Sputnik амчыбжь: Аԥсны ахада иалхрақәеи Урыстәыла акультура аминистр лаареи
© Sputnik / Томас ТхайцукЦИК Абхазии

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҟны жәабран 10-16 рыҩнуҵҟа аҭыԥ змаз еиҳа иналукааша ажәабжьқәа рыхҳәаа.
Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысыз, Урыстәыла иарбан регионқәоу Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь аҳаирпланқәа раашьҭра иазыхиоу, Аԥсны ахәыҷқәа урыстәылатәи аҳақьымцәа адиспансеризациа ишахрыжьуа, иарбан ҳамҭақәоу Урыстәыла Аԥсны ауааԥсыра ирзаанаҭиз, Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова Аԥсны лыҟазаара шымҩаԥысыз Sputnik аматериал аҿы.
Аԥсны ахада иалхра
Ииасыз амчыбжь, асабшаҽны имҩаԥысит Аԥсны ахада иалхрақәа. Атәылаҿы иаартын 152 алхырҭатә ҭыԥ, иара убас Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҟны.
Акандидатцәа хәҩык ыҟан– Адгур Арӡынба, Бадра Гәынба, Олег Барцыц, Роберт Аршба, Адгур Хәрхәмал. Алхрақәа рҿы ауаа рааира 69% артәеит, хыԥхьаӡарала иугозар — 99 нызқьҩык алхыҩцәа рыбжьы рҭиит.
Ашьыжь жәабран 16 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы заанаҵтәи алҵшәақәа рыларҳәеит.
Адгәыр Арӡынба — 36,9%
Роберт Аршба — 7,54%
Олег Барцыц — 4,04%
Бадра Гәынба — 46,38%
Адгәыр Хәырхәмал — 0,97%
Москвеи Черқьесски алхрақәа рҿы ҽаамҭанык еиԥшымкәа ауаа рацәаны рыбжьы арҭеит. Москва — 2900-ҩык инареиҳаны. Черқьесск — 1900-ҩык инареиҳаны.
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡахоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, урҭ рахьтә аӡәгьы 50 процент абыжьқәа имоузар, АКХ аиҭалхрақәа рзы абжьыҭара амҩаԥгара азгәанаҭоит реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа рыбжьара. Аҩбатәи атур ҟалоит актәи атур инаркны ҩымчыбжьа ирхымгакәа.
Алхратә комиссиа хада заанаҵтәи адыррақәа рыла атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит хәажәкыра 1 азы.
Иҟалар зылшо ахырхарҭа
Владислав Арӡынба ихӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза жәабран 7 рзы иаднакылеит апассаџьырцәа аазгаз раԥхьатәи аҳаирплан. Иҳаҩсыз аҩашаҽны аҳаирбаӷәазаҿы ҽынлоума, уахынлоума аҳаирпланқәа атәара рылзыршо арлашаратә маругақәа ԥышәан.
Аҟәа Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҿы иахәҭоу аиқәыршәагақәа зегьы шьақәыргылоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳаиртә баӷәаза аҳаиртә мҩангара аиҿкааразы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Чаплыгин.
"Ҳара 99% рҟынӡа ҳазхиоуп аштаттә режим ала аусура. Арадиотехникатәи аҳауагәаҭаратәи маругақәа алшара ҳарҭоит Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы аҳаирпланқәа рыхкқәа зегьы рыдкылара", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистрра Иамал-Ненецктәи автономтә округи, Ареспублика Коми, Ханты-Мансиисктәи автономтә округи рҟынтәи Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирплантә еимадара аиҿкааразы алшарақәа ирызхәыцуеит.
Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирплантә еимадара адәықәҵараз агәазыҳәара рымоуп Урыстәыла арегионқәа жәпакы.
"Ҳара ҳрыҿцәажәоит апассаџьырцәа рныҟәгаразы ахыдҵақәа зхахьы изгар зылшо аҳаиртә еилахәырақәа. Ҳақәгәыӷуеит хара имгакәа иахәҭоу аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵап ҳәа. Агәра ганы сыҟоуп ҳусура иалҵшәа хаданы ишыҟало ҳтәылауаа рырманшәалара", — ҳәа иҳәеит Аҟәа усуратә ныҟәарыла иааны иҟаз Нижни Новгород ақалақь ахада Иури Шалабаев.
