Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи "Нарҭ" Ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа хада иаиааит

© Sputnik / Томас ТхайцукСупер-кубок Абхазии по футболу 2025 год
Супер-кубок Абхазии по футболу 2025 год  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аҟәатәи "Нарҭ" Ашьапылампыл азы Аԥсны ахраҿа хада иаиааит, ҵыԥх уи згаз "Ерцахә" аҵарханы. Ахәмарра аамҭа хада хыркәшан еиҭахарала — 0:0. Аӡбаҩ 15-15 минуҭ ҩ-таимк рзациҵеит.
Иацҵаз аамҭа анҵәара 10 минуҭк шагыз, "Нарҭ" ахәмрыҩ Алан Кәыҵниа ампыл амба иҭаиршәит, ахәмарра нҵәарц минуҭк шагыз ерцахәаагьы ампыл ҭадыршәит — 1:1 ҟалеит.
Ахраҿа хада аԥеиԥш ӡбан ахәмарра ашьҭахьтәи апенальтиқәа рыла. "Нарҭ" ахәмарыҩцәа "Ерцахә" амба ԥшьы-мпылк ҭадыршәит, "Ерцахә" акоманда — хԥа. Ахәмарра мҩаԥысуан аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы.
Аԥсны Ашьапылампыл азы ахраҿазы раԥхьаӡатәи ахәмарра мҩаԥысит 1996 шықәса рзы. Усҟан аиааира агеит очамчыратәи "Ерцахә". Уи аахыс уаҳа зныкгьы уи имаиааицызт. "Нарҭ" Аԥсны Ахраҿа хада 10-нтә иаиааихьан иахьанӡа.
Ажәабжьқәа зегьы
0