Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәынба аҳәаанырцә тәылауаҩшәҟәы ала Урыстәыла амедцхыраара аиура азҵаара аӡбара игәы иҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба
Бадра Гунба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2025
Анапаҵаҩра
Аполитик ишазгәеиҭаз ала, иахьа Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы, Урыстәыла атәылауаҩра шрымоугьы уи аҩыза алшара рымаӡам.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Бадра Гәынба иҳәеит иара далххар, раԥхьатәи напынҵас иҟало Урыстәылеи иареи ирыбжьарҵаз анаԥхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа реиқәыршәара шакәхо, Аԥсны атәылауаа аҳәаанырцәтәи апаспорт шьаҭас иҟаҵаны Урыстәыла амедицинатә цхыраара роурц азы.
Аполитик ишазгәеиҭаз ала, рыцҳарас иҟалаз иахьа Аԥсны атәылауаа аӡәырҩы, Урыстәыла атәылауаҩра шрымоугьы уи аҩыза алшара рымаӡам. Уадаҩрас иҟоу, дара урыстәыла аҳәаанырцәтәи апаспорт мацара ауп ирымоу, аҩнуҵҟатәи апаспорт, мамзаргьы СНИЛС рымаӡам. Урҭ Урыстәылатәи амедицинатә усбарҭақәа рҿы хәыда-ԥсада ацхыраара аныҟарҵо иаҭахуп.
"Ари аҩыза аусуразы ақәшаҳаҭра ҳауит (Урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтә). Агәра ганы сыҟоуп алхрақәа рышьҭахь ари азҵаара ҳшазыхынҳәуа", — ҳәа иҳәеит Гәынба Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко дицны Ареспубликатә хәшәтәырҭа данаҭаа ашьҭахь.
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова ҭелла данлацәажәозгьы ари азҵаара дазааҭгылеит.
"Сара аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа реиқәыршәаразы анапынҵақәа рысҭоит, ҳтәылауаа зхаҭабзиара ҳараку ахәшәтәратә цхыраара роурц азы. Ари даара акрызҵазкуа хырхарҭоуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы мацара аа-нызқьҩык рҟынӡа ҳҳәынҭқарра атәылауаа Аԥсны анҭыҵ аҽыхәшәтәразы идәықәҵан. Ари ҳауаажәлар Урыстәыла зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара роурц азы алшара рынаҭоит", — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Ажәабжьқәа зегьы
0