ИаНАО агубернатор ихаҭыԥуаҩ Александр Подорога арегион аҳаирмҩангара аҿиара иазкыз аилацәажәараҟны Иамал Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирплантә еимадара аиҿкааразы алшарақәа ирызхәыцуеит ҳәа иҳәеит.
Адиспансеризациа
Урыстәыла адгыларала Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагеит. Ииасыз ахашазы Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҟны имҩаԥысит адиспансеризациа.
Урыстәылантәи 10-ҩык еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳақьымцәа ааны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа алԥшааны наҟ-наҟ цхыраарас ирыҭатәу рыӡбоит.
Апроект лаҵарамза нҵәаанӡа аус ауеит, Аԥсны ахи-аҵыхәеи 30-нызқьҩык ашколхәыҷқәа ирыхәаԥшуеит. Агәаҭарақәа хатәгәаԥхарала имҩаԥысуеит Аԥсны ашколқәа 150 рҟны, еиҳа инахароу Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа рҟынгьы.
Адиспансеризациа аҭаацәа рақәшаҳаҭрала имҩаԥыргоит, ироуа адыррақәа зегьы ацифрахь ииагахоит, аҭыԥантәи аполиклиникақәа ирыҭахоит, анаҩс уа ахәыҷқәа ргәабзиара иацклаԥшларц азы.
Аусеицурала
Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова 2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраарала еиҭашьақәыргылаз Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр даҭааит.
Аминистр атеатр аҭагылазаашьа гәалҭеит, ҳаамҭа иақәшәо игьежьуа асценазы амеханизм ҳамҭас ишыҟарҵо азы адырра ҟалҵеит.
"Иахьатәи атехнологиақәа рхархәара даара акраҵанакуеит. Сара исарҳәеит, уажәазы араҟа асцена напыла ишшәыргьежьуа. Жәаҳәарада, уи аҟыбаҩ змоу ауаа ԥырхагас ирзыҟам, аха иҵегьы иахьатәи аамҭа иақәшәо алшарақәа ыҟазар шьахәуп", — ҳәа азгәалҭеит Ольга Лиубимова.
Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоит аԥсуа бызшәа аиқәырхараҿы. Уи алыршахоит иахьазы иҟоу аурыс бызшәа аҿиара иазку иҷыдоу ацентрқәа рԥышәеи рбазеи рышьаҭала ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла Акультура аминистр Ольга Лиубимова Аԥсны акультура аусзуҩцәа рԥылараҿы.
Урыстәыла Аԥсны ацхыраара анаҭоит ареспубликаҿы акультура ахырхарҭаҿы ззымхара ыҟоу аспециалистцәа разыҟаҵараҿы. Абри азы еиқәшаҳаҭхеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Аԥсны акультура аминистр ин.н. Динара Смырԥҳаи реиԥылараан.
Россотрудничество аганахьала заанаҵ аквотақәа азгәаҭахоит, акурсқәагьы хықәкылатәихоит: ахәыҷқәа рҵара анхдыркәшалак ашьҭахь иахьыхынҳәуа хымԥада идырны ирымазаауеит.
Аԥсны иаартхар ҟалоит ҳаамҭазтәи акинозал, Урыстәыла уи азы ацхыраара ҟанаҵоит ҳәа лҳәеит Лиубимова.
"Ҳаамҭазтәи акинозал аартра иабзоураны ҳаамҭазтәи акиносахьа дырбаразы алшара ҟалоит. Ҳаԥхьаҟа акәзар, жәаҳәарада, сара даара исҭахуп аԥшӡареи, аԥсабареи, архитектуреи рыла иҭәу ари атәылаҿы иҵегьы акиносахьақәа рҭыхра. Ҳазегьы ҳаицазхәыцып", — лҳәеит Ольга Лиубимова.
Аминистр илҳәеит урыстәылатәи акинематографистцәа акырҵуеит Аԥсны акиноқәа ҭырхуеижьҭеи. Аха еиҳа ишьахәхон еицҭыху акиноқәа ҟалар.
