https://sputnik-abkhazia.info/20250103/ireiu-evropati-atsyrgaaa-rneish-akanaaay-maia-kharabua-lusumaa-iryzkny-1053211999.html
"Иреиӷьу европатәи ацәыргақәҵақәа рҟнеиԥш": акьанџьаҟаҵаҩы Маиа Харабуа лусумҭақәа ирызкны
"Иреиӷьу европатәи ацәыргақәҵақәа рҟнеиԥш": акьанџьаҟаҵаҩы Маиа Харабуа лусумҭақәа ирызкны
Sputnik Аҧсны
Ҳтәылаҟны имаҷӡам абаҩхатәра злоу ауаа. Иахьатәи санҵамҭа зызку Маиа Лаврент-иԥҳа Харабуа занааҭла дырҵаҩуп, аха аԥсабара илнаҭеит зегьы ирылам, иҷыдоу аҟыбаҩ... 03.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-03T18:32+0300
2025-01-03T18:32+0300
2025-01-03T18:32+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207787_0:405:1404:1195_1920x0_80_0_0_82bb29071cc18651de3e320edea82908.jpg
Ҳтәылаҟны имаҷӡам абаҩхатәра злоу ауаа. Иахьатәи санҵамҭа зызку Маиа Лаврент-иԥҳа Харабуа занааҭла дырҵаҩуп, аха аԥсабара илнаҭеит зегьы ирылам, иҷыдоу аҟыбаҩ. Лара иҟалҵоит иреиӷьу европатәи ацәыргақәҵақәа рахь инаугар зылшо, ажәлар рыбла хызкуа асувенирқәа-акьанџьақәа. Маиа ахӡыргара иашьҭам уаҩуп, убри аҟнытә лусумҭақәа аҩны иҵәахуп, избахьоугьы маҷҩуп.Саида Жьиԥҳа, SputnikМаиа Лаврент-иԥҳа Харабуа дшыхәыҷыз, аԥсабара илнаҭаз аҟыбаҩ ахы ӡырнаго иалагеит. Раԥхьа лхаҿы ицәырҵуаз ахаҿсахьа ԥшӡақәа ҭылхуан. Ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, агазеҭқәеи рҟнытә илгәаԥхоз ажәеинраалақәа гәылыҩҩаны, аганаҿы урҭ ирнаалоз аилиустрациақәа ҟалҵон, урҭ иахьагьы акык-ҩбак еиқәырханы илымоуп. Лыхшыҩ азцон, иагьлықәманшәалахон ҵәыла аԥара, аӡахра.Иреиҳау аҵараиурҭа даналга, Афон-ҿыц иааӡаз аԥҳәызба лынасыԥ лыԥшаауеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан. Аҭаацәаратә ԥсҭазаара инаваргыланы илоуз азанааҭ ала Пицундатәи актәи абжьаратә школ аҟны 27 шықәса аус луит.Маиа хҩык ахшара лааӡеит. Дара ахәыҷбаҳчеи ашколи иахьынӡаҭаз, амзартә ныҳәақәа раан ирышьашәалоз амаҭәа рзылӡахуан. Избозгьы иџьаршьон, иҷыдоу азанааҭ лымамкәа шаҟа илныруаз ашықәс аамҭақәеи амаҭәеи реимадара.2010 шықәсазы Маиа Харабуаԥҳа ҳамҭас илырҭеит автортә акьанџьақәа ирызкыз Морин Карлсон ишәҟәы. Уи нахыс аинтерес шьҭкааны, ари ахырхарҭаҟны лхы ԥылшәо далагеит. Иара убас, аинтернет аҟны Ольга Егупец, Надежда Соколова рыкьанџьақәа рсахьақәа дрыхәаԥшуа, рыҟаҵашьа атехника ҭҵаауа, зны агха ҟаҵо, нас ирҽеиуа лнапаҟны иаалгеит."Акьанџьақәа рыҟаҵараан схы иасырхәоит иурԥхо апластик, зхала икьакьахо анышәаԥшь, афольга, аскотч, ижәпоу аба, аҷабга, ашәыгақәа. Ашьаҭа аибаркыра аграф ала иҟасҵоит. Акьанџьа анеибуҭалак иахьынӡаҟәымшәышәу ишугәаԥхо еиԥш ма иуртәоит, ма иургылоит", - лҳәоит анапҟаза.Маиа еизылгоит, насгьы икалыжьӡом уажәшьҭа иныҟәрымго акакаҷқәа, амацәазқәеи алымҳареиқәеи ирҭаԥсоу аблақәа. Урҭ рахәыцла, ҷабгала, ма графла еибаркны акьанџьақәа ԥшшәы рацәала илҩычоит."