Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Аҟәа араион аҟны иҟаз амцакрақәа арцәара шрылшаз

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахы-аҵыхәа абылрақәа рацәан, аха аҵыхәтәантәи хымш рыҩнуҵҟа Аҟәа араион мацара 36 мцакра ыҟан. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.
Ауаа рынхарҭақәа рыкәша-мыкәша идрыцқьоит, еилкаауп ааԥынтәи русқәа ҟарҵоит, аха ашәарҭара атәы иазхәыцӡом иҳәеит Кәыҵниа.
Аԥсны иахьаҵанакуа абылра иаҿу абнарақәа рҵакыра — 500 гектар ыҟоуп ҳәа иҳәахьан аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра анапхгаҩы и.н. Лев Кәыҵниа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0