь лызҭан, хаҵа ӷьеҩк днаиваҟәыло. Дҳацын Рита Тәанԥҳагьы. Лара лашьа аибашьраҟны дҭахан, дырҽеины анышә дамарда иаразнак ҳара ҳахь дааит. Иҟалон лҭаацәа рҿы дынхаргьы ирхыргаз арыцҳара аамышьҭахь, аха ашьоура даргәаҟуан, лгәы дартәозма", - илгәалашәоит Лиана.
Ирма Сичинава - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2024
Аԥсны
"Ахлымӡаах ала иҭаԥшыз": Ирма Сыҷынааԥҳа лгәалашәарақәа
Афонынтәи аҭыԥҳацәа Алада Ешыраҟа иргеит. Дара еихшаны жәылара ицоз аҷкәынцәа ирыцырҵон. Ус Аҟәа аҭарцәраан Ачадара ианалалоз, Лиана ахыԥҽыха лшьапы иақәшәеит. Лҩызцәа уи наҟ иалхны, ашьа аанкыланы иҿарҳәеит. Аҩныҟа ахынҳәра аԥҳәызба зынӡагьы лхы иҭамшәеит. Лиана аибашьра цонаҵы зегь раасҭа дзыцәшәоз, ахәра иахҟьаны дхымхәахар, аӷацәа рнапахьы анеира акәын. Есымша анцәа диҳәон, ахы лықәшәар иаразнак лыԥсы лхыҵырц. Аха ҳазшаз уи аҩыза арыцҳара лразҟы иалаимҵеит. Ачадара ахәрақәа рацәаӡаны ироуит ҳаҷкәынцәа. Ақырҭуа снаиперцәа еихмырсыӷьқәа ҳаибашьцәа ирыжәырҵон.
"Аибашьра адәаҟны, аӷа ихымца иалнахӡом иарбан жьахәҭоу иахьақәшәаша. Ҳарҭ ҳаҷкәынцәа рыцҳақәа, убраагьы ишшьабоз иԥхашьаны рааигәара ҳанынармышьҭуазгьы ыҟан. Нас изаҳӡари, ахы рмаҟҿаҳәара алахыс, мамзар рашьҭахь иақәшәар, ус ахьаа чҳауа агоспиталь аҟынӡа иаҳгон. Ишԥсуаз рдыруазаргьы, раҳәшьцәа реиԥш ирԥхьаӡоз аӡӷабцәа "аԥсуара иатәым" ҳәа зааигәара иаазмышьҭуаз рацәаҩын", - илгәалашәоит амедиаҳәшьа.
Аҳҭнықалақь агаразы ажәыларатә аоперациа ианалага, хымԥада аӡӷабцәа еиҳагьы аҭакԥхықәра рыдлеит. Аха аӡәзаҵәык шьҭахьҟа дхьамҵеит.
"Ҳаӷацәа убриаҟара ргәаҵәа жәпан, уаҩ дыршаҭап ҳәа ргәиҭамызт. Исгәалашәоит, Аҟәа ҳалаларц Алада Ешырантәи ҳандәықәла, ақырҭқәа ргыгшәыграқәа шааԥшыз. Ана-ара амҩаду ианыжьлан зыԥсы ҭаны ирблыз ауаа, урҭ абыргцәагьы рылан", - лажәа иацылҵоит Лиана.
Аԥсреи абзареи ирҭагылаз аԥсуа еибашьцәа, агәыӷра акәын еибаркны измаз. Дара ргәы иаанагон аибашьра ааилгар Аԥсны џьанаҭ ҟалозшәа.
Лиана Бганԥҳа Аҟәа аҭарцәра далахәын. Устәи еицқәаз Галҟа иргеит. Убраауп Аиааира иахьаԥылазгьы.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра цонаҵы, ахәрақәа зауз аӡәырҩы, рхьаақәа анеиқәтәа ҩаԥхьа абџьар иаҵагылеит. Уи иаанаго акоуп - ахымхәа ма аинвалид ҳәа заҳҳәо згәашьамх ӷәӷәоу раасҭа агәаӷь рызҭоуп. Урҭ ҿырԥшыгоуп иагьаҩы ҳзы.
Лариса Ҭапагәуа иахьатәи лколлектив рыгәҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.10.2024
Аԥсны
"Ҳҭыԥқәа рҿы ҳаҟан": аҳақьым-ахшарадкылаҩ Лариса Бутаева-Ҭапаӷәуа аибашьраан лусура иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0