Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Икәымпылӡа, игәыкӡа, амра иааӡеит ихааӡа": аҵәеи уи иазку адыррақәеи

© Foto / Aarón Blanco TejedorЯблоки
Яблоки - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.12.2024
Анапаҵаҩра
Зегьы ибзианы иаадыруа ашәырхкы аҵәа ганрацәала дахцәажәоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ашәыр бзиа изымбо дмаҷуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ӡынгьы ԥхынгьы иуԥыло шәыруп аҵәа. Аҵәаҵлақәа рыхкыжәлақәа рҽеихыршоит заа иҟалои, ихьшәаны иҟалои (даҽакала аԥхынҵәақәеи аӡынҵәақәеи ҳәа). Аԥсны иаҳԥыло аҵәа хкыжәлақәа ашампанҵәа, аҵәагәаҩа, аҵәаҟаԥшь, ашьақарҵәа, аҵәажьақца, аӡынҵәа, уҳәа зхылҵыз абнаҿы изызҳауаз аҵәаша ҵлоуп.
Икәымпылӡа, игәыкӡа, амра иааӡаз ихааӡа – аҵәа ауаҩы иорганизм, игәабзиара иазеиӷьуп. Аԥхын еиԥш аӡынгьы ифалатәуп.

Аҵәеи жәлар рмедицинеи

Ауаҩы ицәа-ижьы иақәгылар алшо акәымпыл хәыҷқәа ажәлар рҿы хьӡыс ирымоуп "аканҵыҵырақәа" ҳәа (урысшәала "бородавки"). Аканҵыҵыра зықәгылаз ахәыҷы аҵәа иҿарҵон, ацәынхақәа (азгә."огрызки") амза ҿа ангыло инаганы адгьыл иарҭон. Мышқәак анааҵлак аканҵыҵырақәа кашәон.
Аимҳәара ихҭанакыз, аҵәа абыӷьқәа быжьба-ааба цыра ачаи еиԥш иааршны, иаҵыҵыз аӡы хԥа-ԥшьба мшы рыҩнуҵҟа хынтә-ԥшьынтә ижәлар, дыбзианатәуеит.
Ахәыҷқәа аԥхын аӡаӡа илаԥало, ршьапы хтны аныҟәара бзиа ирбоит. Шьыжьымҭан аӡаӡа баанӡа, ушьапы хтны ашьац улалар, ушьаҵәкьарақәа рыбжьара аҵыӡфара (урысшәала "цыпки") аиур алшоит. Усҟан аҵәа абыӷьқәа ааҿыхны, аӡы рылҵаанӡа идырҟәыцуан. Ирҟәыцыз аҵәа абыӷьқәа акәымпыл хәыҷқәа рылхны, ахәыҷы ихьуа ишьацәкьарақәа рыбжьара ибжьарҵон.
Животные перед зимней спячкой в парке Роев Ручей в Красноярске - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.12.2024
Аԥсны
"Ахьаақәа ирыхәшәу": амшәи аашьышьи рышша жәлар рмедицинаҟны

Аҵәеи ажәлар разгәаҭарақәеи

Ашьтәа аныршьлак ашьҭахь, аҵәаҵлеи алҵлеи рҿы икнаҳаны ацәа ахырхыр акәац агьама хаахоит рҳәоит.
Аҵәа жәлақәа иреиуоу аҵәасса аҩнатә ԥстәқәа алаԥш рацәыхьчараҿгьы ихәарҭан. Ҿыц ихьаз арахә аҵәасса амахә аӡа наганы ахәда, ма атәыҩа иахьыршьуан.
Аҩнаҭаҿы аԥшқа дызмаз алаԥш имкырц азы аҵәассаҵла амахә ԥҵәаны, ацаха иҭаӡахны, агараҿы ихчы иаҵарҵон, мамзаргьы агараҿы аԥшқа иҵаз ашыц гәабан амахәқәа аҵарҵон. Иаҳа ихбыџқәоу амахә зҭаӡаху ацаха рыхәда иахыршьуан, рцәа иахьаду иахьчаларц.
Аҵәаҵла амшьҭацәгьара хнаҽуеит, ауардын иаҵаҳәоу ацәқәа ԥырхага рмоуа иҟанаҵоит ҳәа аҟьатамақәа алырхуан.
Миска с инжиром  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2024
Аԥсны
"Агәырхаара инаркны ахәшәтәраҟынӡа": алаҳаи уи иалоу ахәарҭареи

Аҵәеи ажәаԥҟақәеи

Ажәа аҵәа зланы аԥсуаа ражәаҳәаҿы ахархәара змоу жәаԥҟақәоуп: “Аҵәа баа ахала иҿшәоит”, “Аҵәа ахькашәо аҵәа гылоит”. Еиҳа инарҭбаан ҳалацәажәозар:
Ҵәак шә-ҵәак арбаауеит.
Ауаҩы бааԥс, ауаҩы хәымга иҭаацәа, ижәлантә, дызлоу зегьы рцәа ԥиҽуеит, ирԥхашьоит.
Аҵәа амҵан аҵәа кашәоит.
Ани аби ирсаркьахоит рыхшара. Абзиара рылауааӡар, ибзиахоит. Ацәгьа дурбар, ицәгьахоит. Убри атәоуп абри ажәаԥҟа иҳанаҳәоугьы.
Аҵәа дшықәу аҳа дықәлоит.
Уск иахьынӡахәҭоу инамыгӡакәа даҽакы зҽазызкуа абас изуҳәар алшоит. Иара убасгьы ауаҩы дызлацәажәоу ажәабжь аҵыхәанӡа инамыгӡакәа, даҽакахьы аиасра иҟазшьазар, "аҵәа дшықәу аҳа дықәлоит" ҳәа изырҳәоит.
Аҵәа аԥхыӡқәа рҿы
Аҵәа ԥхыӡла иубар бзиоуп, аманшәалара иазҳәоуп.
Ԥхыӡла аҵәақәа ҿухуазҭгьы, лабҿаба хашәала бзиак узыԥшуп.
Ԥхыӡла аӡә аҵәа уиркызар, иаарласны узеигәырӷьаша ак уаҳауеит.
Часы - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.12.2024
Аԥсны
"Ҷық-ҷақ зыхго, аамҭа зыԥхьаӡо": асааҭ аҵакы аԥхыӡқәа рҟны
∕Астатиа аиқәыршәараҿы ахархәара азун афольклорист Цира Габниаԥҳа лышәҟәы "Амифи аритуали"∕.
Ажәабжьқәа зегьы
0