https://sputnik-abkhazia.info/20250101/akhada-inapynaa-nazygo-badra-gynba-asny-zhlar-ashys-yts-rydinyaleit-1053329163.html
Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит. 01.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-01T00:05+0300
2025-01-01T00:05+0300
2025-01-01T00:05+0300
аԥсны
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1d/1032519369_0:0:2520:1418_1920x0_80_0_0_b17965c6e1550f2833b6115f633065b2.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.Адныҳәалараҿы, ҷыдала, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ишхыркәшахо ауадаҩрақәа реиԥш, аихьӡарақәагьы зцыз 2024–тәи ашықәс.Гәынба иажәақәа рыла, аҩнуҵҟатәи алшарақәа ахрхәарала ишрылшаз абуџьет ахашәала миллиард мааҭ инеиҳаны аҵҵара."Уи иабзоураны, Урыстәылантә иҳауаз ацхыраара аамҭала ишынкылоугьы иахьанӡа еиԥҟьарада ҳауаажәлар ироуеит рауалафахәқәа, нап рыдкылан ақыҭанхамҩа, агәабзиарахьчара уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа ирыдҳәалоу апрограммақәа. Зегь раасҭа ихадоуп ҳәа исыҧхьаӡоит имариам жәларрыбжьаратәи аҭагылазаашьа аамҭазы ҳарбџьарымчқәеи, Урыстәыла иаҳнаҭо арратә цхыраареи ирыбзоураны иахьҳамоу аҭынчра", -- иҳәеит иара.Бадра Гәынба лымкаала дрыдныҳәалеит бџьарла ҳҭынчра зыхьчо аруаа, ауаажәлар ршәарҭадара иахылаҧшуа азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, амедицинатә усзуҩцәа, аныҳәа аҽны зуалԥшьа назыгӡо зегьы, иара убас Урыстәыла адгылара аҭаны, иҷыдоу арратә аоперациа иалахәу аԥсуа еибашьцәа.Бадра Гәынба ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц аныҳәазы иуаажәлар ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, досу рыгәҭакқәа наӡо, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәоуеиқәшәара, абарақьаҭра ҟало.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/05/1d/1032519369_0:0:2400:1800_1920x0_80_0_0_e4526e84836c5d8f1f1062c52291ab66.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ауаажәларра, ажәабжьқәа
аԥсны, ауаажәларра, ажәабжьқәа
АҞӘА, ажьырныҳәа 1 - Sputnik. Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ишхыркәшахо ауадаҩрақәа реиԥш, аихьӡарақәагьы зцыз 2024–тәи ашықәс.
"Имариамызт ҳҳәынҭқарразы инаскьаҳго ашықәс. Ҳгәы шьҭызхуа ахҭысқәа маҷмызт, аха убри аан иҟан агәҭынчымра ҳазцәырызгоз аусқәагьы. Абҵарамзатәи аполитикатә кризис ҳҳәынҭқарра акыр ашәарҭара иҭанаргылеит, аха иагьа иуадаҩзаргьы, иҳалшеит рҽеишьа змам аусқәа рахь икыламгакәан аҭагылазаашьа азакуан аҳәаақәа рахь аргьежьра. Хымԥада, уи зыбзоуроу ҳажәлар иуадаҩу аамҭақәа рзы иаадырҧшуа ачҳареи аҟәыӷареи роуп", - ҳәа азгәеиҭеит ахада ин.н.
Гәынба иажәақәа рыла, аҩнуҵҟатәи алшарақәа ахрхәарала ишрылшаз абуџьет ахашәала миллиард мааҭ инеиҳаны аҵҵара.
"Уи иабзоураны, Урыстәылантә иҳауаз ацхыраара аамҭала ишынкылоугьы иахьанӡа еиԥҟьарада ҳауаажәлар ироуеит рауалафахәқәа, нап рыдкылан ақыҭанхамҩа, агәабзиарахьчара уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа ирыдҳәалоу апрограммақәа. Зегь раасҭа ихадоуп ҳәа исыҧхьаӡоит имариам жәларрыбжьаратәи аҭагылазаашьа аамҭазы ҳарбџьарымчқәеи, Урыстәыла иаҳнаҭо арратә цхыраареи ирыбзоураны иахьҳамоу аҭынчра", -- иҳәеит иара.
Бадра Гәынба лымкаала дрыдныҳәалеит бџьарла ҳҭынчра зыхьчо аруаа, ауаажәлар ршәарҭадара иахылаҧшуа азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, амедицинатә усзуҩцәа, аныҳәа аҽны зуалԥшьа назыгӡо зегьы, иара убас Урыстәыла адгылара аҭаны, иҷыдоу арратә аоперациа иалахәу аԥсуа еибашьцәа.
Бадра Гәынба ҳазҭалаз Ашықәс ҿыц аныҳәазы иуаажәлар ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, досу рыгәҭакқәа наӡо, ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәоуеиқәшәара, абарақьаҭра ҟало.