Акьанџьа инагӡоу асахьа аиурц азы, алакҭа ишанаало еиԥш еилаҳәатәуп. Ахаҿы гызмалзар-ԥшшәы рацәала еилаԥсоу, насгьы икреативтәу амаҭәа азызӡахуеит, амаҭәа ашәны ичаԥазар, сыԥҳа дсахьаҭыхҩуп, лара ашәыга ахьылшьуеит. Иҟәышу, мамзар иџьбароу алакҭа змоу акьанџьазы иҭышәынтәалоу аԥштәқәа аласхуеит", - лҳәоит анапҟаза.Маиа Харабуаԥҳа агәаԥхара анылзааиуа ауп акьанџьақәа аныҟалҵо. 14 шықәса раахыс 30 иреиҳауп еибылҭахьоу. Дара раӷьырак "Батик" ахырхарҭа рымоуп. Маиа лсувенирқәа џьаргьы иӡырлымгаӡацт, лыҩны ауадақәа дырԥшӡоит ауп. Анапҟаза лгәыблыра зду аусумҭақәа ҳамҭас илшаӡом.Маиа лҟыбаҩ ҷыда шьҭрала лыԥҳа Гәыранда Барцыцԥҳа илымалдеит. Аԥҳәызба дсахьаҭыхыҩхеит.Ԥсабарала аҟыбаҩ ҷыда злоу Маиа Харабуаԥҳа, иахьа Лӡаа ақыҭан деицырдыруеит ахаа-мыхаа гьама ҳаракыла иҟазҵо лакәны.
https://sputnik-abkhazia.info/20241208/akhashy-ida-zyalom-asakhaykhy-gyranda-bartsytsa-ilyzkny-1053088493.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207787_0:274:1404:1327_1920x0_80_0_0_59d1d75c7217b37a9a2490141c559fcc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Ҳтәылаҟны имаҷӡам абаҩхатәра злоу ауаа. Иахьатәи санҵамҭа зызку Маиа Лаврент-иԥҳа Харабуа занааҭла дырҵаҩуп, аха аԥсабара илнаҭеит зегьы ирылам, иҷыдоу аҟыбаҩ. Лара иҟалҵоит иреиӷьу европатәи ацәыргақәҵақәа рахь инаугар зылшо, ажәлар рыбла хызкуа асувенирқәа-акьанџьақәа. Маиа ахӡыргара иашьҭам уаҩуп, убри аҟнытә лусумҭақәа аҩны иҵәахуп, избахьоугьы маҷҩуп.
Маиа Лаврент-иԥҳа Харабуа дшыхәыҷыз, аԥсабара илнаҭаз аҟыбаҩ ахы ӡырнаго иалагеит. Раԥхьа лхаҿы ицәырҵуаз ахаҿсахьа ԥшӡақәа ҭылхуан. Ашәҟәқәеи, ажурналқәеи, агазеҭқәеи рҟнытә илгәаԥхоз ажәеинраалақәа гәылыҩҩаны, аганаҿы урҭ ирнаалоз аилиустрациақәа ҟалҵон, урҭ иахьагьы акык-ҩбак еиқәырханы илымоуп. Лыхшыҩ азцон, иагьлықәманшәалахон ҵәыла аԥара, аӡахра.
"Ԥсабарала исылаз абаҩхатәра ԥхьаҟа ирҿиалатәуп ҳәа сан илԥхьаӡомызт, уи баша хәмарроуп ҳәа дансацәҳауазгьы ыҟан. Ссахьақәагьы аиҳара лыблит. Ашкол саналга, зынӡа аҟазара иацәыхараз азанааҭ аласхит. Сҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абиолого-химиатә факультет", - еиҭалҳәоит Маиа Харабуаԥҳа.
Иреиҳау аҵараиурҭа даналга, Афон-ҿыц иааӡаз аԥҳәызба лынасыԥ лыԥшаауеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан. Аҭаацәаратә ԥсҭазаара инаваргыланы илоуз азанааҭ ала Пицундатәи актәи абжьаратә школ аҟны 27 шықәса аус луит.
Маиа хҩык ахшара лааӡеит. Дара ахәыҷбаҳчеи ашколи иахьынӡаҭаз, амзартә ныҳәақәа раан ирышьашәалоз амаҭәа рзылӡахуан. Избозгьы иџьаршьон, иҷыдоу азанааҭ лымамкәа шаҟа илныруаз ашықәс аамҭақәеи амаҭәеи реимадара.
2010 шықәсазы Маиа Харабуаԥҳа ҳамҭас илырҭеит автортә акьанџьақәа ирызкыз Морин Карлсон ишәҟәы. Уи нахыс аинтерес шьҭкааны, ари ахырхарҭаҟны лхы ԥылшәо далагеит. Иара убас, аинтернет аҟны Ольга Егупец, Надежда Соколова рыкьанџьақәа рсахьақәа дрыхәаԥшуа, рыҟаҵашьа атехника ҭҵаауа, зны агха ҟаҵо, нас ирҽеиуа лнапаҟны иаалгеит.
