Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны афымцамч сааҭки бжаки рыла еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Отключение света
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Аԥсны афымцамч сааҭки бжаки рыла еиҭашьақәҳаргыларц ҳгәы иҭоуп иҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо Ҭемыр Џьынџьал.
"Уахынла асааҭ 00:30 рзы Ԥсоу ацәаҳәа авариала ицәеит. "Амшынеиқәафымцамч" иатәу аиҭашьақәыргыларатә бригадақәа ҩба аҭыԥ ахь ицеит. Ашьыжь Ԥсоу аҳабла азааигәара, анеира ахьыуадаҩу аҭыԥ аҿы, аԥхасҭа ахьыҟалаз рԥшааит. Аенергетикцәа авариа аԥыхра иалагахьеит", — иҳәеит иара.
Амашәыр иахҟьаны, ареспублика лашарада иаанхеит, уажәы авариатә схемала Тҟәарчали Аҟәа ахәҭаки ЕгрыГЕС аҟынтәи алашара роуеит.
Ҭемыр Џьынџьал иажәақәа рыла, Џьуартәи аӡеизгарҭаҿы аӡы аҩаӡара ахьылаҟәу, насгьы уи иалало аӡы ахьмаҷу инамаданы, ареспублика зегьы фымцамчла аиқәыршәара алшом.
Ажәабжьқәа зегьы
0