Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит АЗХ-еи амилаҭтә галереиеи Урыстәылантәи иаиур иалшо ацхыраара атәы

Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны иҟазаара иалагӡаны дырҭааит шықәсык аԥхьа иблыз Амилаҭтә галереиеи Ацәыргақәҵатә зал хадеи. Кириенко акультуратә хәышҭаарақәа иҭаара, хәшьарас иаиҭаз, анаҩстәи ашьаҿақәа уҳәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Амилаҭтә сахьатә галереиеи Ацәыргақәҵатә зали шьақәыргыланы иҟалар, аҩҳәынҭқаррак реимадарақәа даҽа ҩаӡарак ашҟа инанагон ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа. Илҳәеит Аԥсны асахьатә фондқәа рышьақәыргыларазы Урыстәыла иҟанаҵар алшо ацхыраара аҵакы.
"Ҳасас ишиҳәаз еиԥш, афондқәа реизгара даара акрызҵазкуа усуп. Хаҭала сара иснарбеит шаҟа ган рацәала дазнеиуа ари азҵаара. Ахыбра ургылар ҟалоит, аха уаҟа иҵәаху акырӡа аҵанакуеит. Ирацәоуп аусумҭақәа Урыстәыла афедералтә музеиқәа, агалереиақәа рҿы. Иара иҳәеит зны цәыргақәҵак ҟаҵазар, нас ҳамҭас Аԥсны ирырҭаргьы ҟалоит ҳәа. Уи даара акрызҵазкуа усуп, избанзар афондқәа шықәсык-ҩышықәса рыла иузеизгаӡом", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0