Урыстәылантәи аҳамҭақәа
Урыстәыла Аԥсны "Газель Next" амарка иатәу амедицинатә цхыраара ласы амашьына ҿыцқәа жәабеи еиҭаҵуа афлиуорографи ҳамҭас ианаҭеит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ин.н. Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит амашьынақәа иахьатәи аамҭа иақәшәо амаругақәа рыла ишеиқәыршәоу. Иҳәеит араионқәеи ақалақьқәеи рыбжьара атранспорт еихшахоит ҳәа.
Аҿар адгылара рыҭара
Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилаки Урыстәыла ахада иплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Адокумент рнапы аҵарҩит Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчааи "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада, анаԥхгараҭаратә ҟазарҭа "Сенеж" аректор Андреи Бетини.
"Ҳҿар реидкыларазы ари раԥхьатәи шьаҿоуп", — иҳәеит Қарчаа.
Аиқәшаҳаҭра иахықәкуп еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны асоциалтә еизҳара ацхраара, апроектқәеи аԥшьгамҭақәеи рыдгылара, иара убас аусмҩаԥгатәқәеи, аицлабрақәеи, апроектқәеи реиҿкаареи рымҩаԥгареи.
Иара убас, иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәылантәи иааз аделегациа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет иаҭааит, аректор Алеко Гәарамиа иԥылеит, аҿар рполитика иадҳәалоу урыстәылатәи апроектқәа рӡыргара мҩаԥыргеит.
Аиҿкаара "Урыстәыла — алшарақәа ртәыла" анапхгаҩы Андреи Бетин Аԥснытәи астудентцәагьы алахәхар зылшо аҳәынҭқарра ахада иплатформа апроектқәа дрылацәажәеит.
"Росмолодежь" ахада Григори Гуров Аԥсны аҿар агранттә еицлабрақәа рхы рыладырхәырц, еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵарахьы ааԥхьара риҭеит.
Аҟазара еиқәырхо
Урыстәылатәи аспециалистцәа 2024 шықәсазы Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиаҿы иҟалаз абылра ашьҭахь 150-ҟа ҭыхымҭақәа реиқәырхараҿы ацхыраара ҟарҵеит.
Абри атәы рҳәеит Аԥсны акультура аминистр Динара Смыри Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимови Аҟәа реиԥылараан.
"Дара ҳара ҳҿы аусу ду нарыгӡеит ҳреставраторцәа ирывагыланы. Имҩаԥыргеит анализ, усумҭақәак излалшоз ала идырӷәӷәеит, аиҭашьақәыргылара зҭаху аусумҭақәа 150 еиқәдырхеит", — лҳәеит лара.
Уи адагьы, ааигәа ҩаԥхьа Аԥсныҟа иааит урыстәылатәи аспециалистцәа гәыԥҩык. Урҭ 60-ҟа рҟынӡа аусумҭақәа алырхит, аиҭашьақәыргыларазы Москваҟа иргоит.
Урыстәылеи Аԥсни амузеитә цәыргақәҵақәа рымҩаԥгаразы аҳазалхратә процедурақәа рырмариара аԥхьаҟа иалацәажәеит.
Аԥсны акультура аусзуҩцәеи Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи Аҟәа имҩаԥыргаз аиԥылараан абри аҩыза аҳәара ҟарҵеит. Уажәазы аҳәааҟны ашәҟәҭагаларақәа ирыдҳәалоу ауадаҩрақәа еиҭаҵуа ацәыргақәҵақәа реимдара иаԥырхагоуп.
"Аҳазалхраҿы аус зуа ҳколлегацәеи ҳареи ҳаҽрымаданы аусеицура ҳалагоит, ари азҵаара ҭышәынҳартәалоит", — лҳәеит аминистр, аҳәара аҭак ҟаҵо.
Уи адагьы, иалацәажәеит амузеиқәа реиҭашьақәыргылаҩцәа разыҟаҵара. Ольга Лиубимова ишазгәалҭаз ала, ари азанааҭ азы ауаа разымхара адунеи зегь аҿы иҟоу проблемоуп.
Аԥсны Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 3-4 мзы рыла ихыркәшахоит ҳәа Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова илзеиҭеиҳәеит анардадатә еиҿкаара ахаҭарнак Русҭам Цәеиба.