Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апартиа "Амцахара" имҩаԥнагеит атәылаҿы аполитикатә ҭагылазаашьа иазкыз аиԥылара

© Sputnik Амцахара
Амцахара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Аҟәа апартиа "Амцахара" имҩаԥнагеит атәылаҿы иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа иазкыз уи алахәылацәеи ауаажәлари реиԥылара.
Аиԥылара аартуа, "Амцахара" аполитхеилак алахәыла Авҭандил Сурманиӡе инаҵшьны иазгәеиҭеит алхрақәа шхыркәшахо, уи ашьҭахь зегьы ҳаицынхар шакәу, ҳаицхырааны аҳәынҭқарра аргылара шаҭаххо, аиҿагылара еиҳагьы арҵаулара шаҭахым.
Ауаажәларратә палата алахәыла Давид Ԥлиа иазгәеиҭеит, Аԥсны ахада иалхрақәа актәи атур аан ауадаҩрақәа шыҟаз, уажәы ажәлар аҩбатәи атур ҳаҭырла амҩаԥгара шрыхәҭоу.
Аԥсны ажәлар реиҩшара ҟалаӡом ҳәа азгәеиҭеит Ауаажәларратә палата алахәыла Вараздат Миносиан.
"Ҳара Аԥсны иаку ауаажәларратә еилазаара ҳауп, иаку ажәлар ҳауп, аԥсуа жәлар иртәу ерманык иаҳасабала, сара сазыхиоуп Аԥсны азы схәарҭаны аҟалара, ҳтәыла аргылара, арҿиара".
Уаанӡатәи адепутат Баҭал Табаӷәуа иргәалаиршәеит зегь реиҳа ихадоу алхрақәа азакәан инақәыршәаны, еиласрак ҟамлакәа имҩаԥысыр шахәҭоу.
Ари агәаанагара ицеиҩыршеит аиԥылара егьырҭ алахәылацәагьы, дара ирҳәеит апровокациақәа рыҟаҵара шалыршатәым, Аԥсны жәлар мацара шракәу аҩбатәи атур аан злахьынҵа зыӡбаша.
Ажәабжьқәа зегьы
0