"Акьанџьақәа рыҟаҵараан схы иасырхәоит иурԥхо апластик, зхала икьакьахо анышәаԥшь, афольга, аскотч, ижәпоу аба, аҷабга, ашәыгақәа. Ашьаҭа аибаркыра аграф ала иҟасҵоит. Акьанџьа анеибуҭалак иахьынӡаҟәымшәышәу ишугәаԥхо еиԥш ма иуртәоит, ма иургылоит", - лҳәоит анапҟаза.
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207854_0:400:1200:1200_600x0_80_0_0_bb02863d31179db2a4ba1fd8fdcc6fb8.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207831_0:261:1254:1097_600x0_80_0_0_5079da503fd037504a05434552032f17.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207896_0:386:1244:1215_600x0_80_0_0_710a7f645f6c0b5bc9565e6a38894823.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207963_0:119:1601:1186_600x0_80_0_0_0c28cf7cc92d46ff93e8d06289d6d2f7.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053208139_0:268:1200:1068_600x0_80_0_0_0c4245e230fc187121c545716ead883d.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207920_0:131:1155:901_600x0_80_0_0_eda341f49c5890b924f6ae85a551c239.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053208029_0:288:1538:1313_600x0_80_0_0_34908a10a2fe48db25785805aa35196a.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207855_0:437:1090:1164_600x0_80_0_0_c52c4b3da8543d5786ee675f93e6a92a.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053208118_0:360:2047:1725_600x0_80_0_0_fb88cd7ce05d7eea93c66d486201dcf2.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053208074_0:126:1302:994_600x0_80_0_0_d8788c86a11f46a810f1a4b91ba81e57.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053208073_0:140:1600:1207_600x0_80_0_0_c884cbf1d05b83fa9541b8ea1c914c2c.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
© Foto / предоставила Маиа Харабуа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
![Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа - Sputnik Аҧсны](https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/14/1053207985_0:115:1330:1002_600x0_80_0_0_0684fe58dd75f8a0495c00108e9e4007.jpg)
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа Харабуаԥҳа лусумҭақәа
Маиа еизылгоит, насгьы икалыжьӡом уажәшьҭа иныҟәрымго акакаҷқәа, амацәазқәеи алымҳареиқәеи ирҭаԥсоу аблақәа. Урҭ рахәыцла, ҷабгала, ма графла еибаркны акьанџьақәа ԥшшәы рацәала илҩычоит.
"Акьанџьа инагӡоу асахьа аиурц азы, алакҭа ишанаало еиԥш еилаҳәатәуп. Ахаҿы гызмалзар-ԥшшәы рацәала еилаԥсоу, насгьы икреативтәу амаҭәа азызӡахуеит, амаҭәа ашәны ичаԥазар, сыԥҳа дсахьаҭыхҩуп, лара ашәыга ахьылшьуеит. Иҟәышу, мамзар иџьбароу алакҭа змоу акьанџьазы иҭышәынтәалоу аԥштәқәа аласхуеит", - лҳәоит анапҟаза.
Маиа Харабуаԥҳа агәаԥхара анылзааиуа ауп акьанџьақәа аныҟалҵо. 14 шықәса раахыс 30 иреиҳауп еибылҭахьоу. Дара раӷьырак "Батик" ахырхарҭа рымоуп. Маиа лсувенирқәа џьаргьы иӡырлымгаӡацт, лыҩны ауадақәа дырԥшӡоит ауп. Анапҟаза лгәыблыра зду аусумҭақәа ҳамҭас илшаӡом.
"Сара аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа избоит. Аиҳарак ацыгәқәа. Убри аҟнытә сыкьанџьақәа анеибысҭо ацыгәқәа рсахьа рысҭоит. Исымоуп ацгәы ахы зхагылоу Елвис Пресли еиҿартәышьа змоу акьанџьагьы. Аусумҭақәа зегьы сыԥсы рылоуп, аха "Елвис Пресли" акагьы иаласҵом", - дахлафаауа иазгәалҭоит сажәабжьҳәаҩ.
Маиа лҟыбаҩ ҷыда шьҭрала лыԥҳа Гәыранда Барцыцԥҳа илымалдеит. Аԥҳәызба дсахьаҭыхыҩхеит.
Ԥсабарала аҟыбаҩ ҷыда злоу Маиа Харабуаԥҳа, иахьа Лӡаа ақыҭан деицырдыруеит ахаа-мыхаа гьама ҳаракыла иҟазҵо лакәны.